Sputnik Аԥсны
Kanalga Telegram’da o‘tish
Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
Ko'proq ko'rsatish572
Obunachilar
Ma'lumot yo'q24 soatlar
Ma'lumot yo'q7 kunlar
+330 kunlar
Ma'lumot yuklanmoqda...
O'xshash kanallar
Taglar buluti
Ma'lumot yo'q
Muammo bormi? Iltimos, sahifani yangilang yoki bizning qo'llab-quvvatlash boshqaruvchimizga murojaat qiling>.
Kirish va chiqish esdaliklari
---
---
---
---
---
---
Obunachilarni jalb qilish
Avgust '26
Avgust '26
+11
19 kanalda
Iyul '26
+12
11 kanalda
Get PRO
Iyun '26
+11
8 kanalda
Get PRO
May '26
+17
8 kanalda
Get PRO
Aprel '26
+11
4 kanalda
Get PRO
Mart '26
+5
8 kanalda
Get PRO
Fevral '26
+16
5 kanalda
Get PRO
Yanvar '26
+11
4 kanalda
Get PRO
Dekabr '25
+30
7 kanalda
Get PRO
Noyabr '25
+12
11 kanalda
Get PRO
Oktabr '25
+9
6 kanalda
Get PRO
Sentabr '25
+18
7 kanalda
Get PRO
Avgust '25
+12
5 kanalda
Get PRO
Iyul '25
+11
4 kanalda
Get PRO
Iyun '25
+26
5 kanalda
Get PRO
May '25
+20
6 kanalda
Get PRO
Aprel '25
+23
9 kanalda
Get PRO
Mart '25
+15
3 kanalda
Get PRO
Fevral '25
+120
106 kanalda
Get PRO
Yanvar '25
+153
70 kanalda
Get PRO
Dekabr '24
+222
90 kanalda
Get PRO
Noyabr '24
+91
50 kanalda
Get PRO
Oktabr '24
+14
3 kanalda
Get PRO
Sentabr '24
+9
5 kanalda
Get PRO
Avgust '24
+262
6 kanalda
Get PRO
Iyul '240
4 kanalda
Get PRO
Iyun '24
+24
5 kanalda
| Sana | Obunachilarni jalb qilish | Esdaliklar | Kanallar | |
| 28 Avgust | 0 | |||
| 27 Avgust | 0 | |||
| 26 Avgust | +1 | |||
| 25 Avgust | 0 | |||
| 24 Avgust | 0 | |||
| 23 Avgust | 0 | |||
| 22 Avgust | +1 | |||
| 21 Avgust | +1 | |||
| 20 Avgust | 0 | |||
| 19 Avgust | +1 | |||
| 18 Avgust | 0 | |||
| 17 Avgust | +2 | |||
| 16 Avgust | +1 | |||
| 15 Avgust | 0 | |||
| 14 Avgust | +1 | |||
| 13 Avgust | 0 | |||
| 12 Avgust | +1 | |||
| 11 Avgust | 0 | |||
| 10 Avgust | +1 | |||
| 09 Avgust | 0 | |||
| 08 Avgust | 0 | |||
| 07 Avgust | 0 | |||
| 06 Avgust | 0 | |||
| 05 Avgust | 0 | |||
| 04 Avgust | 0 | |||
| 03 Avgust | 0 | |||
| 02 Avgust | +1 | |||
| 01 Avgust | 0 |
Kanal postlari
Ҳаамҭазтәи арҵаратә методикақәа рыла арҵаратә процесс аиҿкаара иазку асеминарқәа рзымҩаԥыргоит арҵаҩцәа.
Абри атәы лҳәеит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, аҵаратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа ареспубликатә еилацәажәараҿы.
Лара лажәақәа рыла, аклассикатә урок ҳаамҭазтәи аметодикақәеи азнеишьақәеи рыла ихарҭәаазароуп.
"Аклассикатә урок иаднакылоит еиуеиԥшым азнеишьақәеи аметодқәеи. Ҳаамҭазтәи аметодқәеи, еиуеиԥшым акеисқәеи, аквестқәеи уҳәа рыла ирбеиоу аклассикатә урок, арҵаҩы инапаҿы зегь реиҳа хра злоу мыруганы иҟалоит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Гәынба аҵаратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит, арҵаҩцәа аҵараҿы азнеишьа ҿыцқәа рыдкылареи рхархәареи ирыцхрааларц.
"Арҵаҩы — еснагь аҵара зҵо уаҩуп", — ҳәа азгәалҭеит аминистр.
| 2 | Аҵаратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа рреспубликатә еилацәажәара хацыркуп ААУ аҿы.
Аиԥылара атема — "Аԥсны аҵарадырра асистема астратегиатә хырхарҭақәа: анапхгара ахаҭабзиара, ааӡара, аинновациақәа".
Аусмҩаԥгатә аҿы дықәгылеит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.
"Хаҭалатәи ҳаибабара, ҳаиқәшәара — ҳус анагӡараҿы даара ицхыраагӡахоит ҳәа иԥхьазаны ари еиԥш иҟоу аизара ду аԥшьган. Иахьеи уахеи иааиԥмырҟьаӡакәа аус ахьеилашуа иалагылоу шәара шәоуп. Шәара шәоуп еиҳа избарҭоу аҵара асистема иамоу аграқәа. Аҵара асистема аусура мҩақәызҵо зегьы ҳҳәоу еиқәымшәар, ҳусура зызку — аҵаҩы аҵара ирҵара, ауаҩы иааӡара ҳақәымҿиар алшоит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Нанҳәамзатәи аилацәажәара ду — аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа зегьы иалагӡаны раԥхьаӡакәны аформат ҿыц ала имҩаԥысуеит.
Аусмҩаԥгатә еизнагеит атәыла аҵаратә еиҿкаарақәа зегьы рнапхгаҩцәа, ашкол аҿиара астратегиатә план рыдыркыларц, аҵарашықәс ҿыц азы арҵара-ааӡаратә процесс аиҿкааразы. | 7 |
| 3 | Гәдоуҭа араион лашарада иаанхеит.
Амшцәгьа бааԥс иахҟьаны, араионаҿ афымцацәаҳәақәа ԥхасҭахеит.
"Амшынеиқәафымцамч" иаанацҳауеит, амш аҭышәынтәалара ашьҭахь, аспециалистцәа хәҭа-хәҭала амаругақәа раҿакреи ахархәаҩцәа лашарала реиқәыршәара инагӡаны аиҭашьақәыргылареи ишрылаго атәы. | 14 |
| 4 | Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 313 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Ростовтәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Ҭаҭарсҭан, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы. | 17 |
| 5 | Аԥсуа бызшәа жәаԥҟала еинҭәылоуп, урҭ рхархәара уажәаҳәа гәылдырҭәаауеит.
Аҵарауаҩ нага Шьалуа Инал-иԥа иҩуан:
"Ажәаԥҟа ԥҟароуп, ахьыршәыгә иаҩызоуп, акы узацҵом, акы узагырхом, ажәакьаҿла исахьаркны аду аҳәоит. Ажәаԥҟақәа рҟны еизыркәкәаны иҟоуп ажәлар рҟәышра, рыхшыҩ ду, ҵҩа змам рыԥсҭазаара, рҭоурыхтә ԥышәа. Урҭ амилаҭтә культуреи, аҟазареи, аҭоурыхи рзы ибаҟа дууп".
Амшын ҵаула иацәымшәо, ацәқәырԥақәа еиҩырффа ԥхьаҟа ицо аӷба ажәаԥҟақәеи аҳәамҭақәеи рҿы ишаныԥшуа шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал "Ацәқәырԥақәа еиҩзырффо": аӷба ажәаԥҟақәеи аҳәамҭақәеи" аҟны.
#social | 27 |
| 6 | Бадра Гәынба Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапынҵа риҭеит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны Дәрыԥшь аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара иалагарц.
Аԥсны ахада Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәыни, акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уи азкын ақыҭа ӡыла еиқәзыршәо, иааидкылан 500 метра инаӡо аӡымҩангага хадақәа ҩба рҿы иҟалаз амашәыр.
Аԥхасҭа ҟалеит нанҳәа 27 рзы ақәаршҩы ӷәӷәа ашьҭахь адгьылҳәазара иахҟьаны. Ӡыда иаанхоит быжь-қыҭаки Гәдоуҭа ақалақь аиҳараки. Ақалақь араионқәак рахь аӡы нарышьҭуеит аамҭа-аамҭалатәи аихшанҵа ала ҳәа адырра ҟаиҵеит Асҭамыр Аргәын.
Демир Гамсаниа атәыла ахада адырра ииҭеи, аспециалистцәа амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ шгәарҭаз, атехника иԥхасҭахаз аӡымҩангагақәа рахь инеирц 300 метра рҟынӡа амҩа рыцқьатәуп ҳәа шышьақәдыргылаз.
Аамҭалатәи ӡбамҭак аҳасабала, иахәаԥшуеит апластикатә ӡымҩангагақәа рышьақәыргылара, анаҩс урҭ аихатәқәа рыла аԥсахра.
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла атәыла ахада анапынҵа ҟаиҵеит, иахәҭоу атехника уаха аҭыԥ ахь инагазарц, шьыжьнаҵы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагарц.
Аҳәынҭқарра ахада имҩаԥгатәу аусқәа шырццактәу иазгәеиҭеит. | 33 |
| 7 | Аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-адыга диаспора ирԥылеит.
Аиԥылара иалахәыз, Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара аҭагылазаашьеи алшарақәеи, иара убас, акультуратә, ахәаахәҭратә, атуристтә усеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
"Ҳара иаҳҭахуп Шьамтәылеи Дамаски инхо ҳашьцәа зегьы ҳавагылазарц. Аԥсуаа, адыгаа, ачерқьесцәа — Шьамтәыла ажәлар зегьы Аԥсны шынхо, ишҿио рбарц", — иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Иара убасгьы иҳәеит, Аԥсны 63-тәи Дамастәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа ишалахәыз атәы, иазгәеиҭеит аԥсуа павильон арҭбаареи уа ицәыргоу атәыла иазку аинформациа аспектри.
Шьамтәыла иҟоу "Адыга Хасе" аиҳабы Хишам Қаҭи адиаспора аиҳабы Фаҳми Чычбеи Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аимадарақәа анаҩстәи рырӷәӷәара ишадгыло рҳәеит, аделегациа рааразы ҭабуп ҳәа рарҳәеит ҳәа аанацҳауеит ареспублика АдәАР.
Шьамтәыла Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Иахиа Ибрагим иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиара аҵак ду шамоу. | 33 |
| 8 | Афестиваль "ШОУАБХАЗИИ" раԥхьатәи амш иасакьаҳәымҭоуп.
Актәи аконцерттә мшы аҩбатәи ахәҭаҿы иқәгылоит аԥсуа артистцәа Мадина Кәарацхьелиа, Леван Ԥхалаӡе, Валериа Делба, Викториа Лабиа, Альдона Цкәуа, иара убас урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа Викториа Чернецова, Алена Ланскаиа, Валериа Чаика.
Аконцерт хыркәшахоит алахәылацәа зегьы еицынарыгӡаран иҟоу ашәала.
Ашәаҳәаҩ, афестиваль амҩаԥгаҩ Леван Ԥхалаӡе аиԥш зеиԥшу афестивальқәа рымҩаԥгара арҿиарала аҩ-жәларык реиҩызара арӷәӷәараҿы аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
Нанҳәа 29 рзы ахәаԥшцәа ирзыԥшуп иреиӷьу аномерқәа еизаку рконцерт, урыстәылатәии аԥснытәи артистцәа рырҿиаратә дуетқәа, афестиваль аркра аҳаҭыр азы афеиерверк зцу ахәылԥазтәи агала-концерт ду.
Асценаҿы иқәгылоит Александр Шьоуеи агәыԥ "Непареи", иара убас, "Земляне", Миа Боика, Валериа Чаика, Викториа Черенцова, Алена Ланскаиа. | 26 |
| 9 | Аԥсуаа рытрадициатә ныҳәақәа ируаку Нанҳәа азгәаҭараан ихадоу аныҳәароуп, шьоукы ргәы ишаанаго аишәархиареи азхарафареи ракәӡам ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Афольклорист игәаанагарала, иахьатәи аамҭаз аныҳәара амҩаԥгара ахықәки аҵаки аҽахьеиҭанакыз ыҟоуп — ирхиоу аишәа афото ҭыхны аларҵәара ахықәы шьҭнахуа иалагар алшоит.
"Аишәа иурхио инаҷыданы, Анцәа иан — нырцәи-аарцәи еимаздо, знапы ҳану, адгьыл аҟны аԥсҿыхыҩ дызхылҵыз, Нырцәгьы иахԥылоу бара боуп ҳәа ҳәатәуп", — иҳәеит аҵарауаҩ.
Арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳаи Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәбеи инарҭбаау реиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.
🖇 Аԥсуаа рытрадициатә ныҳәақәа ируаку, аамҭала Анцәа иан-лаша лылацәеиқәыԥсара амш иақәшәо Нанҳәа азгәарҭоит иахьа Аԥсны.
#social | 29 |
| 10 | Шьамтәыла ахада Аҳмед аш-Шаар иаб Дамасктәи ацәыргақәҵаҿы Аԥсны апавильон даҭааит.
Хусеин аш-Шаара уаанӡа имҩаԥысыз аиԥыларақәа азгәеиҭеит, Аԥсны жәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Хусеин аш-Шаар агәаларшәагатә ҳамҭа ианеишьеит.
Аԥсны апавильон иара убасгьы аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхаҭарнакцәа, Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла Ахәаахәҭратә хаҭарнак Владимир Носковгьы дналаҵаны, аусутә еиԥыларақәа рзы ҭыԥны иҟалеит. Алахәылацәа аҩганктәи аусеицуразы алшарақәеи, иара убас агуманитартәи акультуратәи еимадарақәа рыҿиареи ирылацәажәоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа.
Апавильон асасцәа иддырдыруеит аԥсуа культура, атрадициақәа, амилаҭтә чыс, амузыка. | 28 |
| 11 | Ауаҩшьразы ахара зыдҵоу, ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟынтәи ибналаз Алмасхан Гәымба даанкылоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи русзуҩцәа Гәымба дааныркылеит нанҳәа 28 рзы Гәдоуҭа араион абнаҿы, иара иганахьала апроцессуалтә усқәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит ареспублика Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.
🖇️ Алмасхан Гәымба нанҳәа 14 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟынтәи дыбналеит, уахь иара днаргеит ашьаусеилыргараз аамҭалатәи аанкыларҭа аҟынтәи ахәшәтәразы. Иара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Оҭари Гәымба ишьразы ахара ихигон. Ацәгьоура ҟалеит хәажәкыра 17, 2025 шықәсазы Лыхны ақыҭан.
Аанкылараан Гәымба идырбалеит абџьари аџьаԥҳани. | 29 |
| 12 | Аԥсны ӡырызго астенд ықәдыргылеит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Сибратәи анаука-техникатә библиотека аҟәша аҟны.
Аартра иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа, Жәлар рдипломатиа ацентр адиректор хада, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Дмитри Савельев, абиблиотека ахаҭарнакцәа.
"Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә библиотекаҿы ари астенд аартра ҳара ҳзы акырӡа зҵазкуа хҭысуп — уи ҳажәларқәа, ҳкультурақәа, ҳдоуҳатә беиара еиднаҳәалоит", — ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
Иара абиблиотека аколлектив ааԥхьара ахьыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, ԥхьаҟатәи аусеицура арӷәӷәаразы агәыӷрагьы ааирԥшит.
Астенд Урыстәыла иреиҳау абиблиотекақәа руак аҿы иқәыргылоуп, аҭааҩцәа Аԥсны аҭоурыхи, аҭҵаарадырреи, акультуратә ҭынхеи дырдырра иазырхоуп ҳәа аанацҳауеит "Аԥсадгьыл-инфо". | 26 |
| 13 | Аԥсни Урыстәылеи ркультурақәа рфестиваль "ШОУАБХАЗИИ" мҩаԥысуеит Аҟәа аԥшаҳәаҿы.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драмтеатр аҿаԥхьа асценаҿы иқәгылоит Аԥсни Урыстәылеи ҿыц арҿиара зҽалазгало артистцәа, ахәыҷтәы, аҿартә жәлар рколлективқәа.
Иара убасгьы, афестиваль апрограммаҿы иалахәуп аестрадатә шәаҳәаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә асааҭ 20:30 рҟынӡа имҩаԥыслоит, уаҵәы афестиваль ахыркәшаратә мшы еиҿкаахоит. | 25 |
| 14 | Аԥснытәи аделегациа Новосибирсктәи аобласт ахь раара аихшьаалақәа ҟарҵеит ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанбеи агубернатор Андреи Травникови.
Нанба аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аиԥыларақәа дрылацәажәеит, аилахәыра S7 аҟәша анапхгаҩцәеи аԥсуа дареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа алкааны иазгәеиҭеит.
"Даара хра злоу еиԥылароуп, агәра ҳдыргеит иааиуа асезон аламҭалаз, Новосибирск-Аҟәа иааиԥмырҟьаӡакәа ареис абжьаҵахар шалшо азы. Ҳара ҳзы уи акырӡа аҵанакуеит, Новосибирск ауааԥсыра рзгьы уи даара иманшәалахоит ҳәа сгәы иаанагоит", — азгәеиҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.
Иара убасгьы, Нанба дрылацәажәеит новосибирсктәи аҵараиурҭақәа рхадацәа рԥыларақәеи "СКИФ" аҭаареи.
Агубернатор иакәзар, аԥсуа ган ҭабуп ҳәа реиҳәеит, Новосибирсктәи аобласти Аԥсни русеицура арҿиара ишазыхиоу азгәеиҭеит. | 26 |
| 15 | Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә культура раԥхьатәи жәларбжьаратәи афестиваль "ШОУАБХАЗИИ" аатит Аҟәа.
Уи Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш иазкуп, аидеиатә гәацԥыҳәаҩы — Аԥсни Урыстәылеи Зҽаԥсазтәыз артист Александр Шьоуа.
Афестиваль мҩаԥысуеит нанҳәа 28-29 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драмтеатр аҿаԥхьа. Актәи амш азы имҩаԥгахоит Урыстәылеи Аԥсни рхәыҷтәи рҿартәи аколлективқәа рықәгыларақәа. Ахәылԥаз хыркәшахоит алахәылацәа зегьы еицырҳәаран иҟоу ашәалеи уахынлатәи акино рыла.
Апроект алахәылацәа хадақәа — Александр Шьоуеи агәыԥ "НЕПАРА", агәыԥ "Земляне", Миа Боика, Валериа Чаика, Викториа Черенцова, Алена Ланскаиа. Аԥснынтәи афестиваль иалахәхоит Саида Агрԥҳа, Саида Габниԥҳа, Альдона Цкәуа, Мадина Кәарацхьелиа, Викториа Лабиа, Хьыбла Мықәба, Нарсоу Абыхәба, Авто Конџьариа, Леван Ԥхалаӡе, Абзагә Ҵәыџьба, Валериа Делба.
Аконцерттә программа адагьы, асасцәа ирзыԥшуп асахьаҭыхыҩцәеи анапҟазацәеи рцәыргақәҵақәа, амилаҭтәи ҳаамҭазтәи амаҭәа арбарақәа, акәашаратәи арҿиаратәи аҟаза-килассқәа, арт-ҵакырақәа, атематикатә фотозонақәа.
Ҩымш имҩаԥысуа афестиваль 600-ҩык артистцәа, амузыкантцәа, арҿиаратә коллективқәа рхаҭарнакцәа, асахьаҭыхыҩцәа, адизаинерцәа, жәлар рнапкымҭақәа рҟазацәа еиднакылоит.
Апроект мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Апрезиденттә фонд ацхыраарала. | 29 |
| 16 | Арҵаратә проект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" иацҵахоит.
Абри атәы иҳәеит Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥснытәи амедиаусзуҩцәа злахәу,Подмосковие имҩаԥысуа Амедиа ҿыцқәа рфестиваль алахәылацәа рахь иҟаиҵаз авидеоааԥхьараҿы.
"Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа апрограмма ҳпартниорцәа ртәылақәагьы амҽханакуеит. Сеигәырӷьоит ари апрограмма шьахәла иахьымҩаԥысыз Аԥснытәи амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа алахәылацәа араҟа рбара. Уаҟа уажәы аҩбатәи асезон аусура ахацыркра рҽазыҟарҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит Кириенко.
🖇️ "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи асезон хыркәшан сынтәатәи ааԥынразы. Уи рхы аладырхәит 50-ҩык ареспублика амедиаспециалистцәа. Алахәылацәа аус рыдырулеит Аԥсны акультуреи атрадициақәеи, атуризми аҭҵаарадырреи ирызку апроектқәа. 14 проект аресурстәи аексперттәи цхыраара роуит. | 31 |
| 17 | Аԥснытәи аделегациеи новосибирсктәи "Академпарк" анапхгареи русеицуразы алшарақәа ирылацәажәеит.
Атехнопарк адиректор хада Дмитри Верховод аԥсуа специалистцәеи дареи рԥышәеимдара ишазыхиоу атәы иҳәеит.
Ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иԥылараа, аԥсуа специалистцәа атехнопарк алшарақәа рыҭҵааразы "Академпарк" ахь рынашьҭра азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аделегациа алахәылацәа рзы акомплекс аҿы аекскурсиа мҩаԥыргеит, уи аԥҵара аҭоурых иалацәажәеит, иуникалтәу анаука-технологиатәи аусугатә инфраструктуреи ддырдырит.
🖇️ "Академпарк" — Новосибирсктәи Академгород аҿы аҵарауаа, анџьнырцәа, анаплакыҩцәа рыхшыҩҵакқәа рынагӡара рыцхырааразы иаԥҵоу анаука-технологиатә комплекс дууп. | 36 |
| 18 | Аԥсны аҳәынҭԥсахразы ахара здырҵоз аблогер Даур Буаа Қарҭ дыԥсны дырбеит.
"Аблогер Даур Буаа Қарҭ ауаҭах аҿы дыԥсны дрыԥшааит. Амзыз уажәазы еилкаам, аха Даур Буаа мышқәак раԥхьа иԥсҭазаара далҵит ҳәа агәаанагара ыҟоуп", — ҳәа аҳәоит ақырҭуа маҵзура Интерпрессниус анҵамҭаҿы.
Қырҭтәыла АҩАР аинформациатә маҵзурахьы инанацҳаит аусҭҵаара шымҩаԥысуа аҽшьра аҟынӡа анагаразы ахәҭаҷ ала.
🖇️ 2022 шықәса рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Тҟәарчал ииз Даур Буаа иганахьала ашьаус хацнаркит, аҳәынҭқарратә ԥсахразы гәҩарас дҟаҵаны. Буаа асоциалтә ҳа TikTok аҿы икьыԥхьуан Қырҭтәыла аконституциаҿы азинтә статус шьақәырӷәӷәаны, Аԥсны автономтә республикак аҳасабала уи адлара ааԥхьара зныз авидео.
Буаа изныкымкәа Урыстәыла ашьаустә ҭакԥхықәра дадрыԥхьалахьан, азеиԥш режим иаҵанакуа ашьақәыргыларатә колониаҿы аҿҳәара ихигахьан. | 33 |
| 19 | Аколлективтә хархәара ацентр "СКИФ" Аԥснытәи аҵарауаа аус рыцура иазхиоуп.
Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит ацентр ахаҭарнакцәеи ареспублика аҟынтәи аделегациа, акомплекс аҿы аекскурсиа анымҩаԥыргоз.
Аԥсуа делегациа аинтерес рызцәырнагеит иҟалар зылшо аусеицура.
🖇️ Сибратәи афотонқәа акальци хыҵхырҭа (СКИФ) — Новосибирсктәи аобласт аҿы иҟоу, адунеи аҿы зегь реиҳа зымчхара ӷәӷәоу асинхротронқәа ируакуп. Уи иалнаршоит ахимиеи, афизикеи, абиологиеи, агеологиеи, аматериалҭҵаареи рҿы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара. | 30 |
| 20 | Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Анцәа иан-лаша лылацәеиқәыԥсара амш иақәшәо Нанҳәа рыдиныҳәалеит.
Аԥсны ахада аԥсуа жәлар жәытә-натә аахыс еиқәырханы иаарго ҳқьабзқәа еснагь ҳаҭырқәҵарала ишырзыҟоу азгәеиҭеит.
"Ари аныҳәа ԥшьа ҳџьынџь ҳазхьанарԥшуеит, ҳаԥсуа ҵасқәа рныҟәгара аус иацхраауеит. Ҳарҭ иаҳҭакԥхықәроуп еизҳауа абиԥарақәа ҳкьабзқәа рылааӡара, урҭ аԥхьаҟа еихаҳауа инаргаларц азы аҭагылазаашьа аԥҵара", — аҳәоит адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада ауааԥсыра аҭынчра, агәыцқьара, ҩнаҭацыԥхьаӡа аизҳара, анасыԥ лаша рзеиӷьаишьеит. | 31 |
