ar
Feedback
Ахьыуардын

Ахьыуардын

الذهاب إلى القناة على Telegram

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

إظهار المزيد
1 246
المشتركون
-224 ساعات
-87 أيام
-1030 أيام

جاري تحميل البيانات...

سحابة العلامات
لا توجد بيانات
هل تواجه مشاكل؟ يرجى تحديث الصفحة أو الاتصال بمدير الدعم الخاص بنا.
الإشارات الواردة والصادرة
---
---
---
---
---
---
جذب المشتركين
يونيو '26
يونيو '26
+1
في 2 قنوات
مايو '26
+17
في 3 قنوات
Get PRO
أبريل '26
+13
في 3 قنوات
Get PRO
مارس '26
+18
في 1 قنوات
Get PRO
فبراير '26
+28
في 4 قنوات
Get PRO
يناير '26
+28
في 2 قنوات
Get PRO
ديسمبر '25
+27
في 2 قنوات
Get PRO
نوفمبر '25
+25
في 1 قنوات
Get PRO
أكتوبر '25
+35
في 2 قنوات
Get PRO
سبتمبر '25
+24
في 3 قنوات
Get PRO
أغسطس '25
+15
في 3 قنوات
Get PRO
يوليو '25
+13
في 1 قنوات
Get PRO
يونيو '25
+19
في 2 قنوات
Get PRO
مايو '25
+20
في 4 قنوات
Get PRO
أبريل '25
+40
في 5 قنوات
Get PRO
مارس '25
+41
في 2 قنوات
Get PRO
فبراير '25
+37
في 1 قنوات
Get PRO
يناير '25
+54
في 2 قنوات
Get PRO
ديسمبر '24
+27
في 2 قنوات
Get PRO
نوفمبر '24
+28
في 1 قنوات
Get PRO
أكتوبر '24
+27
في 2 قنوات
Get PRO
سبتمبر '24
+26
في 1 قنوات
Get PRO
أغسطس '24
+15
في 2 قنوات
Get PRO
يوليو '24
+26
في 5 قنوات
Get PRO
يونيو '24
+34
في 2 قنوات
Get PRO
مايو '24
+26
في 2 قنوات
Get PRO
أبريل '24
+21
في 1 قنوات
Get PRO
مارس '24
+21
في 0 قنوات
Get PRO
فبراير '24
+80
في 0 قنوات
Get PRO
يناير '24
+32
في 1 قنوات
Get PRO
ديسمبر '23
+18
في 1 قنوات
Get PRO
نوفمبر '23
+472
في 2 قنوات
Get PRO
أكتوبر '23
+283
في 3 قنوات
Get PRO
سبتمبر '23
+31
في 0 قنوات
Get PRO
أغسطس '23
+18
في 0 قنوات
Get PRO
يوليو '23
+16
في 0 قنوات
Get PRO
يونيو '23
+42
في 0 قنوات
Get PRO
مايو '23
+20
في 0 قنوات
Get PRO
أبريل '23
+34
في 0 قنوات
Get PRO
مارس '23
+56
في 0 قنوات
Get PRO
فبراير '23
+526
في 0 قنوات
التاريخ
نمو المشتركين
الإشارات
القنوات
13 يونيو0
12 يونيو0
11 يونيو0
10 يونيو0
09 يونيو0
08 يونيو0
07 يونيو0
06 يونيو0
05 يونيو0
04 يونيو0
03 يونيو+1
02 يونيو0
01 يونيو0
منشورات القناة
Repost from Sputnik Аԥсны
Аԥсны ауааԥсыра ахшара рацәа иашьҭоуп, уи — гәахәароуп лҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы еиҳабы Асҭанда Ҳашԥҳа, имҩаԥылгаз áзҵаараҭҵаара ахҳәаа аҭо. Аҵарауаҩ "Аԥсны ауааԥсыра рыхшарауратә шьақәгылақәа" атемала ажәахә лыманы Екатеринбург имҩаԥысуаз Уралтәи адемографиатә форум аҟны дықәгылеит. "Милаҭла еилых ҟамҵакәа, сзазҵааз зықьҩык инареиҳаны Аҧсны ауааҧсыра ахшарарацәа ахьырҭаху гәахәароуп", — лҳәеит Ҳашҧҳа. Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы еиҳабы имҩаԥылгаз áзҵаараҭҵаара илнарбаз алкаақәа ртәы дазааҭгылеит. #social

2
Аԥсны аҭоурых азы акыр зҳәо Лыхнытәи ақәгылара сынтәа аԥхын 160 шықәса ахыҵуеит. Уи аиҿкааҩцәа хадақәас иԥхьаӡаз аӡәырҩы, ауа
Аԥсны аҭоурых азы акыр зҳәо Лыхнытәи ақәгылара сынтәа аԥхын 160 шықәса ахыҵуеит. Уи аиҿкааҩцәа хадақәас иԥхьаӡаз аӡәырҩы, ауаа ирбо-ираҳауа, иааргәыдҵан иршьит, аӡәырҩгьы аҭакра-аҭыжьра, ахгара иақәдыршәеит. Иргәаҟны, етапла Сибраҟа иахыргоз жәаҩыла иҟан. Убас, ҭаацәала иахыргаз рхыԥхьаӡара далан 100-шықәса зхыҵуаз аԥсуа хаҵа Кьагәа Кәыџба. Иара апрапоршьик ичын иман, 1849 шықәсазы Аԥсны аҳ Ҳамыҭбеи Чачба дицны аурыс ҳәынҭқар Николиа I дизцахьан. Усҟан дсас дахьны, ихаҵкы камыршәуа дрыдыркылеит, аха уажәы, ақәгылара дахьалахәыз азы, Ставропольтәи абахҭаҿы дҭакын. Иҭаацәагьы иара уа ҩныжәк иҩнарҵеит, аполициа рхылаԥшуан. Раб абырг дырбарц, рҽыԥсахуа аӡәаӡәала ицҭаркуан иҷкәынцәа ԥшьҩык. Арԥыскгьы дрыԥхеит ахьҭа ааилалан, зегь чмазцәаны иахьыҩназ, унхартә иахьыҟамыз ақьаԥҭажә аҿы. Ас ианақәшәа, аҳәара ҟарҵеит абахҭа иахьазааигәоу џьара даҽа ҭыԥк рзылырхырц. Уи абахҭа усҟан Ахан ҳәа иашьҭан (тюремный замок), Ставрополь хаҳәла ичаԥаз раԥхьаӡатәи ахыбрақәа иреиуоуп. 1867 шықәса алагамҭазы иара убра иҭакын даҽа 13-ҩык ахгара зқәырҵаз аԥсуаа — Лыхнытәи ақәгылара аԥхьагылацәа. Ҵабалаа рхаҭарнак, уигьы ачын ду змаз, Шьрын Маршьан дназлаз; Лыхнашҭа аҭәаҵла дықәтәаны Кониар иеихсуаз Ҟаинагә Кәабахьиа иҩызцәеи иареи; убас иҵегь аамсҭацәеи анхацәа цқьақәеи (Тыгә Маан, Мырзаҟан Лакырба, Гәаҭеи Ладариа, Мамсыри Маџьыџьи Оҭырбақәа, Кәабзач Ҵыӷьтыр-иԥа, Гыд Дбар уҳәа егьырҭ). Кәыџ Кьагәа дышҭакыз иаҳаит аԥсуаа Ҭырқәтәылаҟа иахыргараны ишыҟоу ажәабжь бааԥсы. Цәгьала хьаас иҟаиҵеит абырг, иара игәаҟрақәа ихашҭны, абри иашаҵәҟьоума ҳәа дҵаауан абаандаҩцәа знапы ианыз рҟны. Иашазар, ианбыкәу сыжәлар рыхҵәара ҿҳәарас иазыԥҵәоу ҳәа агәжәажәара данаҟәымҵӡа, алԥсаа иоуз ҳасаб азуны, иқәрадугьы иахәаԥшны дрыцҳаршьан, азин ҟарҵеит "иҭаацәагьы иаргьы рыԥсадгьыл Аԥсныҟа" ихынҳәырц. Лыхнытәи ахҭысқәа рыхҟьа-ԥҟьақәа рымшала Урыстәыла аҩадахьы иахыргаз дреиуан иара убас 15 шықәса зхыҵуаз арԥыс Кьамшьышь Қапба. Уи дзыхдырҟьаз маӡала абџьар ахьиҵәахыз ауп. (Усҟан мҳаџьырра имцаз зегьы иҭҟьоз рабџьар рхыхын, аҟамаҵәҟьа аныҟәгара ҟаломызт). Жәиԥшь шықәса атәым жәҩан аҵаҟа ианихига, Аԥсныҟа аара азин иоуит. 1867 шықәсазы Аԥсны иқәҵит 20-нызқьҩык инарзынаԥшуа ажәлар, убасҟан ауп Дали Ҵабали зынӡа ианҭацәы. Ахыҵхырҭа: Аԥсны аҭоурых (Бӷажәба, Лакоба) 1993, ад. 187-188 #аҭоурых 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
189
3
АӠЫ АМЧ УОУААИТ! Дындык-иԥа Ҭасқәала аԥсхыхра даҿуп, уажәы-ушьҭан ҳәа идтәалоуп. Илақәа аахитцԥхьаӡа – "Ах, сара рыцҳа! Абырж
АӠЫ АМЧ УОУААИТ! Дындык-иԥа Ҭасқәала аԥсхыхра даҿуп, уажәы-ушьҭан ҳәа идтәалоуп. Илақәа аахитцԥхьаӡа – "Ах, сара рыцҳа! Абыржәы Мҩаԥа аӡыхь ҵәыцак зыԥсоузеи. Ҵәыцак азна аӡыхь ыжәны сыԥсыр, џьаннаҭ сца иаҩызамзи", – иҳәон. Мҩаԥа аӡыхь Дауы ашьапаҿы џьара иҵҵуеит. Аԥхын ихьшәашәаӡа илеиуеит, аӡын иҭабуеит. Ҭасқәала шьха ныҟәаҩын. Ашьха данцалоз ари аӡыхь ижәлон. Уажәы ӡынроуп, аӡыхь абаҟоу, аха Ҭасқәала деилаҳаит. Аха уаҳа умԥсит, аӡыхь аазгуада. Ус, Ҭасқәала дшыҟоу назбап ҳәа Мамсыр дааит. – Ушбаҟоу Ҭасқәала? – ҳәа днаихагылан, аха ачымазаҩ ииҳәац акәын ииҳәоз. – Мҩаԥа аӡыхь, ҿамҩак иадамхаргьы, снахәаны сыԥсыр, – иҳәан, аҭӡамцахь иҿы рханы диеит. – Ааит иҷкәынцәа, алақәа шәықәчхәрааит, шәаб Мҩаԥа аӡыхь шиҳәауа дшәырԥсуама!? – иҳәеит. Ҭасқәала ихы наиқәикын – Ҭасқәала, акы уацәымшәан. Адәаҿы шә-усык еихыларгьы, уаҵәы ашьыжь Мҩаԥа аӡыхь сыманы ара сыҟоуп, – иҳәан дандәылҵит. Ашьыжь лбаа арха алаӷырӡ еиԥш ицқьаӡа иҵҵуа Ҟыгәа иӡыхь аҿы днеин, ԥҳалк азна ааитан, Мҩаԥа аӡыхь узаазгеит, хәарҭас Анцәа иуиҭааит иҳәан, дааҩнашылеит. Ҭасқәала рыцҳа ҵәыцак аҟарагьы дааҵашьшьы аӡыхь ижәит. Уи ашьҭахь акры аамҭагьы Ҭасқәала иԥсы ҭан. Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҳәамҭақәа рҟынтә. Автор, аиқәыршәаҩ Владимир Аҩӡба 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
172
4
Ԥсабарала абаҩхатәра ду злаз апоет-сатирик Жана Ачба ахьӡыртәрақәеи алаф ашәақәеи рыдагьы иԥхьарца ырӷызуа лассы-ласс ауазашә
Ԥсабарала абаҩхатәра ду злаз апоет-сатирик Жана Ачба ахьӡыртәрақәеи алаф ашәақәеи рыдагьы иԥхьарца ырӷызуа лассы-ласс ауазашәақәа иҳәон. Лымкаалагьы амҳаџьырра иҭанарцәыз адгьылқәа ахьҿаҳахаз гәнигон, аҭыԥхьыӡқәа иашаны ианырымҳәоз игәы иалан. Абри ашәа асаӡқәа рџьынџь гәлымҵәах иазкуп: ИЗАҲАУАДА СЫБЖЬЫ? Аҳ итәарҭа Гьачрыԥшь, Алма игәашә-ду Цандрыԥшь, — Рыхьӡ ршьозаап, ирҳәаӡом, Сгәыла-сызла уи рбаӡом. Аинрал иԥшь хәхәа нархаԥеит, Ашҭа, агәара ҿаҳахеит. Сыздыԥшыло уаҩ дахым, Ԥшәымак ишьҭа уа ианым. Принцк даҭаан Гагрыԥшь, Инацәа нӡааикылеит амшын. Дгылоуп абахә иҽаԥшьы, Ашәахәа раз ихәда ихшьы. Ихаԥыруеит аҵыс иаҵәа ахӡы, Амахә иахьанҳалоуп аԥшӡы. Ашьха, аҿаҩа еиқәышьшьы, Изаҳауада, мшәан, сыбжьы? Араҟа зыӡбахә ҳәоу апринц Ольденбургтәи Гагрыԥшь еиҭеиҳаз абаҳчеи илаиҵаз аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи роуп. "Амахә иахьанҳалоуп аԥшӡы" ҳәа дызҿу амаамынқәа ракәын. XIX ашәышықәса анҵәамҭа — XX-тәи алагамҭа. Асахьаҿы: Гагра 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
204
5
Адгьыл иамоу абеиарақәа ирхылҿиааз аҭыԥхьыӡқәа 🏔 Аԥсны ашьхараҿ даара ирацәоуп аԥсабаратә мал — аиха, аҭса, абҩа, араӡны ахь
Адгьыл иамоу абеиарақәа ирхылҿиааз аҭыԥхьыӡқәа 🏔 Аԥсны ашьхараҿ даара ирацәоуп аԥсабаратә мал — аиха, аҭса, абҩа, араӡны ахьамырхуаз аҭыԥқәа. Ашәышықәсақәа раԥхьа игәарҭахьаз, реиҳа измымҵәоз аирҭақәа рыӡбахә цеит дара рыхьӡқәа рылагьы: • Башкаԥса́ра (абҩа); • Ҳабҩы́; Ҳабҩы́қә (абҩа); • Хьы́мца (аҭса, ашьанҵа) — Аҟәа араион; • Ӡы́шра (араӡны) — Ԥсҳәы азааигәара иҟоу ашьха хьыҵәцара, амра анақәԥхо ицырцыруеит; • Ахы́ҵыхра ("Скала пуль" в Гумистинском ущелье) — Гәымсҭа аӡиас арыӷьарахьтәи аган, Гәымрыԥшь ашьха ашьапахьы, нхыҵи-аахыҵи еицырдыруаз ҭыԥын; арантә аҭса (аԥсҭа) ыҵхны иргон. Асаӡқәагьы аҳчыԥсаагьы Гәымсҭаҟа иаауан уи азы. • Хыԥсы́; Хыԥсҭа́ (аҭса), • Аиха́ зло́у а́хра — Аҟәа араион. 📖 Абҩа́ — медь, Аҭса́, аԥсҭа́, ахы́ (араҟа) — свинец Ахыҵхырҭа: Валери Кәарҷиа "Аԥсны атопонимика" Асахьаҿы: Гәымԥсы, Каман #атопонимика 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
248
6
БА БКӘАШОН… Ба бкәашон, быччаԥшь ацыԥхьқәа рҿыпуа, Сыхдырра сцәыӡын, бӡара инакәшеит иӡыҭуа. Ах, ашьабсҭа, абна инылашәкәаз б
БА БКӘАШОН… Ба бкәашон, быччаԥшь ацыԥхьқәа рҿыпуа, Сыхдырра сцәыӡын, бӡара инакәшеит иӡыҭуа. Ах, ашьабсҭа, абна инылашәкәаз бара, Изыбҭахузеи, изыбгәаӷьызеи сыгә саргара. Агәеисыбжь ссируп бшьапқәа зқәыхәмаруа адашьма, Убас насыԥ хәыҷык бамеигӡан са сызгьы ма. Ихәымгасшьоит бӡара иакәҵәиашо анапқәа, Ба бзы еисуа наҟ иҭысхуеит зегь рыгәқәа! Сара с-Гамлетуп, исыблакьлароуп аӡә ишьа, Баҳԥырҵ ахацәа, ба маалықьҵас быԥхашьа. Абри са исшьамуп, абраҟа исылгааит аӡәы инапқәа — Адашьма агәеисыбжь, иаԥхьан изқәыхәмаруаз бшьапқәа!.. ✍️ Анатоли Лагәлаа #алирика 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
244
7
Аԥсуа фырхаҵа Смыр Гәдиса ажәлар ирзеиԥшу аусқәа рҿы изықәгәыӷуаз, зыгәра ганы раԥхьа идыргылоз хаҵа ӷәӷәан. XIX ашәышықәса а
Аԥсуа фырхаҵа Смыр Гәдиса ажәлар ирзеиԥшу аусқәа рҿы изықәгәыӷуаз, зыгәра ганы раԥхьа идыргылоз хаҵа ӷәӷәан. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы — XX-тәи алагамҭазы афольклоргьы аҭоурыхгьы зыхьӡ аҳәаз, иҟаҵәҟьаз хаҭароуп. Аха иара уи адагьы дшәарыцаҩ дуун. "Зашҭа шәарах шьахәарла ихкааз, урҭ рвакьыцла ишышыз" ҳәа ззырҳәоз дреиуан. Ашәарыцара ианакәзаалак ҳаҭыр ақәын, ажәлар ашәагьы изырҳәеит иналукааша шәарыцаҩк иаҳасабала. Смыр Гәдиса иашәа Аԥслаҳә мҩас абӷа ԥиҵәон, Аҵыс мҩас абла ҭихуан, Шәарах маҟа ахы иҭаиршәуан, Уаа, раида, Гәдиса-ахаҵа! Хра-цыԥхьаӡа зеиргь ашәа ақәыз, Каҵәара-цыԥхьаӡа зшәақь мцабзыз, Ԥсҭа-цыԥхьаӡа зуахәа еиҿажьыз, Уаа, раида, Гәдиса-ахаҵа! Ҟасҭеи Арсҭаа иҟынтә ианҵоуп; Баграт Шьынқәба "Ахьырҵәаҵәа". Гәдиса иҭахашьагьы хаҵаҵас имҩаԥигеит. Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы иеиԥш ахра цаӷь-цаӷь данаанахәа, уажәшьҭа дышҭахоз аниба, ибаҩ мыӡырц, дышлеиуаз аҽыгәҳәа илабашьа аирсит. Убри ала акәзаап дызларԥшаазгьы! Ибаҩ ҭыргеит, иԥсы амырхит. Ари ажәабжь ааигоит Никәала Ҳашыг ишәҟәы "Аԥсуара ашьаҭақәа" аҿы. 📖 Ауа́хәа; аҭа́мҳа, ашәарыцаҩ иа́ха — абнаҿы ашәарах жьы ахькнарҳауа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
273
8
...Аҵыс маҷны изшаз убас ажәҩа ӷәӷәаны иаиҭеит, ԥшь-шьапык зиҭаз ираԥысуа. Ҳара ҳмаҷны ҳазшаз ҳанасыԥ убас ирдуит, ҳаӷа иагьа
...Аҵыс маҷны изшаз убас ажәҩа ӷәӷәаны иаиҭеит, ԥшь-шьапык зиҭаз ираԥысуа. Ҳара ҳмаҷны ҳазшаз ҳанасыԥ убас ирдуит, ҳаӷа иагьа ддузаргьы ҳаифарцы иҿы еихирԥхьаргьы, иҿы ҳҭамӡо. Абри алада-аҩада иааиуа, ицо убас срыхәаԥшуеит: актиорцәа асценаҿы илеи-ҩеиуа реиԥш. Убарҭ арольқәа ирымоу ирылганы рыҩныҟа ианбацо ҳәа сыԥшуп... Ус акәымкәа, еиҳау еиҵоу еибафо иҟалар, ҳаиҳа зылшо хаԥыцла еибакып, ҳара хгара ҳауп... Аԥсны насыԥла аӡәы иҿы иҭаӡаӡом... Умшәан Аԥсны!.. ✍️ Николаи Патеиԥа истатиа "Згәы мцаз мышкы ибеит" аҟынтә, (аменшевикцәа раамҭазы ииҩыз) Асахьаныҟәа: Abkhazia 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
259
9
Аԥсуара аныҟәгара Ҳаибашьра аан ауп. Аҷандара ақыҭан ашьхарԥы аҵаҟа инхоз анхаҩ нага иҩнаҭа иатәыз аҷкәынцәа аҩыџьагьы рани р
Аԥсуара аныҟәгара Ҳаибашьра аан ауп. Аҷандара ақыҭан ашьхарԥы аҵаҟа инхоз анхаҩ нага иҩнаҭа иатәыз аҷкәынцәа аҩыџьагьы рани раби ааныжьны еибашьра ицеит. Абар уажәшьҭа мызкы ҵуеит аҷкәынцәа рхабар ҟамлацызт. Аибашьра ашыкьымҭа иҭагылоуп, аха ашьхарԥы аҵаҟа есымшагьы ажәабжь уаҳауам, иҭахаз, ихәу, аиааира ахьгоу, аиҵахара ахьыҟоу... аибашьра цоит... ауаа ҭахоит. Ус ашҭа иааҭалоит машьына хәыҷык. Ан лыбла ҭхаха иааиз амашьынахь дшыԥшуаз, уи иааҭыҵит лыҷкәын аиҳабы, нас даҽа хҩык иҩызцәа. Урҭ ааит ӡык рықәырҭәарц, рҽааиҭаркырц, шәыр-қәырк, фатәы-жәтәык роургьы иргашт. Ани аби гәырӷьаран ирымаз. Аӡқәа рыздыршит аибашьцәа рҽыркәабарц, абысҭа рзыруит ԥхак рҿарҵарц. Ицон аилыхара, зегьы акака ирҿын, иааизгьы аҩны иҟазгьы... Арҭ уажәшьҭа амҩа иқәлартә аҟара русқәа ааргахьан, даҽа машьынакгьы агәашә иаалагылт — араҟа дааҭыҵит аҷкәын еиҵбы. Иааишьагьы дыззаазгьы зегьы аиҳабы иаашьа излеиԥшымыз акгьы ыҟамызт, ари ԥшьҩык ицын умҳәозар. Ан дануп, ан дуаҩуп, аҳәса агәыԥшқара ԥсабарала ирзааигәоуп. Ан лыҷкәынцәа аҩыџьагьы анеидылбала, шәааи лҳәан, уадак иныҩнагаланы дрыҳәоит: — Арӡынба излеиҳәаз ала, аҩнаҭаҿы аӡәы ида ахьыҟам аҷкәынцәа еибашьра ишәмышьҭын иҳәеит. Азин ыҟоуп аӡәы шәаагылар. Сара сзеиԥшроу жәбоит, шәаб дажәит, акы ааҳахьыр анышә ҳамаздо... аӡәы шәаҳхагыламкәа... ҳагәнаҳауп, аӡәы шәаагыл, — лҳәеит длаӷырӡышо. — Уара Канбеи, илҳәо уаҳауеит... иҟаҳҵои? — иҳәеит аиҳабы, аиҵбы ишҟа даахьаԥшын. — Уара узҿу уаҿыз, шәарҭмаҟқәагьы акы нҭашәҵа-ааҭашәҵа, уи илҳәо сара избап, — иҳәан, уи аус ихахьы иго даацәажәеит аиҵбы. — Сан, ҳара ҳааицәажәан, ибҳәаз ҳазхәыцит, ибзиангьы беилаҳкааит, аха иаҳзымыӡбыз уск ҟалеит, убри азы сбызҵаауеит. Ҳауа аибашьра ибышьҭуада, ҳауа аҩны иаангылода? — иҳәеит. Лыла ҭраа диҿаԥшуан ан лыҷкәын, илҳәо лҿамшәо, нас лхы аамылхын ус лҳәеит. — Шәан дшәыкәыхшоуп, саргьы шәеилыскааит ибзианы. Сара ахшыҩца шәсырԥхашьазар ҟалап сыҷкәынцәа. Нан, шәҩызцәа рҿы шәхы шәмырԥхашьан, хьымӡӷы анцәа ишәимыргааит. Иауазар, аиааира шәыманы шәгьежьааит, ҳара шәаҳтәызар шәаап. Шәҩызцәагьы шәаргьы анцәа дышәхылаԥшааит, Аԥсны еиқәшәырхо амч шәоуааит! Шәца, нан, шәца. Сара аҭакәажә шәзырԥхашьо акы сҳәазар саҭашәымҵан, шәан соуми... — лҳәан, лԥыраҳәала лылабжышқәа аалрыцқьан, лыҷкәынцәа амҩа рзаалыртит абџьармца ахьыҭҟьоз ахь. ✍🏻 Шьурбеи Царгәыш ишәҟәы "Ааӡара ажәлартәра" аҟынтә 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
362
10
Иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы иахьа 65 шықәса ихыҵуан апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа. Аԥсҭазаара знаалоз, згәы аартыз, иччаԥшь х
Иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы иахьа 65 шықәса ихыҵуан апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа. Аԥсҭазаара знаалоз, згәы аартыз, иччаԥшь хаа иҿықәыҳәҳә, ажәа сахьаркқәа еимхәыцҵас еихаԥсо, макьана иқәраныҳәақәа дырԥылозар акәымзи, аха алахьынҵа мыжда уаҩ дзахыԥом. Мышк ииз мышкызны дыхәжәауеит, Мҩак дануп. Жәлар рус-ԥшьа ахәымпал еиԥш дархәауеит, Уи разҟуп… Анатоли Лагәлаа 40 шықәса инареиҳаны, аԥсуа классикатә литература атрадициа бзиақәа еихаҳауа, ажурнал "Алашара" амаҵ азиуан, урҭ рахьтә 20 шықәса инацны — редактор хадас. Иахьа иара дыргәаладыршәоит акыршықәса раахыс аус ицызуаз иколлегацәа, иара убас аредакторра ҿыц знапы ианҵоу, гәыӷра шәкы здаҳҳәало апоет, ажурналист Аинар Ҷыҭанаа. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит аматериал>> 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
302
11
Иахьа, Хына Цқьа аныҳәазы, даҳгәалаҳаршәоит ажәлар рымаҵ аураҿы акыр аџьабаа збахьаз аԥшьаҩы, арккаҩы, арҵаҩы Дырмит Маан. Ди
Иахьа, Хына Цқьа аныҳәазы, даҳгәалаҳаршәоит ажәлар рымаҵ аураҿы акыр аџьабаа збахьаз аԥшьаҩы, арккаҩы, арҵаҩы Дырмит Маан. Диижьҭеи сынтәа 160 шықәса ҵуеит (1866 - 1946). Дырмит Маан диит Бедиа ақыҭан, аԥсуа аамысҭа Маан Ҭлаԥс иҭаацәараҿы. Ақыҭан аухәаматә школ дҭан, анаҩс иҵара иациҵеит Аҟәа Ашьхарыуаа рышкол аҿы, далгеит Қәҭешьтәи арҵаҩратә семинариа. Даара ибзианы, иҵаулаҵәҟьаны аԥсшәа идыруан, уи инаваргыланы аурысшәа, ақырҭшәа, агыршәа. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы иааиҵагылаз, ҵарадыррала иӷәӷәаз раԥхьаӡатәи аԥсуа интеллигенциа дырхаҭарнакын. Аиҭагаратә комиссиа далан, уа лыҵшәала аус иуит. Усҟан еиҭагаз аухәаматә текстқәа шьаҭас иҟаҵаны, 1907 шықәсазы аԥсышәала анцәаиҳәара мҩаԥысит Лыхны, нас Мықә. Дырмит Маан аԥсуаа рахьтә раԥхьаӡа акәны аԥшьаҩы еиҳабы (протоиерей) ҳәа ахьӡ иҽаԥсеитәит. Баӷәлачынс дыҟан (ҩба-хԥа уахәама дырхылаԥшуан). Аҳаҭыртә дыргақәеи аҳамҭақәеи рацәаны ианашьан. Аухәаматә маҵура анахысгьы, имч-илша адиҵон ажәлар рҵарадырреи аԥсуа шәҟәҩыра аҿиареи. Очамчыратәи ашкол аҿы 26 шықәса иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсшәа дирҵон. 1897 шықәсазы Аҷандара ақыҭан ашкол аартра иара иаԥшьгарала иҟалеит. Аԥсны ахы-аҵыхәа дырдыруан, ахьӡ-аԥша иман. Асовет мчра анааигьы адин дацәхьамҵит, арҵаҩра дацәхьамҵит. Дырмит Гәлиеи иареи ианҿаз аахыс еибадыруан, пату еиқәырҵон, аиҭагараҿы аус еицырухьан. Зны абас иҳәеит Гәлиа изы иара: "Уи даара ҳаҭыр иқәҵалатәуп, уи еснагь аԥсуара дадгылоит, аатәы шьаҟаны даҵагылоуп, аԥсуа шәҟәҩыра шьаҭамырӡганы иҟаиҵоит. Иаԥсуара камыжьуа, иԥырхагоу рыҟәҟәо даауеит", — ҳәа. Абарҭ ажәақәа иара иахь иурхаргьы ауеит. Инысымҩаҿы иԥышьклаҳәуаз шыҟазгьы, акгьы дамырбрит, ииаша дацәхьамҵит. Дырмит Маан агазеҭ "Аԥсны" дазҿлымҳан, игәцаракны даԥхьон, акьыԥхь ианылоз азы игәаанагарақәа иҳәон, астатиақәа иҩуан. Лымкаала дацклаԥшуан аԥсуа бызшәа ацқьара, ажәа артәашьақәа реинаалара, аҳәынҭқарраҿы ахархәара арҭбаара. "Ахақәиҭра иҳауз ишахәҭоу ҳхы иаҳзамырхәеит" ҳәа игәы иалан аусшәҟәеимадара аԥсшәахь иахьызмиасыз азы. Аха усгьы игәы каижьуамызт, агәра игон "ҳажәла дыргас иҳамоу ҳбызшәа" аҵыхәтәа шмыӡуа, уи иаҵагылоу ыҟанаҵ. Абызшәа аганахьала ииҩуаз истатиақәа аашьҭхны урыԥхьар, иахьагьы рҵакы рцәымӡӡеит, убасҟак ахара аԥшра рыҵоуп. Иҩуан иара убас аброшиурақәа ахазҩыдара (агәабзиара) иазкны, аҵарадырра шхәарҭоу, амцхаҵаракәа шнырхагам иазкны. Ихазы иҳәон "арлашаҩ" ҳәа. Асовет аамҭазы ԥшьамаҵуҩык иаҳасабала ихьӡ усҟак иӡыргамызт. Аха 1999 шықәсазы уи иҵаҩцәа иреиуаз Хәыхәт Бӷажәба еидкыланы иҭижьит Дырмит Маан истатиқәа реизга шәҟәы аԥхьажәеи аҵыхәтәажәеи хатәраны иацҵаны, аԥсуа доуҳатә культураҿы иааникылоз аҭыԥ арбаны. ▫️Асахьа аԥштәы ахаҵоуп иԥсабаратәым аинтеллект ахархәарала. Иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит уи азы Аб Давид (Сарсаниа). 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
748
12
Даҽа мышкы иачҳар, аԥхынтәи асы акәымхоз ҳашьхақәа ирықәнаԥсаз имбатәбараха... Мамӡышьха иахьа. Асхәыҷы ❄️ Агәырӷьа ԥштәы аху
Даҽа мышкы иачҳар, аԥхынтәи асы акәымхоз ҳашьхақәа ирықәнаԥсаз имбатәбараха... Мамӡышьха иахьа. Асхәыҷы ❄️ Агәырӷьа ԥштәы ахуп. Абзиара иатәхааит! Авидео: асоциалтә ҳақәа рҟынтә 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
268
13
Иахьатәи Кындыӷ Ҿыц уаанӡа Аупа́ра ҳәа иашьҭан. Аџь дуқәа ауапақәа ршәушәа еихашьшьы амшын иаԥынчыланы, агаҿа ықәырҭәаа игыла
Иахьатәи Кындыӷ Ҿыц уаанӡа Аупа́ра ҳәа иашьҭан. Аџь дуқәа ауапақәа ршәушәа еихашьшьы амшын иаԥынчыланы, агаҿа ықәырҭәаа игылан. Убри зегьы Чачаа иртәын, уалакьысыр ҟалозма, ирыхьчон. Аупара аханы, иахьа Шәқәырча ҳәа иахьашьҭоу, аӡыхь ҟаимаҭ аман. Чачаа рӡыхь ҳәа иашьҭан. Ажәытәан уа Чачаа раҳҭны ыҟан, аԥсҳа убрагьы тәарҭас иман рҳәоит. Аабыкьанӡагьы убра инханы иубон ажәытә ҳҭны абаа ԥҽыхақәа. Урҭ аҳҭны иаҵанакуан, уажәы абаа ԥҽыхақәа, акы заҵәык ада, аԥслымӡ ахьыҵырхыз иҟалаз аӡҭатәа иагеит. ✍🏻 Заур Быҭәба ишәҟәы "Чаҵә Чагә ихҭысқәа" аҟынтә Асахьаҿы: иблахкыгоу Шәқәырча аӡиа, (c) Sputnik; 1960-тәи ашықәсқәа раан адгьыл ахьҭыжааз аҭыԥан иҟалеит. 🔍Уарча, Ҵарча, Сауча, Цыхча, Шәқәырча, Шәача — аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа -ча ҳәа ихыркәшоу #атопонимика 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
303
14
"Сара сахьымӡеит, аха ҳабацәа ирҳәо исаҳахьоу... Қьалашь ацқьа ҳәа дырдыруан. Қьалашь ихьӡ фырҭынны акәын ишықәгьежьуаз Аԥсны
"Сара сахьымӡеит, аха ҳабацәа ирҳәо исаҳахьоу... Қьалашь ацқьа ҳәа дырдыруан. Қьалашь ихьӡ фырҭынны акәын ишықәгьежьуаз Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа. Иара аԥашьагьы дықәицеит, аԥадишьаҳ изааиҭииз асарақь хылԥагь амца ацраҵаны иблит. Аԥсны зегь еидикылеит усҟан Қьалашь. Егры дырны, Рыхә абаа игеит, шаԥсыӷааи бырзықьааи инадыркны, зегьы иҭарчеи иаҵагыло иҟаиҵеит. "Қьалашь иныс" рҳәар акәын Дал-Ҵабалагьы, Аибӷагьы, Аҳчыԥсагьы, Цәжьаагьы. Ажәытә ҳабацәа ишырҳәоз еиԥш иӷәӷәахеит Аԥсны Қьалашь ихаан. Саб Беслан рыцҳагьы хара иԥшуаз уаҩын, уи Қьалашь дивамсит, дидгылеит, Қьалашь иус дуқәа рҟны диарӷьажәҩахеит, ар драԥгыланы дныҟәеит. Ус еиԥш ихәыцуа дҳамазҭгьы, ҳажәлар абас ирыламӡыргьы ҟалон. Қьалашьи саб Гьач Беслани рхаан Шәачеи Егри рыбжьара еизеиԥшны аԥсуа и-Аиргь ашәа ықәыҩуан, нас аҷкәынцәа инармыгӡеит, акәымзар", – дхәыцуан Гьач Рашьыҭ, илахь еиқәышьшьы. ✍️ Даур Занҭариа иажәабжь "Хылҵысаа раҳ" аҟынтә 📖 Асарақь хылԥа - султанский тюрбан (чалма) Асахьа: Баҭал Џьапуа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
394
15
📚 Даур Занҭариа ихьӡ зху алитературатә премиа аԥҵахоит! Иахьа, ашәҟәыҩҩы имширазы, Аҟәа ирылаҳәан ари ажәабжь, иара убас иӡы+4
📚 Даур Занҭариа ихьӡ зху алитературатә премиа аԥҵахоит! Иахьа, ашәҟәыҩҩы имширазы, Аҟәа ирылаҳәан ари ажәабжь, иара убас иӡырган ирҿиареи иԥсҭазаареи ирызку ашәҟә ҿыц, Максим Гуреев авторс дызмоу (ЖЗЛ асериа иатәу). Аиԥылара иалахәын бзиа дызбо аԥхьаҩцәа, гәыблыла дызгәалашәо иҩызцәа, ибзианы дыздыруаз ҳаамҭазтәи аурыс шәҟәыҩҩцәа, Аԥсны аиҳабыра. Аԥшәмацәа рахьтәгьы, асасцәа рахьтәгьы иқәгылоз зегьы ажәа ҟәандақәа рҳәеит. Аҵыхәтәан дцәажәеит акыршықәса раахыс ашәҟәыҩҩы ихьӡ бираҟҵас ишьҭыхны иаазго, иҭынха змырӡуа, Кәыдры зырмақаруа Амтҟьал ауп ҳәа, шьарда аус рхыҵхырҭаҿы игылоу, ихьӡ зху ацентр аиҳабы Циза Гәымԥҳа. Даур Занҭариа анҭыҵ деицырдыруа дҟазҵаз урысшәала иаԥиҵаз ароман "Золотое колесо" ауп. Уи аамышьҭахь зхатәы епикатә дунеи зырҿиаз аклассикцәа дрываргыланы ихьӡ рҳәеит, ибаҩхатәра адунеитә ҩаӡараҟны иахцәажәоит, ус иагьыҟоуп. Уи аҟынтә ҳара ҳзы еиҳагьы игәадуроуп, иагьаԥсоуп аҳәара: Даур Занҭариа иҟырҟы зырхәыхәыз аԥсшәоуп, аԥсуа сахьаркыратә хәыцра датәуп. Шәҟәыҩҩык иаҳасабала дшьақәгылеит аԥхьа ихатәы бызшәала, иԥсадгьыл аҿы. Ус анакәха, аԥсшәа иамоуп аԥеиԥш, иамоуп макьанагьы иамҳәац, аха иаҳәартә еиԥш алшара дуӡӡақәа. Даур Занҭариа аԥсышәала иаԥҵоу ипрозаҿы иалкаау аҭыԥ ааныркылоит аҭоурыхтә ажәабжьоуқәа "Чу Иақәыԥ иуахҭа", "Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз". Аԥхьара-аиҭаԥхьара зықәнагоу литературоуп арҭ аҩымҭақәа; рбызшәа, рҵакы, реиҭаҳәашьа аформа, агәеибафара ирыҵоу уҳәа зегь рыла ухырхуеит. Агаҿа инаркны шьха нхыҵынӡа ҳауаажәлар еилшәарада ианынхозтәи аамҭақәа аазырԥшуа автортә ҩымҭақәа усҟакгьы ирацәаны иҳамаӡам. Абри аганахьалагьы арҭи егьырҭ иажәабжьқәеи аинтерес ду рыҵоуп. Иҭоурыхтә прозагьы ифантастикатә прозагьы инымҵәаӡо епикатә беиароуп. Даур Занҭариа иаамҭа даласын, аха даара ижәлар рнысымҩа дазҿлымҳан, иара убас афольклор, амифологиа, археологиа, атопонимика, аҵасқәа, ақьабзқәа... Уи зегь итекстқәа ирнымԥшыр ауамызт. Алитератураҿы ицәырҵра культуратә хҭыс дууп. Иԥхьара анаҩсгьы иҭҵаара аҭахуп доуҳатә мазарак аҳасабала. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
445
16
Аҵх бзиан. Амза кыдын, Аԥсата еиԥш аӡаӡа ҳәон. Аҩны сдәылҵны ашҭа сықәын, Ачамгәырбжьы џьара игон… Сыбла еиҵыхны, схы сҩаха А
Аҵх бзиан. Амза кыдын, Аԥсата еиԥш аӡаӡа ҳәон. Аҩны сдәылҵны ашҭа сықәын, Ачамгәырбжьы џьара игон… Сыбла еиҵыхны, схы сҩаха Ажәҩан ашҟа са сыԥшуан. Аԥша иасуаз схахәы инахон, Хҳәа ишамҳәара исзаҳәауан. "Ҷырры-ҷырры!" ҳәа игәыҟаҵаган Арашәыгақәа шәаҳәон. Аӡыркәиқәа анаҟа-араҟа Ицәырҟьацәырасуа илашон… Абарҭқәа зегь са сдырхәыцуан, Ихьухьууа сгәы ҟарҵон. Гәалашәарақәак сызцәырҵуан, Урҭ схәыҷрашҟа ицон, ицон… ✍️ Витали Амаршьан #алирика 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
308
17
Аԥсны тәылак аҳасабала официалла ақьырсианра аднакылеит ҳәа иԥхьаӡоуп 527 шықәсазы. Ҳаԥхьаҟа цқьаны 1500 шықәса ҵуеит уиижьҭе+3
Аԥсны тәылак аҳасабала официалла ақьырсианра аднакылеит ҳәа иԥхьаӡоуп 527 шықәсазы. Ҳаԥхьаҟа цқьаны 1500 шықәса ҵуеит уиижьҭеи. Пицунда ҩышә шықәса уи аԥхьагьы аԥскәабаз дтәахьан. Ас еиԥш аҭоурых иалаҟоу атәылақәа маҷуп. Қьырса иӡбахә арахь иааӡеит ҳера ашацкыразы, иара идгьылтә нысымҩа иашаҳаҭыз, ицтәоз-ицгылоз, иажәабжь злымҳа иҭаҩуаз иҵаҩцәа, ицнагаҩцәа рҟынтә. Ажәабжь ишаҳзаанагаз ала, Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ Аԥсны далсны азыхәцәа дрызцеит, Симон Кананит ара даанхеит. Урҭ дрыцны Аҟәанӡа дааит Маҭфигьы. Анреи аԥҳәызбареи еицызбаз Ацқьа Мариа лаамышьҭахь цәала-жьыла зегь раасҭа Қьырса изааигәаз иакәын Иасыф-иԥа Симон. Уи ара данаа, Ԥсырӡха нхарҭас иалихит, кәымрак иаҟараз аҳаԥаҿы дынхон, дныҳәа-ныԥхьон, ҳадгьыл иԥшьон, ауаа аӡы иӡааихуан, дрыхкьысны изыргәамҵуаз ачымазарақәа алиргон. Ҳабдуцәеи иареи рбызшәа еибакуан, Анцәа иажәа агәырӷьаҿҳәа рылеирҵәон. Аха ҩышықәса ааҵуаны ақьырсианра иаӷаз аурым легионерцәа рнапаҟынтә цәгьаԥсышьала дҭахоит. Ишьа ахькаҭәаз Ԥсырӡха аӡиас ахықәан, ирҳәоит, аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит ҳәа. Изқәаҭыԥ ахьыҟалаз ихьӡала аныхабаа ргылан IV ашәышықәсазы, хаҳәла ичаԥаны еиҭарҿыцын X ашәышықәсазы. Акыр аахақәа аиуит ҭоурыхла, иахьа ишаҳбо еиԥш еиҭашьақәыргылан XIX ашәышықәсазы. Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны лымкаала иазгәарҭоит зыбаҩҷац ҳнышә иамадоу Ацқьа Симон Кананит игәалашәара амш. Есышықәса ари аныҳәамш амҽхакқәа ҭбаахоит, уи угәы иамыхәар залшом. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
713
18
Ажәаԥҟақәа Бартоломеи еиқәиршәаз раԥхьаӡатәи аԥсуа нбан аҟынтә 📚 Иаҳдырқәо даҽа ҳәашьак ала, иаҳхашҭхьақәоугьы акык-ҩбак: •
Ажәаԥҟақәа Бартоломеи еиқәиршәаз раԥхьаӡатәи аԥсуа нбан аҟынтә 📚 Иаҳдырқәо даҽа ҳәашьак ала, иаҳхашҭхьақәоугьы акык-ҩбак: • Шьаҟазаҵәыла агәара узышышуам. • Ажә амарда ианаҿала аҽада ҟааит. Иууазеи узырҟаауазеи анырҳәа, сабамҟаауеи, ани ажә амарда иалыҩрыр са исдыргауеит аҳәеит. • Аҩыӡӡеик рыбжьара ахәԥҳа дыбжьыԥсааит. • Аԥсҳа иҩынаҳа дыԥсуа даналага, саҳ ҩынаҳа диоурым ҳәа дашшуан. • Абгахәыҷы кәтыжь уфарыма анырҳәа, ачча иакуан. (усҟан ашьацҳәа иакхьан) • Ашәӷьыч лкасы блит анырҳәа, лхы лнапы ықәылшьуан. • Абаандаҩы сзышәҭиуазеи аниҳәа, уԥаҵа еицаҟьоуп ҳәа иарҳәеит. • Амшә зиааиз дад ҳәа даԥхьауан. • Ҽа мбакәа ҽа зшьхьада! • Тәым кәтыжь хаауп. • Ҿык ҩ-ҿаҵак ҭаӡауам. • Аҵәца абжьы мгакәан иԥҽуам. • Узшьыда? Ашьа. Узааӡада? Ашьа. • Ацәгьара згәы иҭоу ихы анириауеит. • Зҭыԥ ззымдырыз тәарҭа имоуит. • Ҳабаак шә-ҳак ирылоуҵаргьы иарбаауеит. • Ачныр ҿыц ԥшь-блак ихоуп. • Мамгәду, ҽыда шьапраҳа. (аҽы змам гәаныла ашькыл дангылошәа ибоит) • Амхы змамыз ажәла дашьҭан. • Аҩысҭаа узаҩысҭаахазеи ҳәа ианиазҵаа, исыхьуа ацынхәра зуа саналага аҩысҭаас сҟалеит иҳәеит. • Аҵыс хԥара аҩ-шьапык рыла ацәҟьа иакит. • Аҷынҷа абымбыл ианыладыртәа абӷьыжә ахь иазыҳәуан. • Аӡӡеи цәгьа аҩны амԥан данааи дыццакуан. (Плохая кормилица уйдя из дому забыла про ребенка, а только по возвращении стала к нему торопиться) #ажәаԥҟақәа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
474
19
Ақыҭа Мгәыӡырхәа ахьӡ зыхҟьаз, амҳаџьырра иагаз Мгәыӡаа рыжәла аҭоурых. Еиҭалҳәоит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, С. П. Дбар ихьӡ зху Гә
Ақыҭа Мгәыӡырхәа ахьӡ зыхҟьаз, амҳаџьырра иагаз Мгәыӡаа рыжәла аҭоурых. Еиҭалҳәоит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, С. П. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи амузеи аиҳабы. Дгылоуп Амбара, ахҵәацәа еидкыланы амшын иахьхырҵоз аҭыԥан. Лаҵарамза 21, 2026 шықәса. Авидеонҵамҭа: амузеи адаҟьахьтә 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
369
20
Ақыҭа Џьгьарда ахьӡ зхылҿиааз ҳәа ирҳәо алегендақәа акымкәа иҟоуп. Шьоукы аџьбнара иахҟьеит рҳәоит, аџь бзианы иҿион убра ажә
Ақыҭа Џьгьарда ахьӡ зхылҿиааз ҳәа ирҳәо алегендақәа акымкәа иҟоуп. Шьоукы аџьбнара иахҟьеит рҳәоит, аџь бзианы иҿион убра ажәытәан, егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәгьы иааны иргон, Џьгарҭа → Џьгьарда. Мамзаргьыы Аџьгьагьарҭа → Џьгьарда. Аха иҟоуп даҽа ҳәамҭакгьы. Џьгьарда ажь бзианы иҟалон. Амҳаџьырраан џьгьардаа ирацәаҩны иқәҵит, аҩнқәа ҭацәит, ақәаҵақәа ҭынхадахеит. Ҭагалан аӡахәаҵлақәа рҽаҩра иаҵақь ианықәхоз, егьырҭ ақыҭақәа рҟынтә ауаа ааны ажь рго иалагеит. Убри иахҟьаны ари ақыҭа Ажьгарҭа, нас Џьгьарда ҳәа иашьҭалеит. Арҭ алегендақәа ааигоит Валери Кәарҷиа ишәҟәы "Аԥсны атопонимика" аҿы. Ашьҭыбжьқәа -жь -џь ҳәашьала еизааигәоуп, рҽеиҭнырыԥсахлар ҟалоит (ажьаӷь → аџьаӷь; Ажьмҽыӷра → Аџьымҽыӷра). Аха Џьгьарда ахьӡ амҳаџьырра ҟалаанӡагьы ишьақәгылахьан, жәытә нхарҭоуп, аԥсуаа баагәара алсуеит. Ара аус злоу, ажь иазку аҳәамҭа нхазар, ус еиԥш ахҭысқәа ҟалон азоуп. Нас ажәлар ретимологиаҿы еидҳәалахеит. Ҭырқәтәыла иҟоуп хьӡи-ԥшеи згым аԥсуа қыҭа Џьгьарда. Аԥсуааи аубыхцәеи еиҿыркааз еицырдыруа аклуб "Бешьикташь" анапхгаҩы Шәлиман Цыба уи ақыҭа далҵит. Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеи Ефқан Цыба Џьгьарда датәуп. Уатәи ҳауаажәлар ажь иалхны аҩы шҭарымҭəогьы, "ҳабацəа иныҟəыргоз ӡахəажəлоуп" ҳəа имырӡӡакәа иааргоит. Џьгьардагьы убас ажь еиҭаҳаны ирымоуп, Аԥснеиԥш аҵлақәа ирықәуп. Асахьаҟны: тырқәтәылатәи Џьгьарда, Елиф Аргәын лҭыхымҭа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
295