Sputnik Аԥсны
الذهاب إلى القناة على Telegram
Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
إظهار المزيد592
المشتركون
لا توجد بيانات24 ساعات
لا توجد بيانات7 أيام
+1730 أيام
جاري تحميل البيانات...
القنوات المماثلة
سحابة العلامات
لا توجد بيانات
هل تواجه مشاكل؟ يرجى تحديث الصفحة أو الاتصال بمدير الدعم الخاص بنا.
الإشارات الواردة والصادرة
---
---
---
---
---
---
جذب المشتركين
سبتمبر '26سبتمبر '26
سبتمبر '26
+26
في 10 قنوات
أغسطس '26
+12
في 19 قنوات
Get PRO
يوليو '26
+12
في 11 قنوات
Get PRO
يونيو '26
+11
في 8 قنوات
Get PRO
مايو '26
+17
في 8 قنوات
Get PRO
أبريل '26
+11
في 4 قنوات
Get PRO
مارس '26
+5
في 8 قنوات
Get PRO
فبراير '26
+16
في 5 قنوات
Get PRO
يناير '26
+11
في 4 قنوات
Get PRO
ديسمبر '25
+30
في 7 قنوات
Get PRO
نوفمبر '25
+12
في 11 قنوات
Get PRO
أكتوبر '25
+9
في 6 قنوات
Get PRO
سبتمبر '25
+18
في 7 قنوات
Get PRO
أغسطس '25
+12
في 5 قنوات
Get PRO
يوليو '25
+11
في 4 قنوات
Get PRO
يونيو '25
+26
في 5 قنوات
Get PRO
مايو '25
+20
في 6 قنوات
Get PRO
أبريل '25
+23
في 9 قنوات
Get PRO
مارس '25
+15
في 3 قنوات
Get PRO
فبراير '25
+120
في 106 قنوات
Get PRO
يناير '25
+153
في 70 قنوات
Get PRO
ديسمبر '24
+222
في 90 قنوات
Get PRO
نوفمبر '24
+91
في 50 قنوات
Get PRO
أكتوبر '24
+14
في 3 قنوات
Get PRO
سبتمبر '24
+9
في 5 قنوات
Get PRO
أغسطس '24
+262
في 6 قنوات
Get PRO
يوليو '240
في 4 قنوات
Get PRO
يونيو '24
+24
في 5 قنوات
| التاريخ | نمو المشتركين | الإشارات | القنوات | |
| 30 سبتمبر | 0 | |||
| 29 سبتمبر | 0 | |||
| 28 سبتمبر | 0 | |||
| 27 سبتمبر | +1 | |||
| 26 سبتمبر | +1 | |||
| 25 سبتمبر | +1 | |||
| 24 سبتمبر | 0 | |||
| 23 سبتمبر | 0 | |||
| 22 سبتمبر | 0 | |||
| 21 سبتمبر | 0 | |||
| 20 سبتمبر | +1 | |||
| 19 سبتمبر | +1 | |||
| 18 سبتمبر | 0 | |||
| 17 سبتمبر | +1 | |||
| 16 سبتمبر | 0 | |||
| 15 سبتمبر | 0 | |||
| 14 سبتمبر | 0 | |||
| 13 سبتمبر | +2 | |||
| 12 سبتمبر | 0 | |||
| 11 سبتمبر | +1 | |||
| 10 سبتمبر | 0 | |||
| 09 سبتمبر | +2 | |||
| 08 سبتمبر | +1 | |||
| 07 سبتمبر | 0 | |||
| 06 سبتمبر | +1 | |||
| 05 سبتمبر | +1 | |||
| 04 سبتمبر | +2 | |||
| 03 سبتمبر | +9 | |||
| 02 سبتمبر | 0 | |||
| 01 سبتمبر | +1 |
منشورات القناة
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа динамикала аҿиара иацырҵоит, ахада ҿыц Марат Камболов имаҵура данахагыла ашьҭахь ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр Владимир Делба.
"Ахәаахәҭра-економикатәи, асоциалтәи, акультуратәи усеицура аусхк аҟны азԥхьагәаҭақәеи аусмҩаԥгатәқәеи ыҟоуп. Ҳинтересқәа ахьеиқәшәо, иахьеиныруа азҵаарақәа маҷымкәа иҟоуп. Сара агәра ганы сыҟоуп, ари ахырхарҭала ԥхьаҟа ҳцалоит, хымԥада алҵшәа бзиақәа ҳауеит ҳәа", — иҳәеит иара Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла аинтервиу аҭо.
Делба иациҵеит Аԥсны анапхгара еснагь Аахыҵ Уаԥстәылатәи амчрақәеи дареи аизыҟазаашьа бзиақәа шрыбжьаз, агәрагара ааирыԥшит ԥхьаҟагьы ишьақәдыргылаз ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы атемп ишацҵахо азы.
#social
| 2 | 🚰Кьалашәыр аӡиас аҿы аӡымҩангага аӡы аҩаӡара ашьҭыҵра иахҟьаны ааха ӷәӷәа аиуит.
Аремонт аҳауатә ҭагылазаашьа иадҳәалоуп, мышқәак аҭаххоит ҳәа аанацҳауеит аҟәатәи "Аӡыканал".
Ӡыда иаанхеит Баслаҭеи Ӡыгәҭеи, Ҷанба, Аԥсилаа, Аишьцәа Занҭариаа, Мушьни Хәарцкьиа рымҩақәа, Турбаза иахьаҵанакуа аҩнқәа хыхьтәи аихагылақәа. | 19 |
| 3 | Аԥсны Асоциалтә еиқәыршәара аминистрра ацифраркра урыстәылатәии аԥсуа ганни рнапы зҵарыҩуа амҩатә хсаалахь еиқәыршәахоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Ари аӡбамҭа рыдыркылеит Урыстәыла аџьеи асоциалтә хьчареи рминистрраҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы, уи рхы алаирхәит ареспублика асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Кама Аӡынбеи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови.
Апроект анагӡара иалнаршоит асоциалтә маҵзурақәа зауа иаку рдыррақәа рбаза аԥҵара, ашәарақәа рхыԥхьаӡалара аамҭа аркьаҿра, иара убас аелектронтә формат ала арзаҳалқәа рынашьҭра иабзоураны ауааԥсыра рзы амаҵзурақәа рнеира аизырҳара.
Аӡынбеи аусбарҭа аусзуҩцәа хадақәеи ааԥхьара рырҭеит ари аусхк аҟны урыстәылатәи аԥышәа аҭҵааразы регионқәак ирҭаарц. | 16 |
| 4 | Бадра Гәынба аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахада Иауз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу Ҭырқәтәылантәи аԥсуа диаспора рделегациа дырԥылеит.
Гәынба ареспублика анҭыҵ инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аҵак ҷыда шамоу азгәеиҭеит.
"Ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара ҳара ҳзы аҵак ҷыда амоуп. Ҳахьынхозаалакгьы, ԥсадгьылк, иаҳзеиԥшу аҭоурых, иаҳзеиԥшу адацқәа ҳамоуп. Ҳара зегьы ҳаицхырааны ихьыԥшым ҳаԥсуа ҳәынҭқарра ҳаргылалароуп, иҳарӷәӷәароуп", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Иара убасгьы адиаспора иҭабуп ҳәа реиҳәеит абызшәеи, акультуреи, амилаҭтә традициақәеи реиқәырхаразы, асасцәа Аиааира ашықәсхыҵра рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи. | 15 |
| 5 | Мераб Ашәба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан 62-ҩык анышә иамеидеит.
Усҟан Аҟәа инхо Мераб, ақырҭуа еибашьцәа ирымпыҵархалаз ақалақь дзалымҵит. Мызқәак иара еснагь ашәарҭаратә ҭагылазаашьа иҭагылаз аморг аҿы аус иуан, аԥсуа еибашьцәа анышә рамадараҿ дыцхыраауан.
Аиҳарак арҭ анҵамҭақәа ирыбзоураны аибашьра ашьҭахь аморг аҿаԥхьа анышә иамадоу рхаҭара ашьақәыргылара, рыԥсыбаҩқәа рыуацәа рыҭара алыршахеит. Аха 11-ҩык рхаҭарақәа иахьа уажәраанӡагьы ишьақәыргыламкәа иаанхоит.
Мераб Ашәба излеиҳәо ала, ихигаз игәалаиршәар иҭахӡам. Аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи шықәсыки бжаки-ҩышықәсеи арҭ ахҭысқәа ԥхыӡла ибон. Аха жәашықәсақәа рышьҭахь иара дақәшаҳаҭхеит ари аҭоурых арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Наала Мықәԥҳа лыцеиҩшара.
#social | 17 |
| 6 | Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы наҟ-ааҟтәи аидгылареи азеиԥш қәԥареи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи еиднаҳәалоит ҳәа азгәеиҭеит Владимир Делба.
Аԥыза-министр зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Марат Камболов иинаугурациа ацеремониа иаҭааит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Делба Аахыҵ Уаԥстәыла ахада имаҵурахьы дахьнеиз идиныҳәалеит, аҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи дшазхиоу азгәеиҭеит.
"Ҳажәларқәа аҳәынҭқарра ашьақәгыларазы имариамыз амҩа ианысит, еицхырааны рыдгьыл аҿы анхара, рмилаҭтә хаҿра, рбызшәа, ркультура реиқәырхара тазықәԥон", — ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр.
Иара убасгьы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, ашәҭыкакаҷра, аизҳазыӷьара.
🖇️ Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иинаугурациа мҩаԥысит цәыббра 30 рзы Цхьынвал.
Афото © Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла | 18 |
| 7 | Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара аныҳәа азгәарҭеит Гал.
Амш иалагеит иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Амемориал аҿаԥхьа еизеит араион ашколқәа зегьы рҵаҩцәа абираҟқәеи ашәҭқәеи рыманы, аибашьра аветеранцәа, ахадара анапхгара, араионтә Еизара адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ақалақь ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит "Гал-Медиа".
Аныҳәа иацҵан араионтә культура аҩнаҿы. Араҟа имҩаԥысит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазкыз аконцерт.
"Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам аибашьра адәаҿы иҭахаз, аҩныҟа имхынҳәыз, зегь реиҳа зыхә ҳаракыз — зыԥсҭазаара Аԥсны ахақәиҭра иахҭнызҵаз, иахьа аҭынч жәҩан аҵаҟа ҳанхаларц азы", — ҳәа араион аветеранцәеи ауааԥсыреи дрыдныҳәалеит ахада Константин Ԥлиа.
Аныҳәа хыркәшахеит аестрада-фольклортә ансамбль "Мырзаҟан" аконцерт ала. Ахәаԥшцәа рзы игеит амилаҭтә ашәақәа, ицәырган акәашаратә номерқәа.
Аԥсны иахьа иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.
#social | 15 |
| 8 | Амузыка Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан афронттә ԥсҭазаара иахәҭакхеит ҳәа арадио Sputnik аҟны аҿы иҳәеит ашәаҳәаҩ, акомпозитор Анатоли Алҭеиба.
Мызқәак раҟара Алҭеиба ар хәарҭарак рзыҟаҵаразы алшара дазыԥшын. Абџьар имамызт азы иӡбеит зегьы иреиӷьны илшоз — ашәақәа рыҩра инапы алакызарц.
Раԥхьатәи ирратә композициақәа усҟан ауп ианцәырҵ. Урҭ руак Анатоли Алҭеиба агоспиталь аҿы иҩит, уаҟа егьырҭ хатәгәаԥхарала еибашьуаз дрыцны ахәцәа дрыцхраарц даауан.
Раԥхьатәи ашәа анагӡара иара изы изқәымгәыӷӡоз ԥышәарахеит: ахҵәацәа рзал ҿымҭӡакәа иазыӡырҩуан, ақәгылара ашьҭахь аӡәырҩы ҵәыуон. Уи ашьҭахь Алҭеиба еиликааит иашәақәа ауаа шырҭахыз. Иара иӡбеит апозициақәа рахь дцаны аибашьцәа рҿаԥхьа дықәгылаларц.
#social | 13 |
| 9 | Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазкны аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы.
Аусмҩаԥгатә иаҭааит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, Нижни Новгород ақалақь ахада Иури Шалабаев, Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, ареспублика аиҳабыра ахаҭарнакцәа, адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.
Ахәылԥаз алагамҭазы идырбан иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба дызлахәыз архивтә кадрқәа.
Хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит аибашьра ашықәсқәа раан ииз апатриоттә ашәақәа назыгӡаз аԥсуа естрада артистцәа. Иара убасгьы аекран аҿы иддырбон арратә хроника акадрқәа.
🖇 Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. 33 шықәса раԥхьа аԥсуа ар реибашьцәа ареспублика аҵакыра зегьы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит, Егрытәи ацҳаҿы ареспублика аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит. | 19 |
| 10 | Никарагуа аицхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои Бадра Гәынба Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш идырныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Ареволиуциатә гәырӷьара ҳаманы, иахьа иаҳгәалаҳаршәоит ари аҭоурыхтә рыцхә, аԥсуа жәлар риааиреи рхатәҳәаақәҵаразы хацәынмырха рықәԥареи аазырԥшуа", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Ортегеи Мурильои ԥхьаҟагьы атәылақәа русеицура арӷәӷәара азҿлымҳара азгәарҭеит, Аԥсны жәлар рахь азеиӷьашьара ԥхақәа аадырԥшит. | 22 |
| 11 | Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Пицунда ахада инапынҵақәа назыгӡо Анри Багаҭелиеи ақалақь Бор ахада Алексеи Боровскии.
"Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп Урыстәылатәи Афедерациа ихадоу акультуратәи, ааглыхратәи, аҵаратәи центрны иҟоу шәықалақьи ҳареи ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара", — ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.
Аганқәа апартниорра арҵаулара алшарақәа ирыхәаԥшит, аспорттә еимадарақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит, избанзар Пицундантәи аспортсменцәа иааиԥмырҟьаӡакәа иаауеит, қәҿиарала Бор имҩаԥырго аицлабрақәа ирылахәуп.
Боровски иара убас Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәа рыдиныҳәалеит.
🖇️ Пицундеи Бори — 2021 шықәса раахыс аиашьара зыбжьаҵоу қалақьқәоуп. | 25 |
| 12 | "Аԥсны, уаасацәажәа" ашәеи аклипи раԥҵара Аԥсадгьыл абзиабара иахылҿиааит ҳәа уи аӡыргараҟны иҳәеит ашәаҳәаҩ Армен Хачатуриан.
Акомпозициа Хачатуриан ҳамҭас ииҭеит ашәа автор Александр Оганиан. Хачатуриан иаразнак Альдона Цкәуа адемо-версиа ҳәа изышьҭоу дазирӡырҩит, усҟан лара дагьамхаҵәыуеит.
Аоператә шәаҳәаҩы ахәаԥшцәа ирзеиҭалҳәеит, лара лажәақәа рыла, акинематографиатә ҭоурыхны иҟалаз аклип аҭыхрақәа ртәы.
"Ҳаԥсынтәыла аарԥшуп уи атрадициақәа, акультура, ауаа, аԥсабара рыла. Асимволрагьы аҵоуп, аҭыԥ ҷыда ҳхәыҷқәа иахьрыҭоу, избанзар ахәыҷқәа ҳкультура, ҳдоуҳатә мазара змаҳдо роуп", — лҳәеит лара.
🖇 Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазкны амузыкатә клип "Аԥсны, уаасацәажәа" ӡырыргеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны. Аклип аԥҵараҿы партниор хадас иқәгылеит апродиусертә центр "Интеграциа".
#social | 22 |
| 13 | Аҟәа Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа ақәаршҩы ашьҭахь амҩақәа ррыцқьара иаҿуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амаҵзура аиҳабы Руслан Аҩӡба.
Зегь реиҳа аӡы рыҵалеит Аиааира апроспект, Аинрал Аршба, Аинрал Дбар, Лакәаба, Инал-иԥа рымҩақәа. Титов имҩаҿы аӡы аҩнқәа ирыҩналеит.
Иара убас, Аҟәатәи иаарту аинститут ахыбра аӡы ҩналеит — акадрқәа асоциалтә ҳақәа рҿы ирыладырҵәоит.
Аҩӡба иажәақәа рыла, макьаназы аӡы ахьылбаауа амҩадуқәа рҿы агәамсами ахаҳәқәеи реилыргара иаҿуп. Акоммуналтә усзуҩцәа иара убасгьы аҩныусбарҭақәа рҟынтәи аӡы аҵаларазы аинформациа еизыргоит.
"Аӡы амҩадуқәа ирныҵроуп, анаҩс акапиталтә рыцқьаратә усурақәа мҩаԥаҳгоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара. | 21 |
| 14 | "Аԥсны, уаасацәажәа" — Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазку амузыкатә клип ӡырыргеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны.
Апроект ауаҩи идгьыл гәакьеи, уи аҭоурыхи, ауааи, реимадара ртәы еиҭанаҳәоит. Ашәа нарыгӡоит артистцәа Альдона Цкәуаԥҳаи Армен Хачатуриани.
Апроект апродиусер хада Белла Агрба лажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу амыругақәа рыла Аԥсны аҭоурых акультуреи аҟазареи рдунеи ахь инанашьҭуеит.
Аклип аԥҵара партниор хадас иқәгылеит апродиусертә центр "Интеграциа". Уи адиректор хада Глеб Шагун иҳәеит ашәа аниаҳа раԥхьаӡакәны ахӡыӡааратә цәаныррақәа шимаз.
"Ари зыхцәажәара уадаҩу цәанырроуп. Угәаҿы даҽакала аԥсыԥ лагаҩагара ианалагалак, даҽакала ацәанырра уалагоит", — иҳәеит иара.
Аклип ацәаҳәатә продиусер Мрамза Лакашьиа илҳәеит, лареи арежиссиор Илона Хәарцкьиеи ишырҭахыз ашәа алирикеи аҭоурыхтә контексти еиларҵарц, атәыла аҭоурых ауаа рыла иддырбарц.
Апроект аԥҵара иара убас рхы аладырхәит Александр Оганиан, Анри Гәымба, Едуард Ежов. | 25 |
| 15 | Марат Камболов Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас дҟалеит.
Аинаугурациа мҩаԥысит Цхинвал иҟоу Аҳәынҭқарратә драмтеатр аҿы. Уи иалахәын Аԥсны, Урыстәыла, Нхыҵ Уаԥстәыла, Чечентәыла, Ҟабарда-Балкариа, Даӷьсҭан, иара убас Венесуела, Никарагуа рҟынтәи аофициалтә сасцәа ҳәа аанацҳауеит @SputnikOssetia.
Аҳәынҭқарра ахада ҭоуба иуит ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи пату рықәҵареи рыхьчареи, Аконституциа ақәныҟәареи ахьчареи, ареспублика асуверенитети, ахьыԥшымреи, ашәарҭадареи, аҵакыратә акзаареи рыхьчара, иара убас ажәлар гәыкала рымаҵ аура дшазыхиоу азы.
🖇️ Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысит цәыббра 18 рзы. Марат Камболов 85% алхыҩцәа рыбжьқәа рыла аиааира игеит, ареспублика афбатәи ахадас дҟалеит. | 30 |
| 16 | Џьгьарда Сергеи Багаԥшь ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Уи рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Башкортосҭан Аҳәынҭқарратә Еизара — Курултаи ахантәаҩы Андреи Назаров, иара убас Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа.
🖇️ Сергеи Багаԥшь — Аԥсны аҩбатәи ахада. Иара ихаан ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара аиуит. | 31 |
| 17 | Аҟәа акоммуналтә маҵзурақәа русура ирӷәӷәоу арежим ахь ииагоуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
Аԥшатлакә аҵлақәа еиланажьит, амҩадуқәа аӡы рнылеит, уи аҭагылазаашьа аруадаҩит.
Аспециалистцәа амҩадуқәа ррыцқьара иалагахьеит: аҵлақәа хҵәаны амҩадуи ашьаҟамҩақәеи рҟынтәи иқәыргоит. Аусурақәа ирыцырҵоит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа.
Аиҳабыра ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит аҩны иаанхарц, рхатә транспорт ԥсыхәа анамам акәымзар рхы иадмырхәарц. | 34 |
| 18 | Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еиԥылеит жьҭаара 1 азы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Олег Барцыци Сергеи Лаврови аҩ-тәылак реинырра иазку актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. | 31 |
| 19 | Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагылоуп ҳаԥсадгьыл! Еиқәхоуп, иӷьацоит иҿыцӡоу аҭоурых аҟны зхы иақәиҭу, ихьыԥшым ҳәынҭқарраны! Аԥсуаа аханатә рхы зқәыркуаз аиааира акәын — рхықәкы нарыгӡеит, хшаҭарак ҟамҵа, афырхаҵара ду аарԥшны Аԥсны ахьӡ адыргеит. Шәадныҳәалазааит жәлары зегьы рзы иԥшьоу абри амш!
Ҽаанбзиала шәнеиааит, акыр иаԥсоу аветеранцәа! Нагӡара ақәзааит иаҳзышәхьчаз ҳаԥсадгьыл!
Ԥсра рықәым зшьам зхы ақәызҵаз аҵеицәа! Ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит ари амш ҵабыргхартә иҟазҵаз зегьы, ҳаԥсеиқәырхаҩ-ҳԥыза Владислав Арӡынба аԥхьа днаргыланы!
Анцәа ҳазшаз уаҳа еибашьра алакҭа иҭамырԥшааит ҳажәлар. Адунеи аҿы бзиарас иҟоу аԥсуаа рзы иҭаршәны ишԥаҵәахыз рҳәо иҟалааит! Аизҳазыӷьара, аҿиара, аҭышәынтәалара иртәызааит Аԥсны, ажәлар ԥшӡаны, рҳәоу еиқәшәаны, гәырҩада иччо-ихәмаруа инхаларц. Шьардаамҭа!🗡
Ҳиааира афырхацәа ҳрызгәдууп ҳара,
Ҳҭынчра афырхацәагь ҳаргароуп хара.
Вахтанг Аԥҳазоу
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 28 |
| 20 | Аҟәеи Аҟәа араион ахәҭаки аӡы рыҵалеит.
Ақәаршҩы ӷәӷәа леиуеит иаха аахыс. Аӡиасқәа аҟәарақәа ирҭыҵит, амҩақәа, ашьаҟамҩақәа, апаркқәа, аскверқәа аӡы рыҵоуп.
Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауала, уаҵәгьы ақәа леиуеит. Еиуеиԥшым амчхара змоу аҳауатә лышәшәарақәа, секундк ала 10 метрак рҟынӡа аԥшатлакә, амш аҩбатәи азбжа инаркны адыд-мацәыс иазыԥшуп. Аԥсшьарамшқәа рҟынӡа аҭыԥантәи аҳауатә лышәшәарақәа ҟалоит. | 35 |
