ch
Feedback
Sputnik Аԥсны

Sputnik Аԥсны

前往频道在 Telegram

Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал

显示更多
572
订阅者
+124 小时
+27
+430

数据加载中...

标签云
无数据
有任何问题?请刷新页面或联系我们的客服
进出提及
---
---
---
---
---
---
吸引订阅者
八月 '26
八月 '26
+11
在19个频道中
七月 '26
+12
在11个频道中
Get PRO
六月 '26
+11
在8个频道中
Get PRO
五月 '26
+17
在8个频道中
Get PRO
四月 '26
+11
在4个频道中
Get PRO
三月 '26
+5
在8个频道中
Get PRO
二月 '26
+16
在5个频道中
Get PRO
一月 '26
+11
在4个频道中
Get PRO
十二月 '25
+30
在7个频道中
Get PRO
十一月 '25
+12
在11个频道中
Get PRO
十月 '25
+9
在6个频道中
Get PRO
九月 '25
+18
在7个频道中
Get PRO
八月 '25
+12
在5个频道中
Get PRO
七月 '25
+11
在4个频道中
Get PRO
六月 '25
+26
在5个频道中
Get PRO
五月 '25
+20
在6个频道中
Get PRO
四月 '25
+23
在9个频道中
Get PRO
三月 '25
+15
在3个频道中
Get PRO
二月 '25
+120
在106个频道中
Get PRO
一月 '25
+153
在70个频道中
Get PRO
十二月 '24
+222
在90个频道中
Get PRO
十一月 '24
+91
在50个频道中
Get PRO
十月 '24
+14
在3个频道中
Get PRO
九月 '24
+9
在5个频道中
Get PRO
八月 '24
+262
在6个频道中
Get PRO
七月 '240
在4个频道中
Get PRO
六月 '24
+24
在5个频道中
日期
订阅者增长
提及
频道
27 八月0
26 八月+1
25 八月0
24 八月0
23 八月0
22 八月+1
21 八月+1
20 八月0
19 八月+1
18 八月0
17 八月+2
16 八月+1
15 八月0
14 八月+1
13 八月0
12 八月+1
11 八月0
10 八月+1
09 八月0
08 八月0
07 八月0
06 八月0
05 八月0
04 八月0
03 八月0
02 八月+1
01 八月0
频道帖子
Новосибирск иҟоу Аԥсны аделегациа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз ргәаладыршәеит. Ареспублика ахаҭарнакцәа Амемориалтә ансамбль "Ахьӡ-аԥша Амонумент" аҿы Ҿыцәаара зқәым амца аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара. Аделегациа ахада, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит аԥсуа жәлар асовет солдаҭцәа рфырхаҵара ҳаҭыр ду шақәырҵо, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит. 🖇 Аԥсны ахаҭарнакцәа Новосибирск имҩаԥысуа афорум "Технопром‑2026" иалахәуп. Афорум хымш имҩаԥыслоит, атема — "Урыстәылатәи аҭҵаарадырра атехнологиатә ԥхьагылара шьаҭас иамоуп". Иара еиднакылеит 70 инареиҳаны Урыстәыла арегионқәа рхаҭарнакцәеи, Аԥсни, Беларуссиеи, Китаии, Ҟазахсҭани, Африкатәи атәылақәеи рҟынтәи асасцәеи.

2
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 267 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Курсктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Липецктәи, Новгородтәи, Ростовтәи, Самаратәи, Саратовтәи, Улиановтәи аобластқәа рҿы. Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Башкортосҭан, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
11
3
Уаҵәы нанҳәа ныҳәан уахеиԥш (жәытәла нанҳәа 14 рзы, ҿатәла – нанҳәа 27 рзы) аҧсуаа имҩаҧыргоит аныҳәа ааира аламҭалазтәи ақьабзқәа. Ари аухазы ҩысҭаамысхәыс иҟоу зегьы адәы иқәлоит, аԥсцәа рыбжьы уаҳауеит ҳәа азыршьоит. Убри аҟнытә ари аҽны аҩсҭаа итәаны изкылԥшыр, аргама дылырхуеит, рынхара-нҵыра аԥхасҭа азҭо дарбану алеилыркаауеит, убас аԥсцәа реицәажәарагь иазыӡырыҩуеит, урҭ ауаа рынасыԥ еилдыргоит. Нанҳәа аныҳәа аламҭалазтәи ҽазыҟаҵароуп уҳәар ауеит ари амш азы имҩаԥырго зегьы. Нанҳәа ауха аԥсуаа имҩаԥырго ақьабзқәеи, насгьы абжьыуааи бзыԥааи уи аҿы излеиԥшым ртәы шәаԥхьар ҟалоит Sputnik асаит аҟны. #social
16
4
Аҟәа имҩаԥысуаз афестиваль "Музыка Гордых" хыркәшахеит агәыԥ "Любэ" ақәгыларала. Николаи Расторгуев инаигӡеит зегь реиҳа еицы
Аҟәа имҩаԥысуаз афестиваль "Музыка Гордых" хыркәшахеит агәыԥ "Любэ" ақәгыларала. Николаи Расторгуев инаигӡеит зегь реиҳа еицырдыруа иашәақәа. Афестиваль аҿы аицлабра аихшьаалақәа ҟарҵеит. Аноминациа "Аԥсадгьыл иазку ашәа" аҿы аиааира лгеит Татиана Кузмина, "Аҭаацәа ирызку ашәа" — Владимир Бабенко. Аноминациа "Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызку ашәа" аҿы далкаан Ленар Гатин, аноминациа "Абзиабара иазку ашәа" — аиааира агеит агәыԥ "Вольные". Аԥхьахә ҷыда ланашьахеит PavLova. #social
17
5
AY YOLA, Bearwolf раԥхьаӡакәны Аҟәа иқәгылеит. Урҭ рашәақәа нарыгӡеит урыстәылатәии аԥснытәии амузыкантцәа ҿарацәа сценак аҿы
AY YOLA, Bearwolf раԥхьаӡакәны Аҟәа иқәгылеит. Урҭ рашәақәа нарыгӡеит урыстәылатәии аԥснытәии амузыкантцәа ҿарацәа сценак аҿы еидызкылаз аконцерт "Музыка Гордых" аҟны. #social
14
6
Аԥсны амузыкатә проект дуқәа рымҩаԥгаразы аҭагылазаашьақәа ыҟоуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп BLIZKEY. Афестиваль "Музыка Гордых" аҟны иара инаигӡеит иашэа ҿыцқәеи зегьы бзиа еицырбахьоу ахитқәеи. "Иҵегь шәаҳзаала, егьырҭ апроектқәа аажәгала. Аҧсны атмосфера аиҧш зеиҧшу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара угәанарԥхоит", — иҳәеит амузыкант. #social
21
7
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа аԥшаҳәа амузыкатә лашарбагақәа гәарҭеит. Уажәы аусурақәа афиналтә етап ахь инеит ҳәа аана
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа аԥшаҳәа амузыкатә лашарбагақәа гәарҭеит. Уажәы аусурақәа афиналтә етап ахь инеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура. 17 ҭыԥ рыла ишьақәгылоу арлашагақәа зегьы иаку иаку системаны еидкылахоит. Урҭ рҟынтәи жәаба нагӡоуп, даҽакгьы аус адулара иаҿуп.
18
8
Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш fзгәарҭеит Гәдоуҭа. Акультура ахан аҿы аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" аконцерт мҩаԥысит. Иара
Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш fзгәарҭеит Гәдоуҭа. Акультура ахан аҿы аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" аконцерт мҩаԥысит. Иара убас апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны асценахь ицәырҵит Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахореографиатә ансамбль "Ирони" ахәыҷтәы акәашаратә коллектив "Адаци". Иара убас, Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын ансамбль "Ирон" аныҳәа алахәхаразы ацхыраара рызҭаз Цхьынвал ахада Алан Габараев аџьшьаратә шәҟәы ианеишьеит. Аконцерт иаҭааит ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи. #social
17
9
Иахьатәи афестиваль "Музыка гордых" ҷыдарас иамоу раԥхьаӡакәны Урыстәыла анҭыҵ иахьымҩаԥысуа ауп иҳәеит Урыстәыла Жәлар рартист Николаи Расторгуев. "Иахьа Аԥсны ҳахьыҟоу — шьахәуп. Еиҳаракгьы абри аҩыза аныҳәамш аҽны, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш. Ари Аԥсны азы ныҳәа дуӡӡоуп. Афестивали сареи ара ҳахьыҟоу бзиарак иазҳәоуп", — иҳәеит иара. Расторгуев аԥсуаа рысасдкылашьа ахә ҳаракны ишьеит, ахәаԥшцәа афестиваль иаргәырӷьап ҳәа агәыӷра ааирԥшит. 🖇 Афестивали аицлабреи еиҿыркааит Николаи Расторгуев ифонд, адгылара анаҭоит акультуратә аԥшьгарақәа рзы ахада ифонд. #social
16
10
Шәача аҳаирбаӷәазаҿы аԥыррақәа ршәарҭадаразы иалагалаз аԥкрақәа аҧыхуп.
18
11
Адует LEPNINA раԥхьаӡакәны афестиваль "Музыка Гордых" иалахәуп. Дара аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит зықьҩыла ауаа рҿаԥхьа ақәгыларазы алшара ахьроуз азы. "Сара ԥшьышықәса анысхыҵуаз инаркны асцена сықәгылоуп, раԥхьаӡакәны сҩызцәа рахь ашәаҳәара сдәылҵуашәа убриаҟара сгәы ҭынчуп, избанзар, агәраганы сыҟоуп Аԥсны ҳшаднакылаз", — лҳәеит артистка Иана Синцова. Афестиваль иалахәыз арепер MK5.45, Аԥсны аизҳазыӷьара азеиӷьеишьеит, агәыӷра ааирԥшит Урыстәылеи иареи реиҩызара аринахысгьы ишҿиало. Иара иазгәеиҭеит, атәылақәа ишеиднакыло Урыстәыла еиԥш Аԥсынгьы ирылаҵәаны иҟоу атрадициатә беиарақәеи аиашахаҵареи. #social
25
12
Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит ахҭыс ду — ахьыԥшымра азхаҵара амш, уи афестиваль "Музыка Гордых" амҩаԥгара иақәшәеит лҳәеит ашәаҳәаҩ Викториа Лабиа. "Даара ҳаҭырла исыдыскылеит аиҿкааҩцәа рҟынтәи хаҭалатәи ааԥхьара ахьсоуз, сыжәлари асасцәеи рҿаԥхьа сықәгыларц алшара ахьсоуз", — ҳәа азгәалҭеит лара. Лабиа иазгәалҭеит урыстәылантәи аԥсуа артистцәа ирзыӡырҩуа рзы ишаԥҵатәу аетникатә елементқәа злоу аԥсышәала аҩымҭақәа. #social
22
13
"Музыка Гордых" еиԥш зымҽхак ҭбаау афестиваль аҿы Аԥсны ахьӡала ақәгылара ҳаҭыр дууп лҳәеит аноминациа "Голос Абхазии" аҿы аиааира згаз Валериа Ҧерцхьелиа. "Ари даара лшара бзиоуп ҳартистцәа рзы, аиҳаракгьы автортә ашәақәа зыҩуа рзы. Лшара бзиоуп ухи уҟазареи раарԥшразы", — лҳәеит лара. #social
23
14
"Сара сзы ҳаҭыр дууп ари аҩыза аҳамҭа аиура". Урыстәылатәи ашәаҳәаҩ, ашәақәа равтор Варвара Лаптева аицлабра "Музыка гордых" аноминациа "Голос народов России" аҿы аиааира лгеит. "Сеигәырӷьеит абас еиԥш иҟаз аныҳәа ссир аҿы, асҟаҩык ауаа рҿаԥхьа ақәгылара. Уи оумашәа иубаша акоуп. Агәахәара ду соуит. Сара исҭахын — асцена аҟынтәи ахәаԥшцәа сыбзиабара рхьызыгӡарц", — лҳәеит лара. Варвара Аԥсны раԥхьаӡакәны даҭааит, аха илҳәеит Аҟәа бзиа абара дшахьӡаз. "Хымԥада, даҽазны саауеит, избанзар, ара аԥси агәи ыҟоуп", — лҳәеит артистка. #social
24
15
Аԥснынтәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла иаҭааит Урыстәыла ареспублика ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18 шықәса аҵра аҳаҭыраз. Аделегациа напхгара аиҭоит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа. Асасцәа идикылеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Марат Камболов. Иара иазгәеиҭеит аҩтәылак Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара ишаҿу. "Ҳара ҳазыхиоуп атәылақәа зегьы аус рыдулара, иахьазы Аԥсны аасҭа Аахыҵ Уаԥстәыла иазааигәоу ажәларгьы аҳәынҭқаррагьы шыҟамгьы", — иҳәеит иара. Лолуа аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ихьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит. "Ҳара ихьанҭаз, иуадаҩыз амҩа ҳаицанысит, иахьагьы ҳаизааигәоуп, ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ҳаҿуп. Ара ҳаныҟоу аҩны ҳаҟоушәа ҳхы аабоит. Гәык-ԥсыкала Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар аҭынчра рзеиӷьаҳшьоит", — азгәеиҭеит иара.
21
16
Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла ианазханаҵа амш — крызҵазкуа мшуп иҳәеит Сергеи Кириенко. Афестиваль "Музыка гордых" ахәаԥшцәа рҿаԥхьа данықәгылоз иара иазгәеиҭеит, ари амш аҽны ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳәо аҩ-тәылак рыжәларқәа ишыргәаладыршәо Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи. "Арҭ аҳәынҭқарратә усзуҩцәа аҩыџьагьы Аԥсны жәлар реизҳазыӷьареи, рхақәиҭреи, рхьыԥшымреи рхы ақәырҵеит. Рыгәҭыхақәа шынаӡаз рбеит. Ари дарбанызаалак аҳәынҭқарратә усзуҩы изы — насыԥ дууп", — иҳәеит иара. Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, 2008 шықәса рзы Аԥсны ишышьақәнарӷәӷәаз ахала аҿиара амҩа алнахит, уи аҿы Урыстәыла адгылара ишазхиоу днарбеит.
23
17
Шәача аҳаирбаӷәазаҿы аԥырразы аԥкрақәа алагалоуп. Аԥкрақәа хымԥадатәиуп аԥыррақәа ршәарҭадара аԥҵаразы ҳәа аанацҳауеит Росавиациа. #social
19
18
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аицлабра "Музыка гордых" аноминациақәа ҩба рҿы аиааира згаз аԥхьахәқәа ранаршьеит. Аԥсны ахада
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аицлабра "Музыка гордых" аноминациақәа ҩба рҿы аиааира згаз аԥхьахәқәа ранаршьеит. Аԥсны ахада аноминациа "Голос народов России" аҿы аиааира згаз агәыԥ "Вереница" аҳамҭа ланеишьеит. Урыстәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ аноминациа "Голос Абхазии" аҿы аиааира згаз, Очамчыратәи ашәаҳәаҩ Валериа Ԥерцхьелиа аԥхьахә ланеишьеит. #social
18
19
Сергеи Кириенко Владимир Путин афестиваль "Музыка гордых" аиҿкааҩцәеи, алахәылацәеи, асасцәеи рахь иҟаиҵаз ааԥхьара даԥхьеит. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш аҽны афестиваль амҩаԥгара асимволтә ҵакы шамоу. "Нанҳәамза 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит. Ари аҵакы змоу шьаҿан — ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рышьаҭа акит, еицырзеиԥшу аҭоурыхи, ҳажәларқәа рыбжьара традициала аиҩызаратә еимадарақәа рырҵаулара иацхрааит", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы. Путин иазгәеиҭеит Аԥсны агәадурақәа рацәаны ишамоу. Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи хьчаны — ареспублика инеиԥынкыланы аҳәынҭқарратә институтқәа еиӷьнатәуеит, аекономикеи асоциалтә усхки арӷәӷәоит, арегионалтә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәараҿы алагала ҟанаҵоит. "Урыстәыла аринахысгьы ахырхарҭақәа зегьы рыла Аԥсны адгылара анаҭалоит. Ҷыдала — амилаҭтә культура аиқәырхареи арбеиареи рҿы. Агәраганы сыҟоуп, шәфорум ареспублика аԥсҭазаараҿы хҭыс бзианы ишыҟало", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
18
20
Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара — атәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы зегь раасҭа аҵакы змоу хҭысуп, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьраҿы игаз Аиааира ашьҭахь ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба. "Ҳара иаҳгәалашәоит ҳҭоурых аҿы иуадаҩӡаз аамҭақәа руак азы Урыстәыла Аԥсны ианаҭаз адгылара. Ҷыдала, ахә ҳаракны иаҳшьоит 2008 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны азы ари алахьынҵа змоу аӡбамҭа здызкылаз Урыстәылатәи Афедерациа ахада Дмитри Анатоли-иԥа Медведев иааирԥшыз аҭоурыхтә ҭакԥхықәра. Иахьа ари адгылара ԥсахрада иаанхоит", — иҳәеит Гәынба, афестиваль "Музыка гордых" аартраан данықәгылоз. Гәынба иазгәеиҭеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны аизыҟазаашьақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра шриҭо, уи ашәарҭадара аиҿкаара, ахьыԥшымра арӷәӷәара, аекономикеи асоциалтә усхки рыҿиара ишацхраауа, жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы адгылара шыҟаиҵо. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны алшара аиуит ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала ҭынч аҿиара, ахала ахатә мҩа аҳәаақәҵара. "Иахьа ҳара еилаҳкаауеит ари алшара ахә — иаҳзынхаз ахьыԥшымреи аҳәынҭқарреи ҳахьчалароуп. Уи ҳара ҳзин адагьы, Аԥсны ахақәиҭразы зхы ақәызҵаз рҿаԥхьа, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рҿаԥхьа ҳҭакԥхықәра ауп", — иҳәеит иара.
20