en
Feedback
Ахьыуардын

Ахьыуардын

Open in Telegram

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Show more
1 234
Subscribers
-124 hours
No data7 days
-730 days

Data loading in progress...

Tags Cloud
No data
Any problems? Please refresh the page or contact our support manager.
Incoming and Outgoing Mentions
---
---
---
---
---
---
Attracting Subscribers
July '26
July '26
+3
in 2 channels
June '26
+6
in 2 channels
Get PRO
May '26
+17
in 4 channels
Get PRO
April '26
+13
in 3 channels
Get PRO
March '26
+18
in 1 channels
Get PRO
February '26
+28
in 4 channels
Get PRO
January '26
+28
in 2 channels
Get PRO
December '25
+27
in 2 channels
Get PRO
November '25
+25
in 1 channels
Get PRO
October '25
+35
in 2 channels
Get PRO
September '25
+24
in 3 channels
Get PRO
August '25
+15
in 3 channels
Get PRO
July '25
+13
in 1 channels
Get PRO
June '25
+19
in 2 channels
Get PRO
May '25
+20
in 4 channels
Get PRO
April '25
+40
in 5 channels
Get PRO
March '25
+41
in 2 channels
Get PRO
February '25
+37
in 1 channels
Get PRO
January '25
+54
in 2 channels
Get PRO
December '24
+27
in 2 channels
Get PRO
November '24
+28
in 1 channels
Get PRO
October '24
+27
in 2 channels
Get PRO
September '24
+26
in 1 channels
Get PRO
August '24
+15
in 2 channels
Get PRO
July '24
+26
in 5 channels
Get PRO
June '24
+34
in 2 channels
Get PRO
May '24
+26
in 2 channels
Get PRO
April '24
+21
in 1 channels
Get PRO
March '24
+21
in 0 channels
Get PRO
February '24
+80
in 0 channels
Get PRO
January '24
+32
in 1 channels
Get PRO
December '23
+18
in 1 channels
Get PRO
November '23
+472
in 2 channels
Get PRO
October '23
+283
in 3 channels
Get PRO
September '23
+31
in 0 channels
Get PRO
August '23
+18
in 0 channels
Get PRO
July '23
+16
in 0 channels
Get PRO
June '23
+42
in 0 channels
Get PRO
May '23
+20
in 0 channels
Get PRO
April '23
+34
in 0 channels
Get PRO
March '23
+56
in 0 channels
Get PRO
February '23
+526
in 0 channels
Date
Subscriber Growth
Mentions
Channels
28 July0
27 July0
26 July+1
25 July0
24 July0
23 July0
22 July0
21 July0
20 July0
19 July0
18 July0
17 July0
16 July0
15 July0
14 July0
13 July0
12 July0
11 July0
10 July0
09 July0
08 July0
07 July0
06 July+1
05 July0
04 July+1
03 July0
02 July0
01 July0
Channel Posts
Аус злоу – ахи аҵыхәеи, Ахи аҵыхәеи роуп ижәдыр, Ахы шәызҭымгар, аҵыхәа иаҧсыхәеи, Аҵыхәа ҭызгода – ахы шәышьҭыр! Абжьарак иҟоугь ирылшарызеи, Ахи аҵыхәеи анҭаха! Шәыжәҩа еибышәҭа, шәыззыԥшузеи, Ахи аҵыхәеи еиқәшәыршәа!.. Ар ирҵасуп жәытәӡаахысгььы, Ҳарҭ уи ала ҳаиҿартәан. Акгьы ҳазеиқәырхом уажәынахысгьы – Аҵыхәа ҭышәымгар шәымун! Аҵыхәа ҭыжәгарц – ахы ҭыжәга, Ахы шәыцәҭамхааит аҳаҳаи! Хьыӡла-ҧшала ҩада ихәныжәга, Абжьарак иҟоугь шәрыҧхьа: шәааи! Зегь аджәгала ахи аҵыхәеи, Жәлары ирусны иҟашәҵа. Иҭахаз ирымоуп абри гәҭыхас, Дҵас ишәырҭоит: инашәыгӡа!.. ✍️ Витали Амаршьан, 2005 #алирика 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

2
☀️Аԥхынтәи ажәаԥҟақәа • Аԥхын аҟәраангьы амхы азылоуп. • Амш егьа идузаргьы зны ихәлоит. • Аҽада ашьха иушьҭыргьы ишҽадоу иаа
☀️Аԥхынтәи ажәаԥҟақәа • Аԥхын аҟәраангьы амхы азылоуп. • Амш егьа идузаргьы зны ихәлоит. • Аҽада ашьха иушьҭыргьы ишҽадоу иаауеит. • Мышцәгьашьҭахь акәара хәыҷқәагьы урыхәом. • Амш уақәгәыӷны уапада умныҟәан. • Ажәҩан ааигәоуп, ауапа хароуп. • Аҵла егьа идузаргьы, абӷьы амамзар, ашәшьыра азыҟаҵаӡом. • Аҵла ус аҳәеит: "Аԥша самыргарҽаруанда, егьагьы стәарыԥсарын". • Ашьханҵаҩы акы даҳәароуп, акы ааихәароуп, акы иӷьычроуп 🐝 • Адыд иацәшәаз акалаҭ дыҵалеит. • Анхаҩы драшәон, ихәаԥшуаз имариоушәа ибон. • Аҟәыдгьы жәлала иҟалоит. #ажәаԥҟақәа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
140
3
Аиҳабацәа урхагыланы аҩынаҳара — ҳаҭыр змоу маҵуроуп. Аҩынаҳара иагьакуп, иагьыҩбоуп, уи аҵәца арҭәра акәӡам иаанаго, арҭәышьоуп. Аҵәца шықәгылоу аҩы ҭоуҭәар ԥхашьароуп, насгьы зегьы ианыржәлак ауп ианҭарҭәо. Аҵәца цқьа имжәызар, иҭоуҭәаӡом, иаақәхны, "иҟалозар, уаҵәца амх " ҳәа иоуҳәоит. Игәамбзиара аҟнытә имжәуазар ҟалоит, усҟан аҭамада изин алоуп ишурҭәуа. Аҵәцақәа урҭәуеит зегьы неиҟараны: иурҭәцәаргьы ҟалом, иурбжатаргьы ҟалом. Уигьы акәым, аҭамада аныҳәаҿақәа рацәаны икыр, урҭ аԥхьа иикыз, ашьҭахь иикыз еилырфаҷа иудыруазароуп. Маҵура хәыҷы ыҟам, маҵура ду ыҟам, — иҳәалон даду, — аус злоу, унапы ианырҵаз аус шаҟа ламысрала, ҟәышрала инаугӡаз ауп. Даду аҩынаҳара саиршьцылахьан. Аҭакԥхықәра анаҩсангьы аҩынаҳара злабзиоу — шаҟа жәабжь, шаҟа лаф, шаҟа ажәа ҟәыш уаҳауазеи! Аҩыжәра аиҳа убарҭ ракәын аԥыжәара змаз... Асасцәа рхәы ианахыҵлак рҽаанкылан, ҳара ахаҵгылацәа ҳтәаанӡа амҩа иқәломызт. Ус иҟазаарын ажәытәангьы. ✍️ Никәала Ҳашыг ишәҟәы "Аԥсуара ашьаҭақәа" аҟынтә 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
157
4
Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа. Аныҳәа иалагеит абираҟныҟәгаҩцәа рныҟәарала. Амилаҭтә маҭәақәа зшәыз арԥарцәа
Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа. Аныҳәа иалагеит абираҟныҟәгаҩцәа рныҟәарала. Амилаҭтә маҭәақәа зшәыз арԥарцәа аԥсыԥтә оркестр рыцны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа инаркны Аԥсуа театр аҟынӡа инаргеит еиуеиԥшым аҭоурыхтә епохақәа ирыҵаркуа Аҧсны абираҟқәа. Атеатр аԥхьа ашҭаҿы аконцерт иалагеит, уи иалахәын аԥсуа естрадатә шәаҳәацәеи акәашаратә коллективқәеи. Ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан атәыла ахада Бадра Гәынба, Аҧсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр Владимир Делба, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
190
5
Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш шәадныҳәалазааит, акыр иаԥсоу аԥхьаҩцәа! 🚩 🛡️🌟 Шәышықәсала заԥсуара еиқәырханы иаазгоз ҳабац
Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш шәадныҳәалазааит, акыр иаԥсоу аԥхьаҩцәа! 🚩 🛡️🌟 Шәышықәсала заԥсуара еиқәырханы иаазгоз ҳабацәеи урҭ рабацәеи рбираҟ, аибашьра амцақәа ирылгоу, ахҭыԥ знылахьоу, ашьа злабахьоу. Аиаҵәа — ҳашьхеи, ҳамшыни, ҳӡы ҵамҵамқәеи, ҳшьац уарҳалқәеи рыԥшшәы, аиаҵәа змымҵәо ҳаԥсабара блахкыга, аҿиареи аԥсҭазаареи; ашкәакәа — ҳԥеиԥш лаша, ҳгәыӷрақәа, ҳгәамч, адоуҳацқьара; аҟаԥшь иану анапы — ҳҭоурых еиԥш иԥышәоуп, иӡрыжәуп ҳҭарчеи, аха наџьнатә аахысгьы иаҳҩызоу ҳаиҩызоуп, ҳгәы аартуп, ҳасасгәашә аартуп. Аԥсуареиԥш иԥшьоуп ҳбираҟ. Иахьа изхагылоу Аԥсны жәлар зегьы ракзаареи рыӷәӷәареи иадыргоуп, ҳмилаҭ хьӡы зху аҳәынҭқарра ахьыԥшымра иадыргоуп. Нагӡара ақәзааит аԥсуа бираҟ, нагӡара ақәзааит ихьыԥшым Аԥсны! 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
198
6
Ашәҟәыҩҩцәа ражәа хьыршәыгәқәа 📚 "Абаҳчаҿы арасамахә катката, аҩнаҭаҿы — аԥҳәызба еихышәашәа". Владимир Басариа "Аҳҭны-мца ҭ
Ашәҟәыҩҩцәа ражәа хьыршәыгәқәа 📚 "Абаҳчаҿы арасамахә катката, аҩнаҭаҿы — аԥҳәызба еихышәашәа". Владимир Басариа "Аҳҭны-мца ҭбаазаргьы уарԥхом, лаӷырӡуп, аԥацха-мца маҷзаргьы иԥхоуп, иразуп". Баграт Шьынқәба "Аԥсуа иаҳаҭыр уахыкәласыр аҵкыс душьыр еиӷьишьоит". Иван Ҭарба "Аԥсуаа знызаҵәык ауп ауаҩы ииухьоу ацәгьара анианарыжьуа — данԥслак!.." Алықьса Џьниа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
237
7
Апоет, арҵаҩы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла Заур Кәарҷиа диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит (1936 - 2008). Диит ԥхынгәы
Апоет, арҵаҩы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла Заур Кәарҷиа диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит (1936 - 2008). Диит ԥхынгәымза 20 рзы, Ҷлоу ақыҭан. Иреиҳау аҵарақәа ҩба иман: афилологиатә, аҭоурых-зиндырратә. Акыршықәса Аԥсны ашколқәа рҿы аус иухьан, аҵара-ааӡара аус иџьабаа адиҵон рҵаҩыс, аҵара аҟәша аиҳабыс, директорс. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага, иуаҩыбжара кыр дшахысхьазгьы, ихҩыԥацәа наиваргыланы аԥсадгьыл ахьчара иазгылеит (аиҵыбӡа 16 шықәсагьы ихымҵцызт усҟан). "Иаҳҳәап, сԥацәеи, схи-сыԥси срыцәшәаны сыҽхьаскызҭгьы, шьоукы-шьоукы реиԥш анавагыларҭа-аавагыларҭақәа сыԥшаазҭгьы, усҟан сҵарагьы, сырҵаҩрагьы, сыздынҵәаланы исааӡаз сыхшарагьы, саб иџьынџь аҿы исыргылаз сыҩнгьы изаҟаразаалак мчы рымаӡамкәа иҟалон, еиҳаракгьы "уаҳа сашьҭам мазарак, саҳәоит ҩ-ԥсҭазаарак: ԥсҭазаарак сыдгьыл гәакьаз, аҩбатәи — сажәеинраалаз" ҳәа исҳәахьоугьы доуҳадахон", — абас азгәеиҭон апоет имшынҵак аҿы. Заур Кәарҷиа акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иҩымҭақәа Аԥсны агазеҭқәеи ажурналқәеи ирнылон. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи реизга шәҟәқәа 10 инареиҳаны дравторуп ("Ахышьҭрахь" 1978; "Аблакәа анеиқәшәо", 1984; "Аӡаӡаҳәымҭа", 1987; "Ихароу агәыӷрақәа", 1990; "Аԥсҭазаара амаӡа", 1994; "Ахаҵа данхаҵоу", 1994; "Ашьаҿақәа", 1994; "Алхас", Апоема-ауаз, 1995; "Аҳақ", 1996; уҳәа уб. иҵ.). Иалкаау иажәеинраалақәа "Аԥсуа поезиа антологиа" 2-тәи атом иагәылоуп. Аграждантә лирика цаҳәцаҳәа аԥызҵоз аԥсуа поет. Иԥсҭазаара аҟнеиԥш ирҿиараҿгьы дааԥшуеит аиаша иазықәԥо, ауадаҩрақәа ирцәымшәо, зыԥсадгьыли зыжәлари зхи-зыԥси реиԥш бзиа избо, ианаҭаххагьы зхы рыхҭнызҵар зылшо иакәны. Имцымкәа иҵабыргу фырхаҵаны. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
249
8
ЗЕГЬ ИАХЬА ИАҲЗЫӠБОМ Нхаҩык аԥсҭа ашьапаҟны дцан аиаҳәазы ҭәаҵлак хиҵәеит. Уа аӡиас ахықә аҟны иааныжьны аҩныҟа дааит, мышк цәгьаханы аӡы духар иалаазгап ҳәа. Ус уахык иаалырҟьаны амш цәгьахан, иқды рҳәазаны иама идәықәлеит. Ишлеиуаз аӡәы иаагәеиҭан иаамхны аҩныҟа игеит. Ақды зтәыз дҵаа-ԥшаауа дышдәықәыз иахьыҟаз иаҳан днеит. Ари сара соуп ихызҵәаз, аиаҳәа алысхразы исҭахуп, исуҭароуп, - иҳәеит. - Иара саргьы убри аиаҳәа азоуп изамысх, исызуҭом, - иҳәеит егьи. Ари аус анеимактәха аӡбаҩ иахь ицеит. Аиаҳәа амызхыззаанаҵа аӡбаҩ диацәажәеит, шьтәакгьы алашьцара иалакны изигеит, ашьтәы иқьышә шазцоз аниеиҳәа. Аӡбараан аӡбаҩ аиаҳәа аӡы иамызхыз идиӡбалеит. Уи иамимхыр аӡы иагаӡар ҟалон, ма џьара ицәыҵаҳәҳәаны ԥслымӡла ихнаҩар алшон ҳәа иԥхьаӡаны. Аиаҳәа зтәыз ажәа амихит. - Аӡбаҩ ухаҵкы, сара сыԥсны аӡы сышланаго уи самихызҭгьы, сызтәыз сриҭозу, иара иҟны анышә сеиҭозу? - диазҵааит. Итәаз агәырқьҳәа рнапы еинырҟьеит, ари диашоуп ҳәа. Аӡбаҩ акыраамҭа дхәыцуа дтәан, нас уара уиашоуп, ақды уара иумаз иҳәеит. Нас егьи дгылеит. - Ус анакәха, ани ашьтәа иузаазгаз архынҳәразы угәы иаанагози? - иҳәеит. - Уи даҽазны ҳахәаԥшып, зегь иахьа иаҳзыӡбом, - иҳәан аӡбаҩ, иқьҭаԥқәа иҩыҵрак ддәықәлеит. ✍🏻 Жьужьа Ақаҩба иажәабжь 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
312
9
МЫСРА Сара Аԥсынтәыла саҵеиуп, Аԥшӡа џьашьатәӡам ара. Аха иахьазы смарҵеиуп, Уи сҵауеит, абар, Мысра. Мысраз ажәа "аԥшӡа" уҳә
МЫСРА Сара Аԥсынтәыла саҵеиуп, Аԥшӡа џьашьатәӡам ара. Аха иахьазы смарҵеиуп, Уи сҵауеит, абар, Мысра. Мысраз ажәа "аԥшӡа" уҳәаргьы, Амч азцәыргом азхара. Аԥшӡараз аҳҭныс иушьаргьы, Бзанҵы иухьуам ԥхашьара. Аԥшӡара аҭоурых иабӷьыцуп Абаа ӡышрагь Амбара. Уи ахаҵара ашьагьы ацуп, Дарбан агәра зымгара?! Араҟа аԥсуа аԥхӡы кеиҟьоит, Иҭбаауп мшынҵас игәаҭа, Ара дынхоит, аҩы ҭеиҭәоит, Асас дагхом иҩнаҭа... Амшын еиқәа агәы ҭагылом Мысра укалҭ ианагәӡуа. Уара уханқәа ирыҩнагылоуп Укалҭаҿ зыԥсы зшьауа. Избоит, урҭ зегь рыԥсы улоуп, Иашьҭоуп уҵеира аԥсара. Рызхара ирызбома, иалоуп Уџьра, ухьара, уԥсара. Уаԥхьа сгылоуп, саанукылан, Сыԥсуа дгьыл хәыҷ, о, Мысра! Снапсыргәыҵа уқәсыргылон, Исылшауазар сара. Борис Гәыргәлиа, 1964 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
298
10
🤩 Аҭоурыхтә ажәаԥҟақәа • Ачба умҳәакәан, Чачба узҳәом. • Аҳ данԥслак, иԥа даԥсамзаргьы, аҳас дҟалон. • Аҳи аҳкәажәи еидыслан
🤩 Аҭоурыхтә ажәаԥҟақәа • Ачба умҳәакәан, Чачба узҳәом. • Аҳ данԥслак, иԥа даԥсамзаргьы, аҳас дҟалон. • Аҳи аҳкәажәи еидыслан, аҳҭыԥҳәыс дрыбжьыԥсааит. • Аҳи аҳкәажәи еижәхасын, аҳҭыԥҳәыс илзеиӷьыз ҟалеит. • Мышкы аҳра зауз шәҩык рхы хисеит. • Саҳ ҳәа зоуҳәаз, стәы ҳәа уеиҳәоит. • Аамысҭа ихәы аинцәышгьы иаанагоит. • Аамысҭа иԥшра змоу аамысҭа игәрагьы иоуеит. • Аамысҭа дызмам аҭауад дҭауадым. • Амаршьан дахьтәам ақыҭа уаламлан. • Аҳәынаԥ аца иааӡоит, Хабжькәытгьы жәлар рмал дааӡеит. • Далаа Хабжькәыт-иԥа дрывасуан. • Маанаа Ҷыжә дрывасуан. • Аублаа дзааӡаз ихгьы иқәиҵон. • Амра абаагәара анакәыршоу аҳак дыԥсуеит. • Амза абаагәара анакәыршоу ҭауадк дыԥсуеит. • Лӡаа инеиз Мӡаагьы днеиуеит. • Ацҳаражәҳәаҩ дыршьуам. • Ацҳаражәҳәаҩ дхәым, дшьым. • Ашәуа хәылԥыеҵәа дҭанархеит. • Ажәак қытак ннархоит, ажәак қытак хнарҵәоит. • Ацәажәаҩ алабашьа икызар, ицхраауеит. • Ахьтәы шьха аҵкыс аҭынчра еиӷьуп. Ацанбақәеи, Агьечбақәеи, Ԥалааи ԥагәырӷьа аныруаз, аԥа диит ҳәа ианхысуаз рԥацәа ирылҵша анрылҵлак акәын. (Белла Барцыц ланҵамҭақәа рахьтә) #ажәаԥҟақәа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
346
11
Очамчыра 2526 шықәса ахыҵит! Ара ажәытәтәи ауаҩы дынхон хә-нызқь шықәса раԥхьагьы, уи шьақәзырӷәӷәо археологиатә ԥшаахқәа ыҟо
Очамчыра 2526 шықәса ахыҵит! Ара ажәытәтәи ауаҩы дынхон хә-нызқь шықәса раԥхьагьы, уи шьақәзырӷәӷәо археологиатә ԥшаахқәа ыҟоуп, аха хаз қалақьны ишьақәгылеит VI ашәышықәса актәи азбжа инаркны ҳәа иԥхьаӡоуп. Усҟан арахь иқәнагалеит ақалақь Милетынтәи абырзенцәа-аколонистцәа. Урҭ ара абырзен полис аргылара нап адыркит, иагьахьӡырҵеит Гиуенос. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзгьы аҵарауаа ара лассы-лассы ирԥыхьашәоит усҟантәи аамҭақәа ирыҵанакуа акрызҵазкуа аԥшаахқәа. Аҵыхтәантәиқәа иреиуоуп антикатәи аамҭа иаҵанакуа аџьаз иалху аҳаҭәараҷ, аҭсатә ҭоубыҭ. Иахьа Очамчыра ауадаҩрақәа ириааины аҿиарамҩа иануп, ара инхоит хә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Иара амшын аҟәара иаҿықәуп, аԥшаҳәа ԥшӡоуп, аиаҵәара иҭалаҳауп. Очамчыраа ракәзар, рықалақь гәыкала иазыҟоуп. Нагӡара уқәзааит, Очамчыра, нагӡара рықәзааит ҳақалақь хьыҵәцарақәа!
268
12
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, афольклорист, алитератураҭҵааҩы Сергеи Зыхәба диижьҭеи 90 шықәса ҵит иахьа. Сергеи Лад-иԥа дышқәыԥш
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, афольклорист, алитератураҭҵааҩы Сергеи Зыхәба диижьҭеи 90 шықәса ҵит иахьа. Сергеи Лад-иԥа дышқәыԥшызнатә даара зхы аус адзулоз, арҿиаратә гәаҳәара зызҭаз уаҩын. Ашкол данҭаз инаркны ирацәаны даԥхьон, алитература бзиаӡаны идыруан, исахьаркыратә гьама ҳаракын. Афольклор аизгара, аҭҵаара анахыс, уи иаҵоу адоуҳа агәра игон. Дыстудентны аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылеит, 1978 шықәсазтәи еицырдыруа Аԥсуа шәҟәы знапы аҵазҩыз 130-ҩык дыруаӡәкын иаргьы. Зынӡа инапы ҵыҵит 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа; алитературадырратә статиақәа, ашәҟәқәа жәпакы (афольклортә текстқәа рышәҟәқәа мацара 10 рҟынӡа), иҭиҵаауан аԥсуа литературеи нхыҵкавказтәи алитературақәеи реизыҟазаашьа, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа рырҿиара. Ихаҭагьы ажәабжьқәа, афоризмқәа иҩуан; апублицистикаҿы дыӷәӷәан; деиҭагон (аԥсышәала ирцәажәеит азахә фольклор ахьыршәыгәқәа, Андерсен илакәқәа). "Аамҭа деиҷаҳауан", — абас иҳәахьеит Руслан Қапба иҩыза гәакьа Сергеи Зыхәба изы. Изхиҳәаазгьы уи ԥсшьарак ихы иамҭаӡакәа, ҽышәала иус ахьынаигӡоз ауп. Сергеи Лад-иԥа ачымазара бааԥс анизцәырҵ, мчыбжьык ахь хынтә ишьа зегьы иԥсахлар акәын, кәарма-кәарма илеиуаз ахәшә даҵаианы ихигон. Зны Маиҟәаԥ иҽихәышәтәуан, нас Аԥсны. Аҵыхәтәантәи иҭҵаарадырратә, икритикатә усумҭақәа агемодиализ дшаҵаиаз иаԥиҵақәаз роуп. Аџьамыӷәа ибазаргьы, илихыз амҩа ихы ламырҟәӡакәа данысит. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Сергеи Зыхәба ианашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара. Иџьабаа хәы змаӡам лагалоуп кавказҭҵааразы, лымкаалагьы аԥсуа доуҳатә культуразы. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
309
13
Тәамба ҟазҵо тәамба ихьуеит (Аԥсуа жәаԥҟа). Ҷалы иаб дыԥсгәышьахьан. Зегьы ирдыруан. Зны ргәылара Хьрыԥс ҳәа аҳ инхоз цасҳәа, Ҷалы уабгьы уаргьы шәысзааироуп, шәысҭахуп ҳәа ацҳаражәҳәаҩ дизааишьҭит. Ҷалы игәы иалсит, иаб иԥсхьаз изы ас ахьизааицҳаз аҳ. Аха Ҷалы рацәак дымԥшыкәа абӷьааҳәа иҽеилаҳәан Хьрыԥс иҿы дынкылсит: "Ҳаҭыр зқәу аҳ, узыԥхьаз рыҟнытә сара сааит!" "Ҷалы, уаб Гагәыла дзымаазеи?" – дыҽхырҵааит аҳ. Ҷалы дҳәцымыцны даацәажәеит: "Саҳ, ухаҵкы, Гагәыла маҷк иҭыҳәрыкьқәа бааԥсуп, сара сихәом, убри аҟнытә дахьыҟоу уцаны уара дааугароуп!" ✍🏻 Анатоли Аџьынџьал иажәабжь кьаҿқәа рахьтә 📖 Аҭыҳәры́қь, а́аҭырҟьа, аса́нӡӷә - нрав, характер 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
378
14
Иҭабуп, абжьыҭара зхы алазырхәыз! Аиааира агеит актәи авариант: Адгьылбжьаратәи амшын. Аха "Амшын бжьаха" хыҭхәыцаам, абас еи
Иҭабуп, абжьыҭара зхы алазырхәыз! Аиааира агеит актәи авариант: Адгьылбжьаратәи амшын. Аха "Амшын бжьаха" хыҭхәыцаам, абас еиҭаргеит ХХ ашәышықәса алагамҭазы Аевангелие аԥсышәала изырцәажәоз. Иахьа ишаҳҳәо, ажәарқәагьы ишырну "Адгьылбжьаратә мшын" (Касланӡиа, Џьонуа), ма "Адгьылбжьаратәи амшын" (Чрыгба) ҳәа ауп, икалькоуп уҳәар ауеит, аха ицәажәоит, алитература иаднакылеит. Еиӷьу-еицәоу — уи даҽа зҵаароуп. Амала адгьылбжьаха ҳҳәозар "остров" азы, амшын бжьаха терминс ҳхы иаҳархәар ҟалоит адгьыл ҽыҭ дуқәа (аматерикқәа) ирыбжьаку амшынқәа рзы. Иара ус ацәажәараҿы акәзаргьы. Избанзар ҳаамҭазтәи агеографиа урҭ зегьы еилымхӡакәа аҩнуҵҟатә мшынқәа ҳәа изышьҭоу ирхырԥхьаӡалоит. Алитературатә бызшәа аҽшеиҭанакуаз азы даҽа ҿырԥштәык. 1925 шықәсазы иҭыҵыз, Самсон Ҷанба иеиқәиршәаз агеографиа арҵага шәҟәы аҟны аӡиа Риҵа арбоуп "Риҵа аӡҭаиа́" ҳәа. Иԥшӡами асгьы? 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
324
15
🌊Амшынхьыӡқәа рзы шәышԥаҟоу? "Средиземное море" аԥсышәала ишԥашәҳәарыз:
353
16
ГӘЫГӘЫЦА ЛАША (Ашәа) Гәыгәыца Џьыкырԥҳа илызкны Быжәлар ргәеисра бгәеисроуп бара, Быԥсадгьыл Аԥсны ԥшӡа базбом азхара. Уи ара
ГӘЫГӘЫЦА ЛАША (Ашәа) Гәыгәыца Џьыкырԥҳа илызкны Быжәлар ргәеисра бгәеисроуп бара, Быԥсадгьыл Аԥсны ԥшӡа базбом азхара. Уи аразҟы лаша аиурц бҭахуп, Бахьыҟазалакгьы былаԥш ахуп. Владислав ду бихцәажәон быбжьы ҿацаӡа, Ибҳәон бара аиаша зегь шыҟаз имӡа. Рхы рыкәаҽ игылан ажәлар шанхан, Быбжьы иарҵысуан ҳзыҩнагылаз ахан. Гәыгәыца, Гәыгәыца, Гәыгәыца лаша, Ахә зшьахьада Гәыгәыца былша. Исызҳәарымашь ажәа ибыхәҭоу, Аԥсны ԥшӡа иадыруеит бҩызцәа зыԥсоу. Аԥсуа культура аӡыргара азын Ибылшахьоу маҷым, бразын зегь рзы. Асценахь банцәырҵуаз ҳагәқәа ԥшаауан, Бажәақәа ибҿыҵуаз агәаҵантә иаауан. Ажәлар жәларума аиашаз имқәԥар, Нас, дара мшынҵас агәараҳәа имцәқәырԥар, Ажәлар ԥхьаҟа ираԥгыло милар, Рхаҵара, ргәымшәара, еиҭазҳәо дҟамлар. Гәыгәыца, Гәыгәыца, Гәыгәыца лаша, Ахә зшьахьада Гәыгәыца былша. Исызҳәарымашь ажәа ибыхәҭоу, Аԥсны ԥшӡа иадыруеит бҩызцәа зыԥсоу. ✍🏻 Иури Ԥкьын, 2013 🤩 Ауаажәларратә усзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лықәраныҳәа азгәалҭеит. Ажәлар рныҳәаԥхьыӡ зцу Аԥсны аԥҳа гәеицамк, агәыбылҩы. Ацқьара, аԥшӡара, аиашара, агәымшәара ахьыҟоу лара дыҟоуп. Аԥсуара лыцныҟәоит дахьыҟазаалак, ҳҭоурыхи ҳкультуреи рымаҵ луеит дрыхӡыӡаауа. Уаҵәтәи амш ахьгарҵуа ауарҳал азышьҭалҵахьеит. Агәабзиара лымазааит, лыгәҭакқәа зегь наӡааит иԥкымкәа! Ҽаанбзиала! 🌹 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
373
17
Аҟәа, ҳбырлаш иамшныҳәоуп иахьа — 2510 шықәса ахыҵит! Шаҟа ашәа узырҳәахьоузеи ҳақалақь хазына! Инасыԥуп уа уҿы аԥсҭазаара иа
Аҟәа, ҳбырлаш иамшныҳәоуп иахьа — 2510 шықәса ахыҵит! Шаҟа ашәа узырҳәахьоузеи ҳақалақь хазына! Инасыԥуп уа уҿы аԥсҭазаара иагьамоу адырра! Шаҟаҩ уеилаҳауадаз, шаҟаҩгьы рыԥсы ухҭынҵоузеи! Абылреи ахәшәлҩеи урылҵны, ацәа зҩыда уҟәынҵаны, ес-уажәааны уаԥылоит уныҳәамш! Ахаан еиԥш иахьагьы знык узбаз наунагӡа дыхнахуеит уԥшӡара! Ҽаанбзиала, Аҟәа! Хьы-шәахәала икәабоу, ашьхеи амшыни ирыбжьаршәу, уҭоурых зегьы аӷәӷәара иатәуп. Адунеи уақәлаха, уеицамкын! Иумазааит аизҳара, агәырӷьара, уааԥсырала аиҵыҵра, аҭынчра! Еснагь иухалашоз аԥсуа бираҟ, иухыҩуаз аԥсшәа! Баагәарас иумазааит еилшәара зқәым ужәлар! Иугмыз ухьӡ адунеи иахзырҵәо абзырӡы! Шьардаамҭа! 🌊🐚🐚 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
298
18
📌 Ажәа бзиоуп 📆 Амшды́рга (календарь; календарь знаменательных дат) Амшдырга – иахьа иарбан мшу злаудыруа; ма аҭоурых аҿы з
📌 Ажәа бзиоуп 📆 Амшды́рга (календарь; календарь знаменательных дат) Амшдырга – иахьа иарбан мшу злаудыруа; ма аҭоурых аҿы закәы мшу уҵазҳәо (ари аганахьалагьы иурцәажәар ауеит). Иманшәалоуп, иаԥсышәоуп, иаҳәо иаразнак еилукаауеит. Ари Омар Беигәаа иажәоуп, шәышықәса иниҵыз рахьтә 70 инареиҳаны аԥсуаҭҵаара иазызкыз, иара дышқәыԥшыз ижәлар рдоуҳа дазҿлымҳан, ажәытә жәабжьқәа еизигон, убас амзақәа рыхьӡқәа аниҵеит, адиаспора рзы амшдырга еиқәиршәеит. 1968 шықәсазы иҭижьит иԥшшәыркны, асахьақәа зцыз амшдырга. Иҟалап, ажәа ахаҭагьы иара ихәыцзар. "Амза́р" иҿыцу акоуп, уахь иалаҵәаны иҟамызт, абаза бызшәаҿгьы хархәара амаӡам. Абраҟа иазгәоуҭаша уи ауп, аԥсшәаҿы "календарь" аилкаара аарԥшразы еихьыԥшым ҩ-ажәак ҳамоуп, аҩбагьы ԥсышәа наӡоуп. Индоевропатәи абызшәа дуқәа ари ажәа еицырзеиԥшуп, иара жәытәӡоуп (англыз, аиспан, апортугал, афранцыз, аиталиан бызшәақәа, аурысшәа, ақырҭшәа уҳәа). Ус анакәха, амзар, амшдырга — #асинонимқәа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
296
19
Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба иԥсы ҭазҭгьы иахьа 55 шықәса ихыҵуан. Ҳаԥсадгьыл аӷа изымҭаз аҟәатәи арԥыс гәымшәа. Аибашьра анҵысыҵәҟьа Ацҳа ҟаԥшь аҟны ампыҵахалаҩ иҿагылаз дреиуоуп. Гәымсҭатәи афронт аҿы деибашьуан, фырхаҵарыла дҭахеит иманшәаламхаз Марттәи ажәылараан. Усҟан 22 шықәса дырҭагылан, Аԥсуа университет азиндырратә факультет дҭан. Арзамеҭ Ҭарба изқәаҭыԥ Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы иҟоуп, ибаҩ ԥшааны хьыӡла-ԥшала анышә иамадан 2014 шықәсазы. Ашәҟәыҩҩцәа изыркхьоу ацәаҳәақәа рҟынтә: Ҳҵеицәа ӷьеҩқәа рыцҳақәа! Заҟа ҳшәылагәдууазеи, Заҟагьы шәа шәыла Ҳгәы шьузеи… Шота Ҷкадуа, 1995 Иабаздыруаз ишаҿагылоз Зқьҩыла ҳаҷкәынцәа аҿанҵәо! Зықьҩылагьы уаҳа иаҳԥымло Ргәаҵӷақәа шыԥнаҵәоз С-Арзик хәыҷ сашьа иԥа ссир, Мра хаҿылаша илашоз, Уи амцагьы хаҵак иеиԥш Уаргьы ушыԥнашәоз! У-Арзик хәыҷны ушалашәоз, Уагьшалаӡуаз агәҭаны! У-Арзамеҭны удуха ушалҵуаз, Уфырхаҵа хаҭаны!.. Ԥсыхәаз иҟаз уеиԥш зеиԥшроу Дазыҟамлар ҳ-Аԥсназы дшаны? Аха уеиԥш зеиԥшугь ирылхәдахаз Наӡаӡа ишԥанхеи ибжаны! Нели Ҭарԥҳа, 1998 Дҭахеит Арзик Ҭарба, ихьӡ аԥсра изладукыларызеи, иара уахьихәаԥшуаз, Аԥсны асимвол ауаҩы ихаҿсахьала иаадырԥшуазар – аԥхьа иалукаашаз. Алықьса Гогәуа Арзик Ҭарба – Афырхаҵа, Ҭарба Нели лашьа иԥа. Ашьха ӡыхь, згьама еицамкуа, Гәыли Кьычба лхаҭаԥсаҭа. Ашәаз ажәа са исзаԥҵозма, Уаҳзимшеит баша ҳа ҳанцәа. Нас ҳәатәыда харак сызцозма, Имизҭгьы уҩызцәа аԥацәа. Уа убаҩқәа Аԥсны иахыгам, Уԥсы ҳхылаԥшуеит уажәгьы. Угәҭыхақәа зымҩа иԥхьакым, Урԥылоит анацәа уашәаны. Белла Барцыц 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
333
20
"Ашықәс рацәа шҳабжьоугьы, Омар Беигәаа хаҭала дыздыруан, ҩынтә-хынтәгьы иҩны снеихьан. Дырмит Гәлиа аԥсуа литератураҿы иаана
"Ашықәс рацәа шҳабжьоугьы, Омар Беигәаа хаҭала дыздыруан, ҩынтә-хынтәгьы иҩны снеихьан. Дырмит Гәлиа аԥсуа литератураҿы иаанаикыло аҭыԥ ахаҭа-ԥсаҭоуп Омар Беигәаа адиаспора рҿы ҭыԥс иааникыло. Ҳара ҳбызшәа, ҳҭоурых, ҳмифологиа уҳәа, хьаас ишьҭыхны, нап рыдкыланы, ааԥсарак ҟамҵакәа аус рыдулара даҿын. Омар Беигәаа иусумҭақәа роуп адиаспораҿы ҳара ҳмилаҭ хдырра еиқәзырхаз. Ҳажәлараи, ҳбызшәеи ижәытәӡатәиу аҭоурых ҵаула шрымоу иара илоуп ишеилаҳкааз. Сара абыржәгьы бзиа ибаны срыԥхьоит иҩымҭақәа, исарҳәогьы даара ирацәоуп", — Октаи Ҷкотуа. 🖇 Аԥсуа шәҟәыҩҩы Омар Беигәаа диит ԥхынгәы 1 азы, 1901 шықәса, Ҭырқәтәыла. Иара дравторуп хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны аҭоурыхи, абызшәеи, афольклори ирызку ашәҟәқәа, еиқәиршәеит аетимологиатә жәар, убас иҵегь аҭҵаарадырратә усумҭақәа. "Аамсҭа Қьабз" зыҩыз афилософ Мураҭ Иаан аԥсуара зҿиҵаауаз еиҳабыс диԥхьаӡон Омар Беигәаа. Аҵарауаҩ иԥсҭазаара далҵит 2001 шықәсазы, анышә дамадоуп Сҭампыл. 2013 шықәсазы Аҟәа иаартыз Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи иара ихьӡ ахуп. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
311