Sputnik Аԥсны
Відкрити в Telegram
Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
Показати більше572
Підписники
+124 години
+27 днів
+430 день
Триває завантаження даних...
Схожі канали
Хмара тегів
Немає даних
Виникли проблеми? Будь ласка, оновіть сторінку або зверніться до нашого support-менеджера.
Вхідні та вихідні згадування
---
---
---
---
---
---
Залучення підписників
серпень '26
серпень '26
+11
в 19 каналах
липень '26
+12
в 11 каналах
Get PRO
червень '26
+11
в 8 каналах
Get PRO
травень '26
+17
в 8 каналах
Get PRO
квітень '26
+11
в 4 каналах
Get PRO
березень '26
+5
в 8 каналах
Get PRO
лютий '26
+16
в 5 каналах
Get PRO
січень '26
+11
в 4 каналах
Get PRO
грудень '25
+30
в 7 каналах
Get PRO
листопад '25
+12
в 11 каналах
Get PRO
жовтень '25
+9
в 6 каналах
Get PRO
вересень '25
+18
в 7 каналах
Get PRO
серпень '25
+12
в 5 каналах
Get PRO
липень '25
+11
в 4 каналах
Get PRO
червень '25
+26
в 5 каналах
Get PRO
травень '25
+20
в 6 каналах
Get PRO
квітень '25
+23
в 9 каналах
Get PRO
березень '25
+15
в 3 каналах
Get PRO
лютий '25
+120
в 106 каналах
Get PRO
січень '25
+153
в 70 каналах
Get PRO
грудень '24
+222
в 90 каналах
Get PRO
листопад '24
+91
в 50 каналах
Get PRO
жовтень '24
+14
в 3 каналах
Get PRO
вересень '24
+9
в 5 каналах
Get PRO
серпень '24
+262
в 6 каналах
Get PRO
липень '240
в 4 каналах
Get PRO
червень '24
+24
в 5 каналах
| Дата | Залучення підписників | Згадування | Канали | |
| 27 серпня | 0 | |||
| 26 серпня | +1 | |||
| 25 серпня | 0 | |||
| 24 серпня | 0 | |||
| 23 серпня | 0 | |||
| 22 серпня | +1 | |||
| 21 серпня | +1 | |||
| 20 серпня | 0 | |||
| 19 серпня | +1 | |||
| 18 серпня | 0 | |||
| 17 серпня | +2 | |||
| 16 серпня | +1 | |||
| 15 серпня | 0 | |||
| 14 серпня | +1 | |||
| 13 серпня | 0 | |||
| 12 серпня | +1 | |||
| 11 серпня | 0 | |||
| 10 серпня | +1 | |||
| 09 серпня | 0 | |||
| 08 серпня | 0 | |||
| 07 серпня | 0 | |||
| 06 серпня | 0 | |||
| 05 серпня | 0 | |||
| 04 серпня | 0 | |||
| 03 серпня | 0 | |||
| 02 серпня | +1 | |||
| 01 серпня | 0 |
Дописи каналу
Адокументалтә фильм "Абхазия: страна души" ҭыҵит RT.Док аҟны.
Афильм аҟны еиҭаҳәоуп ареспублика иахьа изланхо, зыжәлар рхаҿреи ркультуреи реиқәырхаразы аус зуа ауаа рҭоурыхқәа.
Адокументалтә фильм авторцәа — Саид Барганџьиеи Александр Авилови.
#social
| 2 | Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Никарагуеи Венесуелеи рыцҳаражәҳәаҩцәа ирԥылеит.
Адипломатцәа Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын.
Аминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торреси аусеицура ахырхарҭа хадақәа ирылацәажәеит, аринахысгьы урҭ рырӷәӷәаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ахшыҩзышьҭра рыҭаны.
Торрес аԥснытәи адәныҟаполитикатә усбарҭа ахаҭарнакцәа иааиуа ԥхынгәымзазы Москва имҩаԥысраны иҟоу Асандинисттә револиуциа аҳаҭыр азы имҩаԥгахо афестиваль ахь ааԥхьара рылҭеит.
Актуалтә зҵаарақәагьы ирылацәажәеит Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси Бигәааи.
Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит аполитикатәи, аекономикатәи, акультуратәи усхкқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рырҿиара ишазыхиоу. | 11 |
| 3 | Аҟәатәи абжьаратә школ №15 аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәарҭеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои.
Аусурақәа мҩаԥысуеит "Росатом" ацхыраарала. Ахыбра аҿыԥшылареи аҵакыра арԥшӡареи рзы аусурақәа хыркәшоуп.
Цәыббрамза 30 2025 шықәса рзы ашкол аҵакыраҿы "Росатом" ацхыраарала иргылаз аспорттә дәы аартын. Усҟан "Росатом" аҟазацәа ахыбра аиҭашьақәыргыларазы аӡбара рыдыркылеит. | 8 |
| 4 | Агранттә еицлабрақәа аҩбатәи ахәҭа Аԥсны имҩаԥгахоит ҭагалан.
Апроектқәа адгылара рыҭара азҵаарақәа ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои урыстәылатәи ауаажәларрратә центр "Ҳара ҳаицуп" арезидентцәеи дареи реиԥылараан.
Алахәылацәа рпроектқәа нарыгӡахьеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Амра Наҷҟьебиаԥҳа лпроект "Акинои амедиашколеи", ахәыҟаҵаҩ Шамиль Кылыч имҩаԥиго агастрономиатә аҟаза-иклассқәа уҳәа егьырҭгьы.
Иара убас имҩаԥысуеит апродиусертә центр "Интеграциа" асеминарқәа, иазгәаҭоуп Урыстәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых Аҳәынҭқарратә музеии Аҳәынҭқарратә литературатә музеии рцәыргақәҵақәа, егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа жәпакы.
Сергеи Кириенко акреаторцәа ирзеиҭеиҳәеит рыпроектқәа рыдгыларазы иҟоу алшарақәа ртәы. Цәыббра 1 инаркны жьҭаара 16 рҟынӡа ирыдыркылалоит аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" ахь азыҳәақәа, уи иазоужьуп 150 млн мааҭ рҟынӡа. Жьҭаара 15 инаркны ԥхынҷкәын 2 рҟынӡа акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонди ахь азыҳәақәа рыдкылара мҩаԥысуеит. Авторцәа абжьгарақәеи ацхыраара рнаҭоит ацентр "Интеграциа". | 9 |
| 5 | Урыстәылатәи ауаажәларрратә центр "Ҳара ҳаицуп" аатит Аҟәа.
Ацентр аартра иаҭааит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои.
Аремонт иалнаршеит ахархәара зырҭаша аҵакыра аизырҳара, ахыбраҿы инагӡаны еиқәдыршәеит агалереиатә ҵакыра, ҳаамҭазтәи астудиақәа, аконференц-залқәа уҳәа аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ауадақәа, еиқәдыршәеит ҳаамҭазтәи атехника ала.
Ацентр акультуратә проектқәеи ауаажәларратә аԥшьгарақәеи рынагӡара ахьалыршахо ҭыԥны иҟалоит, Уи аԥснытәи акреаторцәа рзы иаартуп. | 3 |
| 6 | Жәларбжьаратәи акаҳуа-фест амҩаԥгара — Аԥсны ақаҳуа аҭира знапы алаку рӡыргаразы лшара бзиоуп ҳәа иԥхьаӡоит алахәыла Расим Амқәаб.
Амқәаб иажәақәа рыла, "Акаҳуа цәқәырԥа" иалахәын акаҳуа аҭира знапы алаку 18-ҩык анаплакыҩцәа, акаҳуажәырҭақәа 12.
"Агьама згәаԥхаз, анаҩс аҿаҵа ҟаиҵар ҟалоит. Ҳара ҳзы интересуп, ҳаӡбахә раҳауеит, ҳаззымдыруаз ҳардыруеит. Ҳара анҭыҵ аҭира еиҳагьы ҳазҿлымҳауп, иадҵаалогьы рацәаҩхеит", — иҳәеит иара.
Амқәаб иазгәеиҭеит, рнаплакы аҿы зынӡа акаҳуа ахкқәа 15 шыҟоу, урҭ рҟынтәи 10 агьамаҷыда змоу, егьырҭ - агьамаҷыда змам.
🖇 Жәларбжьаратәи акаҳуа-фест "Акаҳуа цәқәырԥа" мҩаԥган нанҳәа 27 рзы. Уи иалахәын аԥснытәи акаҳуажәырҭақәа жәаҩа, иара убас асас-зонаҿы ицәыргаз Урыстәыла, Венесуела, Никарагуа рделегациақәа. Аиҿкаҩцәа иаздырхиеит арккаратә программагьы: агьамабарақәа, акаҳуа аршразы аҟаза-иклассқәа, алекциақәа.
Афестиваль "Акаҳуа цәқәырԥа" аиҿкааҩцәа: ИЕА "Аԥсны акоманда", ИЕА "Аинтеграциа".
Инеиҵыху аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.
#social | 8 |
| 7 | Раԥхьатәи аинклиузивтә плиаж аатит Гагра араион аҿы.
Аинклиузивтә туризм Ассоциациа ареспубликаҿы иаԥнаҵахьоу ахԥатәи плиажуп.
Ассоциациа анапхгаҩы Руслана Гьергьедааԥҳа Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, аплиаж еиқәыршәоуп аинвалидра змоу ауааи аныйщара зцщыуадаюу атәылауааи рҭахрақәа ҳасаб рзуны.
Аплиаж аҿы иаԥҵоуп иҷыдоу аҽеилыхырҭақәеи аҽыкәабарҭақәеи, иҷыдоу ашьҭаларҭақәа ргылоуп, амшын ахь иманшәаланы албааразы апандусқәа шьақәыргылоуп.
Шәарҭарада аӡаҿы аҟазааразы згәабзиаратә лшарақәа ԥку ауаа ирыҭахоит акәырҷыжь-амфибиа.
Ассоциациа ари апроект нанагӡеит апрограмма "Доступная страна души" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала. | 9 |
| 8 | Ашьапылампылтә клубқәа "Аԥсни" "10-еи" еиԥылоит нанҳәа 30 рзы, Москва.
Аматч мҩаԥгахоит асааҭ 13: 00 рзы Cosmos Arena аҿы.
Ахәаԥшцәа астадион ахь инашьҭхоит асиақәа рыла, ахәмарра иаҭаарц зҭаху зегьы азхьарԥш ала рыҽҭарҩыроуп.
Амедиалига ахраҿа хацыркхоит нанҳәа 29 рзы. АК "Аԥсны" агәыԥ А аҿы ихәмарраны иҟоуп.
Агәыԥтә етап аҿы аԥснытәи акоманда иацлабуеит FC Vibe," СиндЕкат", ФК 10, СКА Ростов. | 13 |
| 9 | Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ шьаҭанкыла аиҭашьақәргыларазы шықәсык ҳәа иаркуп, аҵаҩцәа еихшоуп — аиҵбыратәи ашкол аҵаҩцәа цоит 15-тәи ашкол ахь, аиҳабыратәи — латәарадатәи ашкол ахь. Абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
Аҳабла ҿыц аҟынтәи ашколхәыҷқәа раагареи ргареи рзы автобус бжьаҵахоит ҳәа азгәалҭеит лара.
Ҭаркьылԥҳа лажәақәа рыла, аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны хәҭа-хәҭала акосметикатә усурақәа мҩаԥган.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.
#social | 16 |
| 10 | Аԥснытәи аделегациа Дамаск иԥылеит Лыԥха змоу Антиохиатәии Мрагылара зегьи Рпатриарх Иоанн X.
"Аиԥылараан ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан адоуҳатә еицәажәарақәа рыҿиареи, аилибакаареи, апатуқәҵареи рзы акрызҵазкуа шьаҭаны иҟоу шәышықәсалатәи ақьырсиантә еимадарақәа", — аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
АдәА рминистр Олег Барцыци апатриархи иазгәарҭеит аҭынчреи, аҳәоуеиқәшәареи, аилибакаареи рырӷәӷәареи, атрадициатә беиарақәа реиқәырхареи рҿы ауахәама аҵакы шамоу. | 15 |
| 11 | Аҵаратә усхк аҟны аусеицура иалацәажәеит Аԥсны аделегациа ахаҭарнакцәеи новосибирсктәи аҵараиурҭақәа рнапхгареи.
Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә техникатә университет аректор инапынҵақәа назыгӡо Игор Марчук далацәажәеит аспециалистцәа рзанааҭтә дырра аизырҳаразы апроект ахьынарыгӡо ААУ-и "Амшынеиқәафымцамчи" аус рыцура шышьақәыргылоу атәы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба Аԥсны НАТУ аус ацура ацҵара ишазҿлымҳау шьақәирӷәӷәеит, иазгәеиҭеит атәыла анапхгара еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа ацхыраара шрырҭало.
Иара убасгьы ареспублика аделегациа дырԥылеит Новосибирсктәи аекономикеи анапхгараҭареи рҳәынҭқарратә университет аректор Павел Новгородов. Уи аԥснытәи аҵаратәи аҭҵаарадырратәи усҳәарҭақәа аус рыцура ашьақәыргылараз алшара ахәаԥшра дшазыхиоу иҳәеит. | 16 |
| 12 | 1 500 цыра инеиҳаны афымцамчԥхьаӡагақәа ықәыргылоуп Гәдоуҭа араион аҟны. Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭа араионтә ҟәша анџьныр хада Денис Ажьиба.
Аҩнеихагылақәа рҟны мызкы-ҩымз ирылагӡаны аусурақәа хыркәшахоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Араион аҟны афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргылара ҳшаҿыц ҳаҿуп. Амаругақәа ахьықәҳаргылаз инхо ауааԥсыра афымцамч еиҳагьы еиҷаҳауа иалагеит", — иҳәеит Ажьиба.
🖇 2026 шықәса иалагӡаны Аԥсны 60 нызқь цыра афымцамчԥхьаӡагақәа ықәыргылахоит. Урҭ раахәаразы 700 млн мааҭ азоужьхоит.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.
#social | 15 |
| 13 | Акциа "Акино аҵх" Аԥсны имҩаԥгахоит нанҳәа 29 рзы Урыстәыла Акультура аминистрреи Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыдгыларала.
Ауснагӡатә мҩаԥгахоит есышықәса нанҳәа 27 рзы иазгәарҭо урыстәылатәи акино амш инадҳәаланы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҟны.
Акинофильмқәа "Ангелы Ладоги", "Буратино", "Чебурашка 2", аибашьратә драма "Малыш" абри аихшанҵа инақәыршәаны идырбахоит.
Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа:
▫️10:00 - "Буратино",
▫️12:00 - "Чебурашка 2"
▫️14:00 - "Малыш"
▫️16:00 - "Ангелы Ладоги"
Маҷара, Гәлиа ихьӡ зху акультура аҩны:
▫️13:00 - "Буратино"
▫️15:00 - "Малыш"
▫️17:10 - "Чебурашка 2"
▫️19:10 - "Ангелы Ладоги"
Гәдоуҭа акультура аҩны:
▫️14:00 - "Чебурашка 2"
▫️15:50 - "Малыш"
▫️17:50 - "Буратино"
▫️19:40 - "Ангелы Ладоги"
Гагра акультура аҩны:
▫️13:00 - "Буратино"
▫️14:50 - "Чебурашка 2"
▫️6:40 - "Ангелы Ладоги"
▫️18:40 - "Малыш".
Аҩналара хәыда-ԥсадоуп. | 16 |
| 14 | ️ ️☕️ Иарбан каҳуоу еиҳа еиӷьашәшьо?
Иахьа Аҟәа имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи акаҳуа-фест "Акаҳуа цәқәырԥа" иаҭааит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои.
Аԥсны ахада бзиа ибоит ашьақар змам аклассикатә каҳуа.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иакәзар — еснагь акаҳуа хаа еиҳа иеиӷьеишьоит.
#social | 17 |
| 15 | Аԥсни Новосибирски рыбжьара атуризм аҿиареи атуристтә лшарақәеи ирылацәажәеит ареспублика аделегациеи новосибирсктәи атуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи.
Иара убас аиԥылара иалахәын арегион аекономикатә ҿиара аминистр Светлана Шарпф ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Лара дазааҭгылеит аобласт иамоу аԥыжәарақәа —аидарақәа раагаразы иҿиоу асистемеи, иреиҳау аҵараиурҭақәеи аколлеџьқәеи, IT-комплекси.
Шарпф иажәақәа рыла, Новосибирсктәи аобласт азҿлымҳауп Аԥсни иареи русеицура аҿиара, атуризм аусхкгьы уахь иналаҵаны.
Аԥснытәи аделегациа ахада, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба аиԥылара алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит ареспублика алшареи асасцәа рыдкылара ишазыхиоуи ртәы.
Аганқәа ирылацәажәеит Новосибирск Аԥсны акультура амшқәа рымҩаԥгареи атуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа рзы ареспубликахь аӡыргаратә тур алыршареи. | 18 |
| 16 | Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭан ԥшь-трансформаторк ықәыргылоуп.
Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭа араионтә ҟәша анџьныр хада Денис Ажьиба.
Аусурақәа рынагӡаразы иахәҭаз амаругақәа рыла "Амшынеиқәафымцамч" еиқәнаршәеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Хыԥсҭа ақыҭан афымцацәаҳәақәа ирықәыз аидара даара ирацәан. Уажәы ацәаҳәа ҿыц аргылара ҳаҿуп, уаҟа 63 трансформатор ыҟоуп, убарҭ еихшахоит", — иҳәеит Ажьиба.
#social | 17 |
| 17 | Жәларбжьаратәи акаҳуа-фест "Акаҳуа цәқәырԥа" аатит Аҟәа.
Асасцәа ирзыԥшуп Аԥснытәи акаҳуажәырҭақәа жәаҩа. Урҭ зегьы рхатәы ҭоурыхи рфирматә рыжәтәқәеи ӡырыргоит.
Иара убраҟа иаатуеит 16 нхамҩа злахәу аџьармыкьагьы. Аҭааҩцәа ирыдыргалоит ашәқәа, ацха, ахшлыҵ, аҳамҭаҷқәа. Амш иалагӡаны агьамабарақәа мҩаԥыслоит.
Аиҿкааҩцәа иаздырхиеит арккаратә программагьы. Алекториаҿы имҩаԥгахоит алекциақәа ԥшьба, аҭырқәа акаҳуа аршразы аҟаза-икласс, адрип-каҳуа агьамабара.
Иара убасгьы афестиваль иалахәуп асас-зонаҿы ицәыргоу Урыстәыла, Венесуела, Никарагуа рделегациақәа. Аус рулоит амилаҭтә стендқәа, имҩаԥгахоит агьамабарақәа, аҟаза-иклассқәа, бжьыцқьала имҩаԥысуа ақәгыларақәа.
Аиҿкааҩцәа ахәыҷқәа рзгьы апрограмма азгәарҭеит — аус аулоит ахәыҷтәы зона.
Иара убас аусмҩаԥгатә аҿы апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҟынтәи амедиазона еиҿкаахоит. Асасцәа ирылшоит абаннер аҿаԥхьа рфотсахьақәа рҭыхра, авидеонҵамҭа кьаҿқәеи, мамзаргьы 20 секунд рҟынӡа аинтервиу маҷқәеи ранҵара.
🖇 Афестиваль "Акаҳуа цәқәырԥа" аиҿкааҩцәа: ИЕА "Аԥсны акоманда", ИЕА "Аинтеграциа". | 17 |
| 18 | Аԥсны имҩаԥысуаз "Музыка Гордых" 35 000-ҩык ахәаԥшцәа еиднакылеит.
Афестиваль атәыла аҭоурых аҿы зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау амузыкатә хҭысқәа ируакхеит. Иара мҩаԥысуан хә-сааҭк инарзынаԥшуа, Аԥсны ауааԥсыреи аконцерт ахь иааз урыстәылауааи рҿаԥхьа иқәгылеит артистцәа рацәаҩны.
Аусмҩаԥгатә иаҭааит ҳаҭыр зқәу асасцәа — Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи аофициалтә делегациақәа, Аԥсны иҟоу Никарагуеи Венесуелеи рыцҳаражәҳәаҩцәа.
Аконцерт ахыркәшамҭаз инагӡан ашәа "Конь". Уи еицырҳәеит Николаи Расторгуеви Сулҭан Лагучеви, зықьҩыла еизаз ажәларгьы зымҩа игыламызт — еицырдыруа ашәа рыцнарыгӡон.
"Конь"— ари ахақәиҭреи, агәаҳәареи, агәамчи иргимнуп, урыстәылатәии аԥснытәии азыӡырҩы еиԥшны ирзааигәоуп. Ас еиԥш арҿиаратә еиҩызара Урыстәылеи Аԥсни ркультурақәа еидызкыло, рзеиԥш ҭоурыхтә шьаҭақәеи рдоуҳатә акзаареи инаҵшьны иазгәазҭо афестиваль акәхеит", — азгәанаҭеит афестиваль апресс-маҵзура.
Афестиваль аҿы аицлабра аихшьаалақәа ҟарҵеит. Аицлабрахь Урыстәылеи Аԥсни ррегионқәа зегьы рҟынтәи 2 048 зыҳәа нашьҭын, ажиури иалырхит 21-ҩык афиналистцәа рҟынтәи иреиӷьӡақәаз быжьҩык. Урҭ рашәақәа арадиостанциа "Гордость" афедералтә еиҭныԥсахлара иалагалоуп.
"Музыка Гордых" ҿыц аҩра иалагаз амузыкантцәа рырҿиаратә мҩа арҿиараҿы маруганы иҟалеит. Дара ирбоит ҳара ҳҿы ус баша ухы аарԥшра акәымкәа, ииашаҵәҟьаны афедералтә радиостанциахь унеины аестрада аеҵәақәа ҳәа ззырҳәо ауааи уареи сценак ахь шәеиццәырҵыр шалшо", — иҳәеит Николаи Расторгуев ифонд адиректор Дмитри Лукашин.
🖇 "Музыка Гордых" афестивали аицлабреи еиҿнакааит Николаи Расторгуев ифонд, акультуратә аԥшьгарақәа рзы ахада Ифонд ацхыраарала. | 15 |
| 19 | Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан афымцалашара амчхара аиӷьтәразы 50 шьаҟа ргылоуп иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭа араионтә ҟәша анџьныр хада Денис Ажьиба.
"Иара убас атрансформаторқәа хԥа ықәыргылахоит: акы шьақәыргылоуп, аҩбатәи иахьатәи амш иалагӡаны иқәыргылахоит, ахԥатәи — хара имгакәа. Афымцашьаҟақәа 60-70-тәи ашықәсқәа рзы иргылаз роуп. Зынӡа 50 ҭӡы инареиҳаны иҟан, урҭ еихшаны атрансформаторқәа ирҿакхоит", — иҳәеит Ажьиба.
#social | 15 |
| 20 | Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои иалахәын Башкортосҭан еиҭашьақәнаргыло Диоскураа рыԥшаҳәа ахәҭаҿы арт-обиект "Аиҩызара аҵла" аартра.
Арт-обиект агәҭа еиҭаҳауп Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа рыбжьара шықәсырацәалатәи аиашьаратә еимадарақәа ирсимволу аиҩызаратә ҵла. Арт-обиект Свердловсктәи аобласт аҿы иҵху агранит иалхуп.
Арымӡ ақәҟьаҿы ишьақәырӷәӷәоуп зыԥсҭазаара Аԥсны иадызҳәалаз, ареспублика акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҵаралашареи рырҿиараҿы злагала дуу аԥснытәии урыстәылатәии аусзуҩцәа дуқәа рыхьӡқәа зну агәалашәаратә хьӡынҵақәа 15.
Арт-обиект аартра — урыстәылатәи арегионқәеи егьырҭ апартниорцәеи рыцхыраарала Диоскураа рыԥшаҳәа арԥшӡаразы мҽхакыҭбаала аусурақәа рыцҵара ауп. | 14 |
