ar
Feedback
Sputnik Аԥсны

Sputnik Аԥсны

الذهاب إلى القناة على Telegram

Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал

إظهار المزيد
592
المشتركون
لا توجد بيانات24 ساعات
لا توجد بيانات7 أيام
+1730 أيام
أرشيف المشاركات
Едгар Абыхәба 12 шықәса рҟынӡа аҭакра иқәшәар алшоит аԥсшьаҩы лышьразы ҳәа иҳәеит Апрокуратура хада аӡбаратә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба. Арадио Sputnik аефир аҿы иара иҳәеит ашьауӷа арӷәӷәара шалшо аусҭҵаара еицәазтәуа аҭагылазаашьақәа аарԥшхар, ацәгьоура аквалификациа ԥсаххар. Ашьауӷақәҵара адкылараан аӡбарҭа азхәыцуеит зус рыӡбо ихаҭара, ацәгьоура амҩаԥгашьа, аҟазшьа, ауаажәларратә резонанс, ааха зауз аган рҭагылазаашьа уҳәа еиуеиԥшым афакторқәа. "Ҳәара аҭахума, агәызҩара ззыҟоу иҟазшьеи ихаҭареи ҳасаб рзуны, ахьырхәра ӷәӷәа адкылара ҳаҳәалоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Убри аан, 12 шықәса аҭакра изыԥҵәахар, Абыхәба азакәанԥҵара инақәыршәаны 8 шықәса ракәхоит ихиго. Даур Амҷба иазгәеиҭеит ихацырку ашьаус ахәҭаҷ ишазԥхьагәанамҭо ԥсраҽнынӡа аҭакра ма ашьра. Аквалификациа аԥсахразы ауаҩшьра зыруадаҩуа аҷыдарақәа ԥшаатәуп. Урҭ ԥшааны ашьразы аӡбамҭа рыдыркылар, Аԥсны ашьразы аморатори алагалоуп аҟнытә, ашьра ԥсраҽнынӡа аҭакра ала ирыԥсахуеит. 🖇 26 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ Амина Бикбова дыршьит Гагра араион аҿы. Агәызҩара ззыҟоу Едгар Абыхәба иҿахәы аниҿырхуаз ацәгьоура шыҟаиҵаз иҳәеит. Уаанӡа, 2021 шықәсазы, иара ахара идҵан урыстәылауаҩ лцәа ԥиҽит, дирҳәит, лгәабзиара ааха ӷәӷәа аиҭеит ҳәа, уи азы 9 шықәса иқәҵан. #social

Хганктәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Москва. Аиԥылара иалахәыз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡаны адиалог ацҵара иадгылеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Урҭ Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рықәымлара азы Қарҭ аҟынтәи еилыкка иҟоу аиқәшаҳаҭра аиуреи, Қырҭтәылеи уи агәылацәеи рҳәаақәа жәларбжьаратәи-зинтә еиқәыршәара апроцесс алагареи рзы амҩақәа ирыхәаԥшит. Иара убас хазы игоу аминистртә консультациақәа рҿы ирылацәажәан еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡареи ареспубликақәа рыдәныҟаполитикатә позициақәа рырӷәӷәареи.

Бадра Гәынбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Владимир Пухаеви еиԥылеит. Гәынба Марат Камболов адныҳәалара изицҳаит атәыла ахада инапынҵақәа рахь дахьнеиз азы, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Пухаев Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара дахьалахәыз азы ҳәа аанацҳауеит ахада Иусбарҭа апресс-маҵзура. "Ҳара ҳзы ари ныҳәа хадоуп, Аԥсны жәлар реихьӡара хада — Аиааира амш ауп. Убас ҭоурыхла ишьақәгылеит, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәларгьы рхатә дгьыл аҿы, рхатәы ҳәынҭқарраҿы анхара азин иазыкәԥон. Иахьа ихьыԥшым ҳҳәынҭқаррақәа ҿиоит", — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба. Аминистр адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит, уаҟа Марат Камболов иазгәеиҭеит аҩ-жәларык рыбжьара аиашьареи, аиҩызареи, аицхыраареи рҭоурыхтә еимадарақәа, иара убас иҳәеит Аԥсны ақәҿиарақәа дышрызгәдуу атәы. Аахыҵ уаԥстәылатәи аԥыза Бадра Гәынбеи аԥсуа жәлар зегьи ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аихьӡара ҿыцқәеи.

Едгар Абыхәба раԥхьатәи ацәгьоура ашьҭахь иҭакра аҿҳәара иқәра ахьынамӡацыз иадҳәалан иҳәеит Апрокуратура хада аӡбаратә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба. Иара иҳәеит, Абыхәба раԥхьатәи ацәгьоура шыҟаиҵаз 2019 шықәса ԥхынгәы 31 рзы, 18 шықәса ихыҵаанӡа. "Аԥсны иахьаҵанакуа апрофильтә риашаратә усҳәарҭақәа ыҟаӡам, ирбаандаҩу зегьы ҭыԥк аҿы ахьырхәра рхыргоит. Убри инадҳәаланы ирыдыркылеит ахақәиҭра алхәдатәра аҿҳәара аамҭалатәи аԥҟаразы азакәан, уаҟа зегьы еиԥшны аҭагылазаашьа ахьрымоу, абахҭа иахьатәи аамҭазы иахьыргылам ҳасаб азуны режимцыԥхьаӡа ирымоуп рхатәы ҿҳәарақәа", — иҳәеит иара. Аԥсны абахҭатә хьырхәра азеиԥш режим шықәсык ҩба ҳәа иԥхьаӡоуп, ирӷәӷәоу — ҩба хԥа ҳәа. Аколониа-еиланхарҭаҿы шықәсык аҟазаара хышықәса ираҟарахоит. "Иқәра ҳасаб азуны актәи аинстанциа аӡбарҭа азеиԥш режим изаԥнаҵәеит, ашьауӷақәҵара анидикылоз 19 шықәса шихыҵхьазгьы. Апрокуратурагьы ааха заузгьы ари азыӡба иақәшаҳаҭмызт", — ҳәа азгәеиҭеит Амҷба. Абасала, Едгар Абыхәба данааныркыла инаркны ихы дақәиҭыртәаанӡа 4,5 шықәса ҵит. "Уи 9 шықәса иаҟараны ишьоуп. Абыхәба заанаҵы аӡәгьы ихы дақәиҭимтәӡеит. Асоциалтә ҳақәа рҿы даара ирацәоуп аӡәы заанаҵы доуишьҭит, аӡәы дрыцҳаишьеит ҳәа ахьырҳәо акомментариқәа. Иара иқәнагаз аҿҳәара мышкы иагымкәа ихигеит", — ҳәа азгәеиҭеит Амҷба. 🖇 26 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ Амина Бикбова дыршьит Гагра араион аҿы. Агәызҩара ззыҟоу Едгар Абыхәба иҿахәы аниҿырхуаз ацәгьоура шыҟаиҵаз иҳәеит. Уаанӡа, 2021 шықәсазы, иара ахара идҵан урыстәылауаҩ лцәа ԥиҽит, дирҳәит, лгәабзиара ааха ӷәӷәа аиҭеит ҳәа, уи азы 9 шықәса иқәҵан. #social

5,5 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра "иаку" абилеҭ рхы иадырхәеит 2026 шықәсазы Аԥсныҟа ааразы. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны апассаџьырцәа рныҟәара 4% еизҳаит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атранспорт аминистрра. Аныҟәарақәа еиҿкаан асхемақәа "адәыӷба + автобус", "аҳаирплан + автобус" рыла. Асистема иалнаршоит амаршрут зегьы билеҭк ала аиқәыршәара, заанаҵы аҵыхәтәантәи апункт аҟынӡа аиасра аиҿкаара. Ари асезон азы "иаку" абилеҭ хә-хырхарҭак рыла ахархәара аман: Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа. Зегь реиҳа аныҟәаҩцәа иалырхыз хырхарҭоуп Пицунда — апассаџьырцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 38%. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Гагра — 37%. Аиасыра ҭыԥ хаданы иаанхоит Адлер аихамҩатә вокзал — уаантәи имҩасны Аԥсныҟа иааит 94% апассаџьырцәа.

Акоманда "Нефтианик" Александр Седов игәалашәара иазку амҵәышәмпыл азы жәларбжьаратәи атурнир аҿы аиааира агеит ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы. Славианск-на-Кубанитәи акоманда афинал аҿы волгоградтәи "Аԥсадгьыл" иаиааит — 74:60. "Аԥсадгьыл" аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Ахԥатәи аҭыԥ азы ахәмарраҿы, "Аԥсны" ахәмарыҩ Сандро Ҳаразиа аҵыхәтәантәи асекундқәа рзы х-кәаталак ҭаиршәит, уиалалагьы Черқьессктәи "Ельбрус" иаиааит. Хазхаҭалатәи аҳамҭақәа рыла иазгәарҭеит Сандро Ҳаразиа, Ельдар Мерамкулов, Валери Маган, Александр Даниленко. 🖇 Атурнир хацыркын цәыббра 27 рзы, Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз русзуҩ Александр Седов 100-шықәса ихыҵра иазкын.

Аԥсны ашколқәа рҿы афатә ԥха еиҿкаауп жьҭаара 1 инаркны. Апрограмма аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа ирзырхоуп, 66 школ рҿы инагӡахоит. Урҭ иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоу усбарҭақәоуп — аҩнымаҭәеи ачысмаҭәеи, афатә аҟаҵаразы амаругақәеи, аԥечкақәеи, архьшәашәагақәеи ахьыҟоу крыфарҭақәоуп. 80 ҵараиурҭа рҿы ус еиԥш аҭагылазаашьақәа макьана иҟаӡам. Аҵаҩцәа ироулоит ачакәымпыли арыжәтәи: ажьырӡы, акакао, ачаи, ма аморс зҵазкуа афатәаалыҵтә еизга ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аминистрра аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамԥҳа. 🖇 Уаанӡа Сергеи Кириенко иҳәеит Аԥсны 1-4 аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколтә крыфарҭақәа рҿы ахәыԥха азырхиара Урыстәыла ахада ирезервтә фонд аԥара шазоунажьуа. Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 245 млн мааҭ, апрограмма аицфинансыркра мҩаԥысуеит Аԥсны абиуџьет аҟынтәи.

Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа "Иԥагьоуи насыԥ змоуи" Урыстәыла имҩаԥыргараны иҟоуп ҳәа лҳәеит Sputnik аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аҵарауаҩ маӡаныҟәгаҩ Викториа Данилиук. "Иахьатәи аҟазара Амузеигьы убрахь иналаҵаны иахьҳамоу азы, урҭ мҽхакы ҭбаалатәи усурақәак, муралцәақәак ракәзар ҟалоит ҳәа ҳазхәыцуан. Ҳара иаадыруеит ари атрадициа ара Аԥсны ишыҟоу", — ҳәа азгәалҭеит лара. Апроект нагӡахоит Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аргыларатә усурақәа анхыркәшахалак ҳәа ацылҵеит Данилиук.

Иҟаз ақәаршҩы аԥхасҭа ӷәӷәа ҟанаҵеит Аҟәа араион аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахадара аиҳабы Алхас Ҷыҭанаа. Иара иазг
+2
Иҟаз ақәаршҩы аԥхасҭа ӷәӷәа ҟанаҵеит Аҟәа араион аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахадара аиҳабы Алхас Ҷыҭанаа. Иара иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аӡырҩаш қәаршҩытә системак ишазымиааиуаз. Ақыҭақәа жәпакы рҿы амҩақәа ҵнаӡәӡәааит, жәабала аҩнқәа аӡы рыҵалеит, Шыцкәара аҳаблан адгьыл ҳәазан, ашкол ахь амҩа арбгеит. Амҩа аркуп. "Уажәы акомиссиа иҟоу аԥхасҭа ахәшьара арҭоит. Гәымсҭа ақыҭан мацара 10 ҩнык рҟынӡа аӡы рыҵалеит. Ӡыгәҭа ақыҭан Вавилов имҩеи Синоптәи аиҩхааи ҵнаӡәӡәааит. Аԥырхага змауз ақыҭамҩақәа маҷуп. Баслаҭа ақыҭангьы убри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Атехника зегь реиҳа ипроблемоу аҭыԥқәа рҿы аус ауеит, уаҵәы амч цҵақәа ахархәара рыҭахоит.

Ацәыргақәҵа "Фазиль Искандер: ауаҩи уи икәша-мыкәшеи" даҭааит Бадра Гәынба аҟәатәи Ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны. Аекспозициа шьақәгылоуп ашәҟәыҩҩы иҭаацәа В.И. Даль ихьӡ зху урыстәылатәи алитература аҭоурых амузеи иарҭаз аматериалқәа рыла ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. Уи иаҵанакуеит ашәҟәыҩҩы иҭаацәеи иареи рфотосахьақәа, рнапылаҩырақәа, иавтографқәа зқәу ашәҟәқәа. Гәынба иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа ишаныԥшуа Аԥсны ииз, изызҳаз ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә мҩа, иара убас аԥсуа жәлар ркультуреи, ртрадициақәеи, рҷыдарақәеи. Иара убасгьы иӡырган абиԥарақәа реимадара, ауаҩытәыҩсатә еинырра зыԥсоу, атрадициақәа пату рықәҵара аазырԥшуа асахьаҭыхыҩ Евгениа Ионова линсталлиациа "Аԥсуа сасдкылара атрадициақәа. Агәырӷьаратә еишәачара".

Аԥсни Урыстәылеи ацәыргақәҵақәа реиҿкаараҿы русеицура активтә фазахь ииасит аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа ҳәа Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны илҳәеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа. Ацәыргақәҵатә усеицура аидеиа цәырҵит Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра аиҭашьақәыргылара апроцесс аан. Аусурақәа анхыркәшаха уаҟа иаатит ацәыргақәҵа "Аладатәи ажәҩан аҵаҟа", ихацыркхеит Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аус ацура ҳәа еиҭалҳәеит АЗХ адиректор. "Урыстәылатәи амузеи дуқәа русумҭақәа ара иҳадҳамкылеижьҭеи акрааҵуан. Иахьа иҳамоуп атехникатә ҭагылазаашьақәа, ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа ахәаԥшцәа ари аҩыза аҩаӡара змоу ацәыргақәҵақәа ирҭаарц азы", — ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа. #social

Иван Аивазовски иусумҭақәа хәба ӡырыргоит ацәыргақәҵа "Амшын цәқәырԥом" аҟны. Аԥсныҟа арҭ асахьақәа раагаразы егьырҭ амузеиқәа ирындаҭлатәхеит ҳәа Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны илҳәеит урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аҵарауаҩ маӡаныҟәгаҩ Викториа Данилиук. "Уадаҩрас иҟаз, аҭагылазаашьақәа злаҟалаз ала даара идуу афедералтә музеи, Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә музеигьы Аивазовски ицәыргақәҵа ҟанаҵарц аӡбеит, аха Санкт-Петербург ақалақь аҿы", — лҳәеит лара. Данилиук илгәалалыршәеит ҵыԥх ишалыршахаз аԥсуа сахьаҭыхҩы Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа ареспубликахь раагара. Усҟан аҭааҩцәа Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа иаҳәеит Аԥсны Аивазовски иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа еиҿкаахарц. Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рзы иаатуеит жьҭаара 3 рзы. Уи еиднакылоит аурыс ҿыханҵа арҿиамҭақәа 35. Асахьақәа ӡырнагоит Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа, Урыстәыла Акультура аминистрра ацхыраарала, аҩ-тәылак рыбжьара акультуратә диалог аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аҭыԥ змаз ақәаршҩы ӷәӷәақәа Очамчыра араион аинфраструктура ааха арҭеит. Зыԥшрада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Амҩақәа ықәнаӡәӡәааит Ҭоумышь аҳаблан, ақыҭақәа Акәасқьа, Кәтол, Ҷлоу, Џьал, Кындыӷ рҿы аӡы амҩа хадахь инеит ҳәа аанацҳауеит Ochamchira_inform. Џьгьардеи Ҭхьынеи ацҳақәа рбгоуп, Џьали Маркәылеи аӡырсырҭақәа ааигәа-сигәатәи аҵакырақәа ирыцны аӡы рхыҵәеит. Аалӡга аӡиас иахьаҵанакуа ацҳаи ареспубликатә мҩеи рҵыӡәӡәааразы ашәарҭара ыҟоуп. Иара убас Аӡҩыбжьа амцакра азгәаҭан, уа ахатәы ҩны блит. Ааха зауз ақыҭақәа рхадацәеи аоперативтә маҵзурақәеи алархәны аилацәажәарақәа мҩаԥигоит Очамчыра араион ахада Алхас Кациа. Иазԥхьагәаҭоуп аԥхасҭа амҽхак аилкаара, еиҳа ишәарҭоу ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра, оперативла ауааԥсыра ацхыраара рыҭара.

Ацәыргақәҵа "Амшын цәқәырԥаӡом" аатуеит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы жьҭаара 3 рзы. Ари иҭоурыхтәу, иуникалтәу цәырҵроуп ҳәа азгәалҭеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа Sputnik имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны. Ари ахҭыс аҵакы аманы иҟанаҵоит ацәыргақәҵа аҭааҩцәа иналукааша аурыс сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа роригиналқәа рыблала рбаразы алшара ахьроуа. Лара иара убасгьы илҳәеит, АЗХ ашықәс зегьы абри ацәыргақәҵа аартра аҽазнархион ҳәа. Уи, "Аладатәи ажәҩан аҵаҟа" аекспозициа ала ихацыркхаз апроект ду иацнаҵоит. Ацәыргақәҵа еиднакылоит Иван Аивазовски, Алексеи Боголиубов уҳәа еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа назлоу аурыс ҿыханҵа арҿиамҭақәа 35. Асахьақәа Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа ирнаҭоит, Урыстәыла Акультура аминистрра ацхыраарала, аҩ-тәылак рыбжьара акультуратә диалог аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Башкортосҭан иҟанаҵо адгылара Аԥсны атәылауаа акыр ирныруеит ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба. Иара иазгәеиҭеит Башкортосҭан Акурултаи ахантәаҩы Андреи Назарови иареи реиԥылараан ареспубликақәа рыбжьара аԥышәа аимдара аҵак ду шамоу. Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы Башкириа Аҳәынҭеизара ахантәаҩы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҽны Аԥсны дахьаҭааз азы. Назаров Аԥсныҟа иаара аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликақәа рпарламентқәа рыбжьара акоммиунике анапы шаҵаҩыз, уи инарҭбаау аиқәшаҳаҭра азырхиаразы Аԥсни Башкортосҭани рыбжьара азакәанԥҵараҿы аусдуларақәа реимдара шалнаршо атәы иҳәеит. 🖇 Башкортосҭан ацхыраара ҟанаҵеит Аԥсны аҳҭнықалақь аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылараҿы, иара убас Уфеи Аҟәеи рыбжьара ишиашоу аҳаиреимадара шьақәыргылоуп.

IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа" аатит ААУ аҿы. Уи Аԥсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ, аҵарауаҩ Тарас Шамба игәалашәара изкуп. Аконференциа атема: "Ҟалашьа змам Аԥсны ахьыԥшымреи Қырҭтәыла аҵакыратә ҽазышәарақәа рыдымкылареи: Павел Ингороҟәа имцҳәареи уи аидеологиатә аналогқәеи ҭҵаарадыррала рҿаԥҽра". "Атема акырӡа аҵанакуеит – Аԥсны азхаҵара аилымшәара атәы ҳәатәуп. Џьоукы ирхашҭуеит атәыла аҩнуҵҟа ҳаиҿагыларала ари апроцесс ҳшаԥырхагоу ", — ҳәа азгәеиҭеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа иажәахә аҿы. Алахәылацәа рыхәаԥшраны иҟоуп аԥсуаа "арахь раара" иазку атезисқәа рҵаҵӷәыдара аҭоурыхтә, азинтә, аполитикатә аспектқәа, иара убас асеиԥш иҟоу аконцепциақәа ридеологиатә еилазаара анализ азыруеит. Аҭҵаарадырратә форум аиҿкааҩцәа — Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК), Москватәи аԥсуа диаспора. 🖇 Шамба — аҳәынҭқарра, адемократиа, азакәанра, азинеиҿкаара, амилаҭ-ҳәынҭқарратә шьақәгылашьа рыпроблемақәа ирызку 300 инареиҳаны аҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭақәа дравторуп. Иԥсҭазаара далҵит 2020 шықәса жьҭаара 13 рзы.

Аԥсуа драматә театр цәыббра 30 рзы ақәаршыҩқәа раан аӡы аҵалеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит атеатр адиректор хада Хьыбла Мықәԥҳ
+2
Аԥсуа драматә театр цәыббра 30 рзы ақәаршыҩқәа раан аӡы аҵалеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит атеатр адиректор хада Хьыбла Мықәԥҳа. Аӡаҵалара мзыз хадас иаиуит атеатртә шҭаҿы ишьақәыргылоу асцена, уи амшын ахь ицо аӡырҩашқәа рымҩа акуеит. "Асеиԥш ҩынтә-хынтә иҟалахьеит. Аӡи аҳәынҵәеи атеатр аԥхасҭа ду арҭоит. Иԥхасҭахоит аҭӡамцқәа, адашьмақәа, аҩнымаҭәа", — ҳәа азгәалҭеит атеатр адиректор хада. Лара иара убасгьы иацылҵеит амузыкатә концертқәа аспектакльқәа ианрықәшәо арҿиаратә процесс ишаԥырхагоу, атеатр аҭӡамцқәа амузыка абжьду ишарҵысуа уи адагьы ашоу ахәаԥшцәа атеатр аҩналарҭеи акассеи рахь анеира шадыркуа.

Урыстәыла иҭабуп ҳәа ахнаҳәаауеит Аԥсны Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рымҩаԥгара иахьацхрааз азы ҳәа азгәеиҭеит Сергеи Лавров Олег Барцыц иԥылараан. Урыстәыла АдәАР ахада иара убасгьы иҳәеит аԥснытәи аибашьцәа арратә операциа ҷыда амҩаԥгараҿы рлагала. "Иҭабуп ҳәа ҳҳәоит арратә операциа ҷыдаҿ ҳадгыларазы. Аԥснытәи хатәгәаԥхарала еибашьуа еицаҳзеиԥшу аус аҿы рлагала дууп, уи ахә ҳаракны иаҳшьоит, еснагь иаҳгәалашәалоит", — иҳәеит иара. Барцыц иакәзар иазгәеиҭеит, Аԥсынгьы Урыстәыла арегион ҿыцқәа агуманитартә цхыраара шрырҭо. "Аԥсны ажәала мацара акәымкәа, аус аҿгьы, аидгыларатәи аиҩызаратәи уалԥшьа иазиашоуп", — ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит иара.

Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи Башкортосҭан Акурултаи ахантәаҩы Андреи Назарови урыстәылатәи арегион аҟынтәи ареспубликахь аделегациа раара аихшьаалақәа рыла акоммиунике рнапы аҵарҩит. Аиԥылараҟны аганқәа ирылацәажәеит Аԥсни Башкортосҭани реимадара аҿиара аҭагылазаашьеи аԥеиԥшқәеи, иара убас аусеицура аринахысгьы арҭбаара азҵаарақәеи. Ашәбеи Назарови иазгәарҭеит апатуеиқәҵара шьаҭас иҟаҵаны, наҟ-наҟ аекономикатәи акультуратәи еимадарақәа рырӷәӷәара шхымԥадатәиу, ареспубликақәа рыбжьара апарламентбжьаратә еинырра арҿиара ишазыхиоу. 🖇 Башкортосҭан аделегациа Аԥсныҟа иааит ареспублика Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы.

Аԥсни Башкортосҭани рпарламентбжьаратә усеицура еизирҳалоит ареспублика Аҳәынҭқарратә Еизара – Курултаи ахантәаҩы Андреи Наза
Аԥсни Башкортосҭани рпарламентбжьаратә усеицура еизирҳалоит ареспублика Аҳәынҭқарратә Еизара – Курултаи ахантәаҩы Андреи Назаров. Ари аинырра иалнаршоит аԥышәа аимдара арҭбаара, аусеицуразы аԥеиԥш ҿыцқәа раартра ҳәа азгәеиҭеит Назаров Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан. Аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа иҳәеит ареспублика иазыҟарҵо азҿлымҳареи адгылареи рзы, иазгәеиҭеит аԥснытәии башкириатәии ажәларқәа реизыҟазаашьа аҟазшьа ҷыда шамоу. Курултаи ахантәаҩы иазгәеиҭеит Уфеи Аҟәеи рыбжьара аҳаиреимадара қәҿиарала аҿиара шамоу, агәыӷра ааирԥшит ари аусхк ԥхьаҟатәи аҿиара аиуп ҳәа. Иара иҳәеит акурорттә аамҭахәҭа ҳарак аан мчыбжьык ахь хынтә ишиашоу ицо ареисқәа шынарыгӡаз. Аиԥылара ахыркәшамҭаз Бадра Гәынба Андреи Назаров ианеишьеит аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара, ҩ-республикак рыбжьара асоциал-економикатәи акультуратәи еимадарақәа рыҿиараҿы хаҭалатәи илагала ду азы.