ru
Feedback
Sputnik Аԥсны

Sputnik Аԥсны

Открыть в Telegram

Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал

Больше
591
Подписчики
+224 часа
+37 дней
+1930 дней

Загрузка данных...

Облако тегов
Нет данных
Возникли проблемы? Пожалуйста, обновите страницу или обратитесь к нашему support-менеджеру .
Входящие и исходящие упоминания
---
---
---
---
---
---
Привлечение подписчиков
окт. '26
октябрь '26
+3
в 1 каналах
сентябрь '26
+26
в 10 каналах
Get PRO
август '26
+12
в 19 каналах
Get PRO
июль '26
+12
в 11 каналах
Get PRO
июнь '26
+11
в 8 каналах
Get PRO
май '26
+17
в 8 каналах
Get PRO
апрель '26
+11
в 4 каналах
Get PRO
март '26
+5
в 8 каналах
Get PRO
февраль '26
+16
в 5 каналах
Get PRO
январь '26
+11
в 4 каналах
Get PRO
декабрь '25
+30
в 7 каналах
Get PRO
ноябрь '25
+12
в 11 каналах
Get PRO
октябрь '25
+9
в 6 каналах
Get PRO
сентябрь '25
+18
в 7 каналах
Get PRO
август '25
+12
в 5 каналах
Get PRO
июль '25
+11
в 4 каналах
Get PRO
июнь '25
+26
в 5 каналах
Get PRO
май '25
+20
в 6 каналах
Get PRO
апрель '25
+23
в 9 каналах
Get PRO
март '25
+15
в 3 каналах
Get PRO
февраль '25
+120
в 106 каналах
Get PRO
январь '25
+153
в 70 каналах
Get PRO
декабрь '24
+222
в 90 каналах
Get PRO
ноябрь '24
+91
в 50 каналах
Get PRO
октябрь '24
+14
в 3 каналах
Get PRO
сентябрь '24
+9
в 5 каналах
Get PRO
август '24
+262
в 6 каналах
Get PRO
июль '240
в 4 каналах
Get PRO
июнь '24
+24
в 5 каналах
Дата
Привлечение подписчиков
Упоминания
Каналы
02 октября0
01 октября+3
Посты канала
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала иҭадырхеит аибашьыгатә хәҭа змоу зныктәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 646, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. #social

2
"Ашәарыцага шәақьла Гагра ҭаирцәуан": аибашьҩы Адамыр Хагәышь иҭоурых. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра мызкы шагыз, 20 шықәса з
"Ашәарыцага шәақьла Гагра ҭаирцәуан": аибашьҩы Адамыр Хагәышь иҭоурых. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра мызкы шагыз, 20 шықәса зхыҵуаз Бзыԥҭатәи арԥыс Адамыр Анатоли-иԥа Хагәышь арра маҵура ихганы аҩныҟа дааит. Иара иқәыԥшра игәазхара далаԥшаанӡа, хаҵаҵас иԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Аветеран Адамыр Хагәышь игәалашәарақәа ажурналист Саида Жьиԥҳа илыцеиҩишеит. Аԥхьараз ишәыдаҳгалоит Sputnik Аԥсны аматериал. #social
10
3
Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит. Нанҳәа 15 1992 шықәсазы Аԥ
Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит. Нанҳәа 15 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны Ԥоҭынтә Гаграҟа мшынла идәықәлеит аӷацәа рдесант. Асааҭ 13:00 рзеиԥш дара Цандрыԥшь иӡхыҵит. Аԥсуа хацәа гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара рырҭарц рҽазыршәеит рнапаҿы иҟаз бџьарқәак рыла, аха рымчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Аӷацәа Гагра рнапахьы иааргеит. Аибашьра ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Гагра араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан. Афото © афотоальбом "Аиааира" #social
11
4
Урыстәыла Донбасс иаанхаз ахәҭа акырӡа заа ахы иақәиҭнатәуеит, шықәсыки бжаки-ҩышықәсеи рышьҭахь, Украинеи ИА-и рҿы ишырыԥхьа
Урыстәыла Донбасс иаанхаз ахәҭа акырӡа заа ахы иақәиҭнатәуеит, шықәсыки бжаки-ҩышықәсеи рышьҭахь, Украинеи ИА-и рҿы ишырыԥхьаӡо аасҭа ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин. Киев анапаҵаҟа иаанхоит ДЖәР аҵакыра 11%. "Абри аҵакыра ҽыҭ акәӡам аус злоу, ауаа роуп аус злоу. Иҟалаз уи ауп, аинышәаразы акәымкәа, акраамҭатәи аҭынчразы, акраамҭатәи аҭоурыхтә перспективазы аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵароуп", — ҳәа ациҵеит Урыстәыла ахада, "Валдаи" апленартә еилатәараҿы дықәгыло.
26
5
Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара апроект аԥызҵоз архитекторцәа рыгәҭакы уажәнатә иубарҭоуп ҳәа азгәеиҭеит ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавски. "Уажәы иубарҭоуп акомплекс ду згәы иҭазкыз архитекторцәеи ақалақьргылаҩцәеи рыгәҭакы ацәаара. Алашара аганахьалагьы, ақалақьргыларатәи архитектуратәи ӡбамҭақәа рганахьалагьы — ари ҳаамҭа иақәшәоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Журавски иазгәеиҭеит ирҿыцу аԥшаҳәа ареспубликахь иаауа атуристцәа шаднаԥхьало, атрадициақәа, аԥсабара, акультура еиӷьны реилкаара ишацхраауа. #social
27
6
Урыстәыла амакроекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин. Жәларбжьаратәи адискуссиатә клуб "Валдаи" XXIII есышықәсатәи аилатәара апленартә сессиаҿы аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа ирыбзоураны аинфлиациа акыр ишеиҵахаз. Урыстәыла аҳәынҭқарратә аҩнуҵҟатә хашәалахәы (аред. ВВП) 17% роуп иҟоу, иааиуа ашықәс азы абиуџьет адефицит планла 1% илаҟәуеит ҳәа ациҵеит иара.
1
7
Урыстәыла амакроекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин. Жәларбжьаратәи адискуссиатә клуб "Валдаи" XXIII есышықәсатәи аилатәара апленартә сессиаҿы аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа ирыбзоураны аинфлиациа акыр ишеиҵахаз. Урыстәыла аҳәынҭқарратә аҩнуҵҟатә хашәалахәы (аред. ВВП) 17% роуп иҟоу, иааиуа ашықәс азы абиуџьет адефицит планла 1% илаҟәуеит ҳәа ациҵеит иара.
24
8
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны АҩАР ахада Роберт Кьиут ажәахә ҟаиҵеит Москва, Урыстәыла АҩАР еиҿнакааз аекстремизм аларҵәара аҿагыларазы жәларбжьаратәи аконференциаҟны. Аусмҩаԥгатә есышықәса имҩаԥысуеит, еизнагоит ИАР атәылақәа, Азиа, Африка рҟынтәи ахаҭарнакцәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аструктурақәеи русзуҩцәа, апрофильтә усбарҭақәа рекспертцәа ҳәа рҳәеит Аԥсны АҩАР аҿы. "Сгәаанагарала Аԥсны Аҳәынҭқарразы акырӡа аҵанакуеит аекстремизми, атерроризми, иахьа ԥхьаҟа ицо жәларбжьаратәи ацәгьоуреи рҿагыларазы апроектқәа назыгӡо егьырҭ атәылақәеи дареи рԥышәа реимдара", — ҳәа азгәеиҭеит Кьиут. #social
27
9
Афильм "Иҷыдоу апациент" аҟны аԥсуа ԥҳәызба ароль хада налыгӡар сҭахуп ҳәа арежиссиор исыдигалеит, уи сара сзы иреиҳау гәахәа
Афильм "Иҷыдоу апациент" аҟны аԥсуа ԥҳәызба ароль хада налыгӡар сҭахуп ҳәа арежиссиор исыдигалеит, уи сара сзы иреиҳау гәахәаран ҳәа арадио Sputnik аҟны илҳәеит актриса Милана Ломиаԥҳа. "Ари ароль сақәгәыӷуамызт, аха гәахәарыла инасыгӡеит. Аурыс кинемотографиа аҟны исырҳаз аԥышәа маҷым, сзабадырыз маҷым, исҵаз рацәоуп", — лҳәеит лара. Афильм аҭыхрақәа мызки бжаки инарзынаԥшуа имҩаԥысуан. Уи ӡырыргеит Москва жьҭаара 1 азы. Актриса лажәақәа рыла, афильм зызку, иуанаҳәо, аҵакы — аԥсуа хәаԥшыҩгьы изааигәоуп. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр ҟалоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны. #social
32
10
Уарча ақыҭан афымцалашара аиԥҟьарақәа афымцацәаҳәа аԥхасҭахара иахҟьеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" гәылрыԥшьтәи афилиал адиректор Беслан Занҭариа. Иара иҳәеит ауадаҩрақәа уахыки-ҽнаки раҟара раԥхьа ишцәырҵыз. Иԥхасҭахаз ацәаҳәа еиҭашьақәыргылоуп, аха ацәаҳәаҿы иҵагьы иԥхасҭахаз ааԥшит. Аремонттә бригада аиԥҟьарақәа раԥыхра иаҿуп. Афымцалашара анашьҭра ргәы иҭоуп ҩ-сааҭк рыҩнуҵҟа.
32
11
Abkhazia Rally аҿы аиԥхныҩларақәа 402 метра рыбжьоуп. Адрег-реисинг азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит жьҭаара 4 рзы Очамчыра араион. Аиԥхныҩларақәа рахь инарышьҭуеит 300 ҽымч змоу 30 рҟынӡа машьына. Алахәылацәа еицлаблоит х-класск рҿы — 300+, 400+, 500+. Аквалификациатә лыԥшаара ашьҭахь атурниртә каҭа ала ихадоу аиԥхныҩларақәа, афиналбжақәа, афиналқәа мҩаԥгахоит. Классцыԥхьаӡа аԥхьахәтә ҭыԥқәа хԥа-хԥа алырхуеит. Ахәаԥшцәа рзы иаздырхиеит ҩыџьа-ҩыџьалатәи аиԥхныҩларақәа, аретроавтомашьынақәа рцәыргақәҵа, аџьырмыкьа, амотоклуб "Абрек" алахәхара. Апрограмма хада мҩаԥгахоит асааҭ 12:00 инаркны 18:00 рҟынӡа. Аусмҩаԥгатә еиҿкаахоит амҩаду Ԥсоу — Егры ахәҭаҿы Маркәыла ақыҭахь ахаҵәирҭа инаркны Тҟәарчалҟа ахаҵәирҭа аҟынӡа. 🖇 Abkhazia Rally — апилоттә автомобилтә спорттә усмҩаԥгатәуп, аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы аиааира згаз проектуп. Уи 1992–1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш иазкуп.
31
12
Башкортосҭан Аҟәа аԥшаҳәа ариаҵәаратә хәҭаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хнаркәшеит. Башкириатәи Курултаи ахада Андреи Назаров урҭ рымҽхак далацәажәеит: 14 км аҳақәа мҩангоуп, 8 000 кв. м. ахаҳәҟьаԥс шьҭаҵоуп, 5 000 кв. м. агазонтә рулон ыкәҵоуп, даҽа убриаҟара ԥшьыркца рҟны ахаҳш каԥсоуп, ишьақәыргылоуп 15 ҿхышәи апавильонқәеи. "Ҳнапы ианыз ахәҭа зегьы иҿыцӡоу атехнологиақәа рхархәарала иҟаҵоуп, зегьы хаҭабзиарала, жәашықәсала ԥхьаҟа аус руларц азы. Араҟа аӡәгьы анапынҵақәеи аусутәи еихырымшеит, еиҩызарала аус нагӡоуп. Башкортосҭан еснагь аԥсуа жәлар аиҩызаратә дгылара азыҟанаҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Авидео © Аҟәа ахадара
22
13
Едгар Абыхәба 12 шықәса рҟынӡа аҭакра иқәшәар алшоит аԥсшьаҩы лышьразы ҳәа иҳәеит Апрокуратура хада аӡбаратә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба. Арадио Sputnik аефир аҿы иара иҳәеит ашьауӷа арӷәӷәара шалшо аусҭҵаара еицәазтәуа аҭагылазаашьақәа аарԥшхар, ацәгьоура аквалификациа ԥсаххар. Ашьауӷақәҵара адкылараан аӡбарҭа азхәыцуеит зус рыӡбо ихаҭара, ацәгьоура амҩаԥгашьа, аҟазшьа, ауаажәларратә резонанс, ааха зауз аган рҭагылазаашьа уҳәа еиуеиԥшым афакторқәа. "Ҳәара аҭахума, агәызҩара ззыҟоу иҟазшьеи ихаҭареи ҳасаб рзуны, ахьырхәра ӷәӷәа адкылара ҳаҳәалоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Убри аан, 12 шықәса аҭакра изыԥҵәахар, Абыхәба азакәанԥҵара инақәыршәаны 8 шықәса ракәхоит ихиго. Даур Амҷба иазгәеиҭеит ихацырку ашьаус ахәҭаҷ ишазԥхьагәанамҭо ԥсраҽнынӡа аҭакра ма ашьра. Аквалификациа аԥсахразы ауаҩшьра зыруадаҩуа аҷыдарақәа ԥшаатәуп. Урҭ ԥшааны ашьразы аӡбамҭа рыдыркылар, Аԥсны ашьразы аморатори алагалоуп аҟнытә, ашьра ԥсраҽнынӡа аҭакра ала ирыԥсахуеит. 🖇 26 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ Амина Бикбова дыршьит Гагра араион аҿы. Агәызҩара ззыҟоу Едгар Абыхәба иҿахәы аниҿырхуаз ацәгьоура шыҟаиҵаз иҳәеит. Уаанӡа, 2021 шықәсазы, иара ахара идҵан урыстәылауаҩ лцәа ԥиҽит, дирҳәит, лгәабзиара ааха ӷәӷәа аиҭеит ҳәа, уи азы 9 шықәса иқәҵан. #social
21
14
Хганктәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Москва. Аиԥылара иалахәыз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡаны адиалог ацҵара иадгылеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Урҭ Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рықәымлара азы Қарҭ аҟынтәи еилыкка иҟоу аиқәшаҳаҭра аиуреи, Қырҭтәылеи уи агәылацәеи рҳәаақәа жәларбжьаратәи-зинтә еиқәыршәара апроцесс алагареи рзы амҩақәа ирыхәаԥшит. Иара убас хазы игоу аминистртә консультациақәа рҿы ирылацәажәан еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡареи ареспубликақәа рыдәныҟаполитикатә позициақәа рырӷәӷәареи.
19
15
Бадра Гәынбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Владимир Пухаеви еиԥылеит. Гәынба Марат Камболов адныҳәалара изицҳаит атәыла ахада инапынҵақәа рахь дахьнеиз азы, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Пухаев Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара дахьалахәыз азы ҳәа аанацҳауеит ахада Иусбарҭа апресс-маҵзура. "Ҳара ҳзы ари ныҳәа хадоуп, Аԥсны жәлар реихьӡара хада — Аиааира амш ауп. Убас ҭоурыхла ишьақәгылеит, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәларгьы рхатә дгьыл аҿы, рхатәы ҳәынҭқарраҿы анхара азин иазыкәԥон. Иахьа ихьыԥшым ҳҳәынҭқаррақәа ҿиоит", — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба. Аминистр адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит, уаҟа Марат Камболов иазгәеиҭеит аҩ-жәларык рыбжьара аиашьареи, аиҩызареи, аицхыраареи рҭоурыхтә еимадарақәа, иара убас иҳәеит Аԥсны ақәҿиарақәа дышрызгәдуу атәы. Аахыҵ уаԥстәылатәи аԥыза Бадра Гәынбеи аԥсуа жәлар зегьи ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аихьӡара ҿыцқәеи.
22
16
Едгар Абыхәба раԥхьатәи ацәгьоура ашьҭахь иҭакра аҿҳәара иқәра ахьынамӡацыз иадҳәалан иҳәеит Апрокуратура хада аӡбаратә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба. Иара иҳәеит, Абыхәба раԥхьатәи ацәгьоура шыҟаиҵаз 2019 шықәса ԥхынгәы 31 рзы, 18 шықәса ихыҵаанӡа. "Аԥсны иахьаҵанакуа апрофильтә риашаратә усҳәарҭақәа ыҟаӡам, ирбаандаҩу зегьы ҭыԥк аҿы ахьырхәра рхыргоит. Убри инадҳәаланы ирыдыркылеит ахақәиҭра алхәдатәра аҿҳәара аамҭалатәи аԥҟаразы азакәан, уаҟа зегьы еиԥшны аҭагылазаашьа ахьрымоу, абахҭа иахьатәи аамҭазы иахьыргылам ҳасаб азуны режимцыԥхьаӡа ирымоуп рхатәы ҿҳәарақәа", — иҳәеит иара. Аԥсны абахҭатә хьырхәра азеиԥш режим шықәсык ҩба ҳәа иԥхьаӡоуп, ирӷәӷәоу — ҩба хԥа ҳәа. Аколониа-еиланхарҭаҿы шықәсык аҟазаара хышықәса ираҟарахоит. "Иқәра ҳасаб азуны актәи аинстанциа аӡбарҭа азеиԥш режим изаԥнаҵәеит, ашьауӷақәҵара анидикылоз 19 шықәса шихыҵхьазгьы. Апрокуратурагьы ааха заузгьы ари азыӡба иақәшаҳаҭмызт", — ҳәа азгәеиҭеит Амҷба. Абасала, Едгар Абыхәба данааныркыла инаркны ихы дақәиҭыртәаанӡа 4,5 шықәса ҵит. "Уи 9 шықәса иаҟараны ишьоуп. Абыхәба заанаҵы аӡәгьы ихы дақәиҭимтәӡеит. Асоциалтә ҳақәа рҿы даара ирацәоуп аӡәы заанаҵы доуишьҭит, аӡәы дрыцҳаишьеит ҳәа ахьырҳәо акомментариқәа. Иара иқәнагаз аҿҳәара мышкы иагымкәа ихигеит", — ҳәа азгәеиҭеит Амҷба. 🖇 26 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ Амина Бикбова дыршьит Гагра араион аҿы. Агәызҩара ззыҟоу Едгар Абыхәба иҿахәы аниҿырхуаз ацәгьоура шыҟаиҵаз иҳәеит. Уаанӡа, 2021 шықәсазы, иара ахара идҵан урыстәылауаҩ лцәа ԥиҽит, дирҳәит, лгәабзиара ааха ӷәӷәа аиҭеит ҳәа, уи азы 9 шықәса иқәҵан. #social
24
17
5,5 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра "иаку" абилеҭ рхы иадырхәеит 2026 шықәсазы Аԥсныҟа ааразы. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны апассаџьырцәа рныҟәара 4% еизҳаит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атранспорт аминистрра. Аныҟәарақәа еиҿкаан асхемақәа "адәыӷба + автобус", "аҳаирплан + автобус" рыла. Асистема иалнаршоит амаршрут зегьы билеҭк ала аиқәыршәара, заанаҵы аҵыхәтәантәи апункт аҟынӡа аиасра аиҿкаара. Ари асезон азы "иаку" абилеҭ хә-хырхарҭак рыла ахархәара аман: Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа. Зегь реиҳа аныҟәаҩцәа иалырхыз хырхарҭоуп Пицунда — апассаџьырцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 38%. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Гагра — 37%. Аиасыра ҭыԥ хаданы иаанхоит Адлер аихамҩатә вокзал — уаантәи имҩасны Аԥсныҟа иааит 94% апассаџьырцәа.
23
18
Акоманда "Нефтианик" Александр Седов игәалашәара иазку амҵәышәмпыл азы жәларбжьаратәи атурнир аҿы аиааира агеит ҳәа аанацҳауе
Акоманда "Нефтианик" Александр Седов игәалашәара иазку амҵәышәмпыл азы жәларбжьаратәи атурнир аҿы аиааира агеит ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы. Славианск-на-Кубанитәи акоманда афинал аҿы волгоградтәи "Аԥсадгьыл" иаиааит — 74:60. "Аԥсадгьыл" аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Ахԥатәи аҭыԥ азы ахәмарраҿы, "Аԥсны" ахәмарыҩ Сандро Ҳаразиа аҵыхәтәантәи асекундқәа рзы х-кәаталак ҭаиршәит, уиалалагьы Черқьессктәи "Ельбрус" иаиааит. Хазхаҭалатәи аҳамҭақәа рыла иазгәарҭеит Сандро Ҳаразиа, Ельдар Мерамкулов, Валери Маган, Александр Даниленко. 🖇 Атурнир хацыркын цәыббра 27 рзы, Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз русзуҩ Александр Седов 100-шықәса ихыҵра иазкын.
26
19
Аԥсны ашколқәа рҿы афатә ԥха еиҿкаауп жьҭаара 1 инаркны. Апрограмма аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа ирзырхоуп, 66 школ рҿы инагӡ
Аԥсны ашколқәа рҿы афатә ԥха еиҿкаауп жьҭаара 1 инаркны. Апрограмма аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа ирзырхоуп, 66 школ рҿы инагӡахоит. Урҭ иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоу усбарҭақәоуп — аҩнымаҭәеи ачысмаҭәеи, афатә аҟаҵаразы амаругақәеи, аԥечкақәеи, архьшәашәагақәеи ахьыҟоу крыфарҭақәоуп. 80 ҵараиурҭа рҿы ус еиԥш аҭагылазаашьақәа макьана иҟаӡам. Аҵаҩцәа ироулоит ачакәымпыли арыжәтәи: ажьырӡы, акакао, ачаи, ма аморс зҵазкуа афатәаалыҵтә еизга ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аминистрра аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамԥҳа. 🖇 Уаанӡа Сергеи Кириенко иҳәеит Аԥсны 1-4 аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколтә крыфарҭақәа рҿы ахәыԥха азырхиара Урыстәыла ахада ирезервтә фонд аԥара шазоунажьуа. Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 245 млн мааҭ, апрограмма аицфинансыркра мҩаԥысуеит Аԥсны абиуџьет аҟынтәи.
24
20
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа "Иԥагьоуи насыԥ змоуи" Урыстәыла имҩаԥыргараны иҟоуп ҳәа лҳәеит Sputnik аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аҵарауаҩ маӡаныҟәгаҩ Викториа Данилиук. "Иахьатәи аҟазара Амузеигьы убрахь иналаҵаны иахьҳамоу азы, урҭ мҽхакы ҭбаалатәи усурақәак, муралцәақәак ракәзар ҟалоит ҳәа ҳазхәыцуан. Ҳара иаадыруеит ари атрадициа ара Аԥсны ишыҟоу", — ҳәа азгәалҭеит лара. Апроект нагӡахоит Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аргыларатә усурақәа анхыркәшахалак ҳәа ацылҵеит Данилиук.
28