en
Feedback
Sputnik Аԥсны

Sputnik Аԥсны

Open in Telegram

Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал

Show more
566
Subscribers
+124 hours
-17 days
-330 days

Data loading in progress...

Attracting Subscribers
June '26
June '26
+5
in 3 channels
May '26
+17
in 8 channels
Get PRO
April '26
+11
in 4 channels
Get PRO
March '26
+5
in 8 channels
Get PRO
February '26
+16
in 5 channels
Get PRO
January '26
+11
in 4 channels
Get PRO
December '25
+30
in 7 channels
Get PRO
November '25
+12
in 11 channels
Get PRO
October '25
+9
in 6 channels
Get PRO
September '25
+18
in 7 channels
Get PRO
August '25
+12
in 5 channels
Get PRO
July '25
+11
in 4 channels
Get PRO
June '25
+26
in 5 channels
Get PRO
May '25
+20
in 6 channels
Get PRO
April '25
+23
in 9 channels
Get PRO
March '25
+15
in 3 channels
Get PRO
February '25
+120
in 106 channels
Get PRO
January '25
+153
in 70 channels
Get PRO
December '24
+222
in 90 channels
Get PRO
November '24
+91
in 50 channels
Get PRO
October '24
+14
in 3 channels
Get PRO
September '24
+9
in 5 channels
Get PRO
August '24
+262
in 6 channels
Get PRO
July '240
in 4 channels
Get PRO
June '24
+24
in 5 channels
Date
Subscriber Growth
Mentions
Channels
13 June+1
12 June+2
11 June0
10 June0
09 June0
08 June0
07 June0
06 June+1
05 June0
04 June0
03 June+1
02 June0
01 June0
Channel Posts
Ареспубликатә мҩаду арыцқьара иаҿуп АҬ "Ԥсоу" инаркны Гагра араион иахьаҵанакуа аҟынӡа. Аусурақәа иадԥхьалоуп араион ақыҭақәа рхадарақәа русзуҩцәа. Араион ахадара апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа хаҭала хылаԥшра аиҭоит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Карен Киулиан.

2
Аԥсни, Адыгеиеи, Чечентәылеи рҟынтәи арҿиаратә коллективқәа злахәыз аныҳәатә концерт ала ихыркәшахеит Кавказ ажәларқәа ркульт
Аԥсни, Адыгеиеи, Чечентәылеи рҟынтәи арҿиаратә коллективқәа злахәыз аныҳәатә концерт ала ихыркәшахеит Кавказ ажәларқәа ркультура иазкыз афорум "Лыхны". Асасцәа рҿаҧхьа дықәгылеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Иара иазгәеиҭеит Лыхнашҭа Аԥсны жәлар рдоуҳатә ԥсҭазаараҿы аҭыԥ ҷыда шааннакыло, уи акзаара иасимволны ишыҟоу. Абраҟоуп атәыла аинтересқәа рыхьчаразы жәлар реизарақәа ахьымҩаԥыргоз, 1992 шықәсазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи аизара дугьы ара имҩаҧган ҳәа азгәеиҭеит Гәынба. Атәыла ахада ҷыдала иазгәеиҭеит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи Аԥсны ахьчаразы хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рлагала. Гәынба иажәақәа рыла, Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа аиҧш зеиҧшу рԥыларақәа ԥхьаҟагьы имҩаԥгахоит, урҭ аимадарақәа рырӷәӷәареи аусеицуразы алшара ҿыцқәа рзаҧнаҵоит.
29
3
Бадра Гәынба Кавказ ажәларқәа ркультура иазку афорум "Лыхны" аҟны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла еихшаз аҭыҧқәа дырҭааит. Аҳәынҭ
Бадра Гәынба Кавказ ажәларқәа ркультура иазку афорум "Лыхны" аҟны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла еихшаз аҭыҧқәа дырҭааит. Аҳәынҭқарра ахадеи Нхыҵ-Кавказтәи жәлар рнапкымҭақәа рызҟазацәеи иареи еибадырит, аԥсуа ԥҳәыс лкәадыр иазкыз аекспозициа, абџьарқәа рцәыргақәҵа дырҭааит, иара убас аалыҵқәа ргьама ибеит. Иара убас Гәынба даҭааит аԥснытәи амодельерцәа русумҭақәа дырбара. Аҳәынҭқарра ахада дицын иҧшәмаҧҳәыс Ирма Ҳашыгҧҳа.
30
4
Аԥсны адемографиатә политика ашьақәыргыларазы — аҭаацәа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәара хымԥадоуп, абри атәы лҳәеит Аԥсуаҭҵааратә и
Аԥсны адемографиатә политика ашьақәыргыларазы — аҭаацәа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәара хымԥадоуп, абри атәы лҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы еиҳабы Асҭанда Ҳашԥҳа. Аҵарауаҩ Аԥсны ауааԥсыра рыхшарауратә шьақәгылақәа рзы áзҵаараҭҵаара мҩаԥылгеит. Уи алкаақәа дрылацәажәеит афорум "Адемографиатә хҭысқәа рҿы ихадоу атрендқәа: апроблемақәеи аӡбарақәеи" аҟны. "Аԥсны адемографиатә политика ашьақәыргыларазы, ҳаиҳабыра азхәыцроуп анхарҭа ҭыԥқәа рыла аҭаацәарақәа реиқәыршәара. Иҳамоу апрограммақәа азхаӡом", — ҳәа лыԥхьаӡоит лара. Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы. #social
26
5
Бадра Гәынба Кавказ ажәларқәа ркультура иазку афорум "Лыхны" даҭааит. Аҳәынҭқарра ахада иҿаԥхьа иқәгылеит амилаҭтә спорт хкқә
Бадра Гәынба Кавказ ажәларқәа ркультура иазку афорум "Лыхны" даҭааит. Аҳәынҭқарра ахада иҿаԥхьа иқәгылеит амилаҭтә спорт хкқәа руак — аҽы иақәтәаны ахыци ахәымпали рыла ахысра еиҭашьақәзыргыло аҽыуаа. Аспортсменцәа рыбжьара дыҟоуп аҽыуаҩ қәыԥш Кира Ҭраԥшьҧҳа. Аԥҳәызба аҽы дақәтәаны ахыци ахәымпали рыла данхысуаз "ацәҟьа" иҭалыршәит, уи атәыла ахада даараӡа иџьеишьеит. Бадра Гәынба аспортсменцәа рҿаԥхьа иқәдыргылаз амилаҭтә традициақәа реиҭарҿиара акрызҵазкуа усны ишыҟоу азгәеиҭеит, иара убас аҽыуаҩ ақәҿиарақәа лзеиӷьеишьеит.
29
6
III Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Евразиа-Кинофест" хацыркхеит Шәача. Аусмҩаԥгатә еизнагеит акиноиндустриа, амузыкатә ҟазара рхаҭарнакцәа, иара убас Европа, Азиа, Латинатәи Америка, Африка рҟынтәи абизнесуааи аполитикцәеи. Акинофестиваль иалахәуп аԥснытәи аделегациа. Афестиваль мҩаԥыслоит рашәара 19 рҟынӡа. Аицлабратә хәҭа 20 номинациа еиднакылоит. Аартра шымҩаԥысуа шәахәаԥшыр ҟалоит ҳдаҟьақәа ВКонтакте, Rutube, иара убас Sputnik асаит hҟны. #social
29
7
Аԥсны ауааԥсыра ахшара рацәа иашьҭоуп, уи — гәахәароуп лҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы еиҳабы Асҭанда
Аԥсны ауааԥсыра ахшара рацәа иашьҭоуп, уи — гәахәароуп лҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы еиҳабы Асҭанда Ҳашԥҳа, имҩаԥылгаз áзҵаараҭҵаара ахҳәаа аҭо. Аҵарауаҩ "Аԥсны ауааԥсыра рыхшарауратә шьақәгылақәа" атемала ажәахә лыманы Екатеринбург имҩаԥысуаз Уралтәи адемографиатә форум аҟны дықәгылеит. "Милаҭла еилых ҟамҵакәа, сзазҵааз зықьҩык инареиҳаны Аҧсны ауааҧсыра ахшарарацәа ахьырҭаху гәахәароуп", — лҳәеит Ҳашҧҳа. Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы еиҳабы имҩаԥылгаз áзҵаараҭҵаара илнарбаз алкаақәа ртәы дазааҭгылеит. #social
111
8
Ҵәык азна акәац иқәым, ҳәызбеи кәаци еиқәихуам, зкәац ужәыр, зтәан еиламгыло — рҳәоит аԥсуаа. Аԥсуа чеиџьыка акәаци абысҭеи р
Ҵәык азна акәац иқәым, ҳәызбеи кәаци еиқәихуам, зкәац ужәыр, зтәан еиламгыло — рҳәоит аԥсуаа. Аԥсуа чеиџьыка акәаци абысҭеи рыда ухаҿы иузаагом. Акәац аишәа гәылзырҭәаауа, ауаҩы игәы зырҭәуа, ишьамхы зырӷәӷәо акакәны иҟоуп. Акәац ажәаԥҟақәеи, жәлар разгәаҭарақәеи, иара убас аԥхыӡқәа рдунеи аҟны ишаарԥшу атәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа. "Акәац ахәаҭахәаҭаҳәа иахьыжәуа убазар" — шәаԥхьарц ишәыдаагалоит. #social
1
9
Аԥсны алахәхоит III Жәларбжьаратәи акинофестиваль"Евразиа Кинофест". Аусмҩаԥгатә иахьа Шәача ақалақь аҿы имҩаԥгахоит. Уи еизнагоит акиноиндустриа, амузыкатә ҟазара рхаҭарнакцәа, иара убас Европа, Азиа, Латинатәи Америка, Африка рҟынтәи абизнесуааи аполитикцәеи. Аԥснытәи аделегациа аилазаара иалоуп — Аԥсуа телехәаԥшра апродиусер, Аԥсны ахада иабжьгаҩ, апремиа "Евразиа" аексперттә хеилак алахәыла Белла Агрԥҳа, Ражден Гәымба ихьӡ зху аԥснытәи аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩы Альдона Цкәуаԥҳа, актиор, арежиссиор, Аԥсны акультура аминистрра акинематографиа аҟәша анапхгаҩы Ҭеимураз Ҭаниа. Цкәуа афестиваль аартра иазку аныҳәатә церемониа далахәхоит, Ҭаниа ажәахә змоу иаҳасабала дықәгылоит. 🖇 2024 шықәсазы Москва имҩаԥысыз раԥхьатәи афестиваль "Евразиа Кинофест" "иреиӷьу арежиссиор" ҳәа далкаан аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа. Афестиваль аԥҵоуп АНО "Евразиа" аԥшьгарала, уи хықәкыс иамоуп жәларбжьаратәи акультуратә еимадарақәа рырҭбаара ацхраара.
32
10
Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәгылоу аҭҵаарадырратә усумҭақәа алкаауп. Аҳәынҭкомиссиа аӡбрала инашьҭ
Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәгылоу аҭҵаарадырратә усумҭақәа алкаауп. Аҳәынҭкомиссиа аӡбрала инашьҭыз аусумҭақәа зегьы аицлабрахь иалкаауп: ▫️ "Аԥсуа традициатә динхаҵара" — Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт апремиа аиуразы иқәнаргылеит Валери Бигәаа имонографиа. ▫️"Нарҭаа ирыхҳәаау аԥсуа епос" — Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟынтәи инашьҭуп аԥсышәала иҩу Зураб Џьапуа имонографиатә ҭҵааамҭа. ▫️ "Аԥсны аҩныҵҟа ахалашьақәыргыларатә фымцатә хыҵхырҭақәа рхархәара аԥеиԥшқәа" — Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҵарауаа ргәыԥ (апремиа аиуразы иқәгылоуп — Едуард Кимкетови Анатоли Марколиеи). 🖇 Иналукааша аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ-кавказҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа иаԥхьахә аиуразы аиндаҭлара хышықәса рахьынтә знык ирыларҳәоит. Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа. Апремиа — 200 нызқьмааҭ. Аихшьаалақәа рылаҳәахоит цәыббрамза 2026 шықәсазы.
33
11
Кавказ ажәларқәа ркультура иазку раԥхьатәи афорум "Лыхны" мҩаԥысуеит иахьа Лыхнашҭа. Афорум еиднакылоит арҿиаратә коллективқәа, жәлар рнапкымҭақәа азҟазацәа, Аԥсни Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәеи рҟынтәи адизаинерцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аҵарауаа. Афорум апрограммаҿы — аиармаркеи, аекспозициақәеи, афотоцәыргақәҵақәеи, алекториақәа, астол гьежьқәа, аҽырхәмаррақәа, амилаҭтә хәмаррақәа, аԥснытәии кавказтәи адизаинерцәеи рмилаҭтә ҵкқәа рколлекциа арбара, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит апроект автор Сариа Маршьанԥҳа. Аусмҩаԥгатә хыркәшахоит аԥснытәи аколлективқәеи, иара убас Чечентәылатәи Ареспублика аҳәынҭқарратә академиатә акәашаратә ансамбль "Ваинахи", Адыгеиа Ареспубликеи "Адыгеиеи" злахәу аконцерт ала. Аиҿкааҩцәа — АНО "Аԥсуа сезонқәа", акультура-усутә платформа "Гәыма". Аусмҩаԥгатә еиҿкаауп атәыла ахадеи аиҳабыреи, Аԥсны акультура аминистрреи, атуризм аминистрреи, Урыстәыла ахада игрантқәа рфонди рыцхыраарала.
31
12
Урыстәыла Атеатр маҷ артистцәа игәарҭеит ҳәа сгәы иаанагоит — ҳтәылаҿы аурыс классика иазҿлымҳау, атеатртә ҟазара ахә зшьо ах
Урыстәыла Атеатр маҷ артистцәа игәарҭеит ҳәа сгәы иаанагоит — ҳтәылаҿы аурыс классика иазҿлымҳау, атеатртә ҟазара ахә зшьо ахәаԥшцәа шыҟоу ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа. Урыстәыла атеатр маҷ Николаи Гоголь ипиеса иалху аспектакль "Аԥҳәысҳәара" ҩынтәны иддырбеит РУСДРАМ асценаҿы. "Акыраамҭа снанагап сгәахәуеит "Аԥҳәысҳәара" иснаҭаз агәахәара, насгьы акыр сзызҿлымҳаз актриса Муравиова лцәырҵра ацклаԥшра ахьысқәашьхаз…", —ҳәа лыҩуеит лара, Коӷониаԥҳа лымкаала дазхьаԥшит, асцена аҟынтәи илаҳауаз аурыс классик Гоголь ибызшәа. Атеатр маҷ аҿы уи абырҵкал икылхны изызнеиуа зҵаараны ишыҟоу убоит ҳәа азгәалҭеит. Атеатр бзиа избо рзы: Урыстәыла Атеатр маҷ агастрольқәа рызхәыцра — шәаԥхьарц ишәыдаагалоит #social
120
13
Урыстәыла атеатр маҷ Николаи Гоголь ипиеса иалху аспектакль "Аԥҳәысҳәара" ҩынтәны иддырбеит РУСДРАМ асценаҿы. Ақәыргыламҭа ах
Урыстәыла атеатр маҷ Николаи Гоголь ипиеса иалху аспектакль "Аԥҳәысҳәара" ҩынтәны иддырбеит РУСДРАМ асценаҿы. Ақәыргыламҭа ахәаԥшцәа азҿлымҳан, атеатр кәапеишәа иҭәын. РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, агастрольқәа рызҿлымҳара — аԥсуа хәаԥшҩцәа рыбжьара аурыс классика аҭаххара шыҟоу шьақәнарӷәӷәоит. "Ари атеатр актиорцәеи аспектакль ссирқәеи, атрадициа ҵаулақәеи амоуп. Аклассика атеатр, аклассикатә театртә ҭынха ахьчара аинтерес аҵоуп, уи иахьа Урыстәыла адагьы, Аԥсынгьы иаҭахуп. Уи иҳанаҳәоит ҳахәаԥшҩгьы, ҳаԥсуа культурагьы — аурыс классика ргәы шазыбылуа", — иҳәеит иара. Аспектакль иаҭааит аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш Урыстәыла ақалақьқәа рҟынтәи асасцәагьы. Рашәара 13,14 рзы ахәаԥшцәа ирыдыргалоит Николаи Гоголь икомедиа "Ахәмарҩы". 🖇 Агастрольқәа мҩаԥысуеит Урыстәыла Акультура аминистрреи "Росконцерти" рыпрограмма "Агостроль дуқәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
36
14
Амуниципалбжьаратә усеицура аҿиара иалацәажәеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡеи Тамбов ахада Максим Косенкови. Аус з
Амуниципалбжьаратә усеицура аҿиара иалацәажәеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡеи Тамбов ахада Максим Косенкови. Аус зуа акультуратә, аҵаратә, аспорттә проектқәа рыдагьы аекономикеи атуризми рҿы аинырра арӷәӷәара ргәы ишҭоу азгәарҭеит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура. Аиԥылара иалахәын Г.Р. Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет ахаҭарнакцәеи еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла иреиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәеи — ахаԥыцхәышәтәреи ахәшәтәратә уси инадыркны абаҩрҵәыра аҟынӡа. ТАУ Аԥсны афедералтә проект "Ауниверситеттә сменақәа" аҽаланархәырц азы ажәалагала ҟанаҵеит. Ари аԥхынразы Тамбовҟа аҵаратә программақәа рылахәхаразы ицар рылшоит аԥснытәи ашколхәыҷқәеи, аколлеџьқәа рыстудентцәеи, арҵаҩцәеи. Аделегациа амемориал "Иҿымцәаауа амца" амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит, иара убас ақалақьқәа рыбжьара ԥхьаҟатәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Тамбовтәи ақалақьтә Дума адепутатцәеи дареи реиԥылараан.
33
15
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 177 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Адронқәа ҭадырхеит Астрахантәи, Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Волгоградтәи, Курсктәи, Новгородтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Смоленсктәи, Твертәи аобластқәа рҿы. Иара убас аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҭархан Краснодартәи атәылаҿацәи, Москватәи арегионқәеи, Ҟрыми, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни инархыкны.
27
16
Зқьҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа Аԥсны Аҵара аминистрра апартниорцәа рыцхыраарала еиҿнакаауа алагерқәа рҭаара рылшоит. Ԥхынгәы
Зқьҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа Аԥсны Аҵара аминистрра апартниорцәа рыцхыраарала еиҿнакаауа алагерқәа рҭаара рылшоит. Ԥхынгәы 1 инаркны Асоциалтә бгаԥса афонд ацхыраарала, Очамчыратәи ашкол-интернати Гагратәи алицеи-интернати рҿы алагерқәа аартхоит. Ԥхынгәы анҵәамҭазы Аҟәа, Ӡиӡариа ихьӡ зху алицеи-интернат аҿы арра-патриоттә лагер аартхоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа. Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистррақәа Урыстәылатәи агәыҳалалратә фонд "Сҭоурых" ацхыраарала нанҳәамза алагамҭазы даҽа лагерк аусура иалагоит. Уи 200-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа аднакылар алшоит. "Ари алагер аҵаратә программақәа рыла еиҿкаауп, ашколхәыҷы идунеихәыԥшышьа арҭбаара, иҟазшьақәа азыԥшаара уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ишьақәгылоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Қәҭелиа.
26
17
АӠЫ АМЧ УОУААИТ! Дындык-иԥа Ҭасқәала аԥсхыхра даҿуп, уажәы-ушьҭан ҳәа идтәалоуп. Илақәа аахитцԥхьаӡа – "Ах, сара рыцҳа! Абырж
АӠЫ АМЧ УОУААИТ! Дындык-иԥа Ҭасқәала аԥсхыхра даҿуп, уажәы-ушьҭан ҳәа идтәалоуп. Илақәа аахитцԥхьаӡа – "Ах, сара рыцҳа! Абыржәы Мҩаԥа аӡыхь ҵәыцак зыԥсоузеи. Ҵәыцак азна аӡыхь ыжәны сыԥсыр, џьаннаҭ сца иаҩызамзи", – иҳәон. Мҩаԥа аӡыхь Дауы ашьапаҿы џьара иҵҵуеит. Аԥхын ихьшәашәаӡа илеиуеит, аӡын иҭабуеит. Ҭасқәала шьха ныҟәаҩын. Ашьха данцалоз ари аӡыхь ижәлон. Уажәы ӡынроуп, аӡыхь абаҟоу, аха Ҭасқәала деилаҳаит. Аха уаҳа умԥсит, аӡыхь аазгуада. Ус, Ҭасқәала дшыҟоу назбап ҳәа Мамсыр дааит. – Ушбаҟоу Ҭасқәала? – ҳәа днаихагылан, аха ачымазаҩ ииҳәац акәын ииҳәоз. – Мҩаԥа аӡыхь, ҿамҩак иадамхаргьы, снахәаны сыԥсыр, – иҳәан, аҭӡамцахь иҿы рханы диеит. – Ааит иҷкәынцәа, алақәа шәықәчхәрааит, шәаб Мҩаԥа аӡыхь шиҳәауа дшәырԥсуама!? – иҳәеит. Ҭасқәала ихы наиқәикын – Ҭасқәала, акы уацәымшәан. Адәаҿы шә-усык еихыларгьы, уаҵәы ашьыжь Мҩаԥа аӡыхь сыманы ара сыҟоуп, – иҳәан дындәылҵит. Ашьыжь лбаа арха алаӷырӡ еиԥш ицқьаӡа иҵҵуа Ҟыгәа иӡыхь аҿы днеин, ԥҳалк азна ааитан, Мҩаԥа аӡыхь узаазгеит, хәарҭас Анцәа иуиҭааит иҳәан, дааҩнашылеит. Ҭасқәала рыцҳа ҵәыцак аҟарагьы дааҵашьшьы аӡыхь ижәит. Уи ашьҭахь акры аамҭагьы Ҭасқәала иԥсы ҭан. Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҳәамҭақәа рҟынтә. Автор, аиқәыршәаҩ Владимир Аҩӡба ▫️Мҩа́ԥа ашәарыцаратә бызшәала ицәажәоит "аӡы́ԥа" ҳәа, амиа́ // амҩа́ — аӡы 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
16
18
Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәеи ирыбжьоу аԥхарреи — ажәлар ирыдыркылаз усусуп, уи ԥхьаҟа еиҳагьы аҽамырҭбаауазар, еиҵахом ҳәа игәаанагара арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ауаажәларратә усзуҩы, "Ахьтәы Парламент" адепутат Давид Ԥилиа. Ҳаамҭазы адунеиаҿ аполитикатәи аекономикатәи ҭаагылазаашьа уадаҩ шыҟоугьы, Арратә операциа ҷыда шымҩаԥысуагьы — Урыстәыла "ахаҿы" ацәымӡит ҳәа азгәеиҭеит иара. Ԥилиа дазааҭгылеит, Урыстәыла иахьа адунеиатә политикаҿ иааннакыло аҭыԥ, инанагӡо ахықәкы, Аԥсны азы уи апозициа ҵакыс иамоу, насгьы лшарақәас иазцәырнаго ртәы. "Ҳара ҳҳәынҭқарра аиқәырхареи ахьчареи ҳҭахызар, зегьы ҳасаб рзуны ҳрызҿлымҳазароуп", — иҳәеит иара. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит абра. 📎 Урыстәыла амш – есышықәса рашәара 12 рзы иазгәарҭоит РСФСР аҳәынҭқарратә суверенитет Адекларациа анрыдыркылаз амш аҽны.
33
19
Ахәаԥшҩы атеатр ддәылҵны данцо, ма хьаак, ма гәахәара дуӡӡак ицны дҟалар, атеатр ахықәкы нанагӡеит уҳәар алшоит ҳәа лыԥхьаӡоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа. Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр италиатәи адраматург Едуардо де Филиппо ипиеса "Филумена Мартурано" иалхны аспектакль иқәнаргылаз дахцәажәо Коӷониаԥҳа иазгәалҭеит арҿиамҭа аԥсуаа акырӡа ишырзааигәоу. "Италиатәи амотивқәа аԥсуаа ҳаԥсабара акыр иазааигәоуп, убри акәхап, ианакәзаалакгьы ҳтеатр асценақәа рҿы ицәырҵуа арҿиамҭақәа ҳахәаԥшҩы ԥсыуа рҿиамҭоушәа изидикыло", — ҳәа лыҩуеит лара. Даараӡа имасырҽхәар сҭахуп арежиссиор Шлиапин ақәыргыламҭа. Избан ҳәа шәҵаауазар, ахәаԥшҩы "иҭра дыҭзырҟьоз", игәы еихьызшьуаз акгьы имхәыцӡеит, арежиссиор ихәшьадит ҳгәы зырцыхцыхуаз, асцена архиашьалеи уи иадигалаз имыцхәцәам асценографиеи стильла иаамысҭашәаны ҳәа азгәалҭуеит. Ақәыргыламҭа иазку аколумнист лгәаанагара — шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.
28
20
🎪Аԥсны иаҭааит "Ацирк лаԥшхырԥага". Аҟәа ихацыркхеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә цирк Шәачатәи аҟәша агастрольқәа. Уи нанҳәамза анҵәамҭанӡа имҩаԥыслоит, аԥхынра зегьы иалагӡаны 30 қәгылара мҩаԥгахоит. Шәачатәи аҳәынҭқарратә цирк анапхгаҩы Наталиа Шульгт лажәақәа рыла, "Ацирк лаԥшхырԥага" апрограмма шьақәгылоуп аекзотикатә ԥстәқәеи, акробатикатә қәгыларақәеи, ажонглиорцәеи рыла. Ацирктә артистцәа урыстәылатәии жәларбжьаратәии афестивальқәа ирлоуриатцәоуп. "Ацирк еснагь илаԥшхырԥагоуп, еснагь гәырӷьароуп, иҳәамкәа иаанхо акы ауп. Сгәанала, иахьатәи ҳпрограмма ахәаԥшцәа ргәы иаахәоит", — ҳәа лҳәеит лара. 📎 Шәачатәи ацирк "Еҵәаџьаа гәымшәақәа" ҳәа изышьҭоу агастрольқәа Аԥсны имҩаԥыргеит 2025 шықәса рашәара 14 инаркны цәыббра 21-нӡа. Ирҭииз абилеҭқәа рыхә 14,2 млн мааҭ Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә цирк Нестор Лакәаба иҩны амузеи ианаҭеит.
26