Ахьыуардын
Kanalga Telegram’da o‘tish
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Ko'proq ko'rsatish1 245
Obunachilar
Ma'lumot yo'q24 soatlar
-47 kunlar
-1130 kunlar
Ma'lumot yuklanmoqda...
O'xshash kanallar
Taglar buluti
Ma'lumot yo'q
Muammo bormi? Iltimos, sahifani yangilang yoki bizning qo'llab-quvvatlash boshqaruvchimizga murojaat qiling>.
Kirish va chiqish esdaliklari
---
---
---
---
---
---
Obunachilarni jalb qilish
Iyun '26
Iyun '26
+3
2 kanalda
May '26
+17
3 kanalda
Get PRO
Aprel '26
+13
3 kanalda
Get PRO
Mart '26
+18
1 kanalda
Get PRO
Fevral '26
+28
4 kanalda
Get PRO
Yanvar '26
+28
2 kanalda
Get PRO
Dekabr '25
+27
2 kanalda
Get PRO
Noyabr '25
+25
1 kanalda
Get PRO
Oktabr '25
+35
2 kanalda
Get PRO
Sentabr '25
+24
3 kanalda
Get PRO
Avgust '25
+15
3 kanalda
Get PRO
Iyul '25
+13
1 kanalda
Get PRO
Iyun '25
+19
2 kanalda
Get PRO
May '25
+20
4 kanalda
Get PRO
Aprel '25
+40
5 kanalda
Get PRO
Mart '25
+41
2 kanalda
Get PRO
Fevral '25
+37
1 kanalda
Get PRO
Yanvar '25
+54
2 kanalda
Get PRO
Dekabr '24
+27
2 kanalda
Get PRO
Noyabr '24
+28
1 kanalda
Get PRO
Oktabr '24
+27
2 kanalda
Get PRO
Sentabr '24
+26
1 kanalda
Get PRO
Avgust '24
+15
2 kanalda
Get PRO
Iyul '24
+26
5 kanalda
Get PRO
Iyun '24
+34
2 kanalda
Get PRO
May '24
+26
2 kanalda
Get PRO
Aprel '24
+21
1 kanalda
Get PRO
Mart '24
+21
0 kanalda
Get PRO
Fevral '24
+80
0 kanalda
Get PRO
Yanvar '24
+32
1 kanalda
Get PRO
Dekabr '23
+18
1 kanalda
Get PRO
Noyabr '23
+472
2 kanalda
Get PRO
Oktabr '23
+283
3 kanalda
Get PRO
Sentabr '23
+31
0 kanalda
Get PRO
Avgust '23
+18
0 kanalda
Get PRO
Iyul '23
+16
0 kanalda
Get PRO
Iyun '23
+42
0 kanalda
Get PRO
May '23
+20
0 kanalda
Get PRO
Aprel '23
+34
0 kanalda
Get PRO
Mart '23
+56
0 kanalda
Get PRO
Fevral '23
+526
0 kanalda
| Sana | Obunachilarni jalb qilish | Esdaliklar | Kanallar | |
| 18 Iyun | 0 | |||
| 17 Iyun | 0 | |||
| 16 Iyun | +1 | |||
| 15 Iyun | +1 | |||
| 14 Iyun | 0 | |||
| 13 Iyun | 0 | |||
| 12 Iyun | 0 | |||
| 11 Iyun | 0 | |||
| 10 Iyun | 0 | |||
| 09 Iyun | 0 | |||
| 08 Iyun | 0 | |||
| 07 Iyun | 0 | |||
| 06 Iyun | 0 | |||
| 05 Iyun | 0 | |||
| 04 Iyun | 0 | |||
| 03 Iyun | +1 | |||
| 02 Iyun | 0 | |||
| 01 Iyun | 0 |
Kanal postlari
Repost from Sputnik Аԥсны
"Аурыс-алатын-аԥсуа медицинатә терминқәа ржәар" — ҳбызшәатә беиара зныԥшуа баҟоуп ҳәа ашәҟәы ахҳәаа ҟаиҵеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
"Ҭҵаарадыррала акәымқәа, ԥсабарала ҳажәлар ирҳәоз, иара иҭаацәа, иҳабла, иқыҭа Кәтол — анарха шамаз аныԥшуа иҟоуп. Мчыла изҵаз, мчыла ианымаало адигалазар — иитәымыз акы дашьҭалеит ҳәа азыуҳәарын. "Жәлар рыхәшә" ҳәа азиҳәахьан Владимир Занҭариа аусумҭа ахҳәаа аныҟаиҵоз, ииашаҵәҟьан ус иагьыҟоуп" , — иҳәеит иара.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы иазгәеиҭеит, ажәар еиқәзыршәаз Аполлон Гәыргәлиа, аусумҭа 15 шықәса инарзынаԥшуа аус шадиулоз.
"Аԥсшәаҿ зҽызыԥсаххьаз акыр ыҟазар — убригьы ахархәара аиҭеит", — иҳәеит Ашәба.
🖇Аполлон Гәыргәлиа еиқәиршәаз "Аурыс-алатын-аԥсуа медицинатә терминқәа ржәар" аӡыргара мҩаԥысит иацы, Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны. Ажәар иагәылалеит 20-нызқь инарзынаԥшуа аурыс, алтын, аԥсуа ажәақәа.ап
| 2 | Алабоу ахалара — ажәлар реизарақәа, ачарақәа, ахәмаррақәа раан имҩаԥыргоз аҿар реицлабрақәа ируакуп. Зыбаҩ зцәыласу кылкәраак иакәымзар, егьа уеилҟьазаргьы, даара имариам усуп аҵәҩан ҟьантаз ахалара. Ҿыц иԥҟоу аҵла ҟата ацәа ахырхуеит, иҵәырҵәыруа иҟоуп. Уи ацгәеиԥш уахьынԥашаланы ақәцәаҟынӡа уҩеирц, унапы-ушьапы бахҵәаӡа иҟазароуп, иҟалон ахәа илушьыр. Ҳазхәаԥшуа ахәыҷы уи адагьы иқәҿиеит! 🏆
Ари аицлабра ажәытәан ишымҩаԥысуаз атәы ҳаԥхьоит Даур Занҭариа иажәабжь "Аҽацә лас" аҟны (ахҭысқәа маԥысуеит 19-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы):
Ашҭа азганкаҿ иарсын ԥшьбаҟа уаргьиа аура змаз ашьаҟа. Ацәҳар ахьҳәаны ҵаҟа иамҵажьын. Ахыцәқәанӡа акалаҷкәыр хәыҷ ахьынҳалан. Ахәыҷкәа адибаҳәала, еицлабны ашьаҟа ахалара рҽазыршәон, аха ашьаҟа ҵәырҵәыруан аҟынтә, аӡәгьы дзымнаӡеит акалаҷкәыр аҟынӡа. Уажәы-уажә руаӡәык, иџьыба иҭаԥсаны аҩнынтә иааигаз ахәа инапы инахьшьны, ашьаҟа дахьынԥашалон, аха иауамызт, аӡәгьы иқәымҿиеит. Аҵыхәтәан даалҵит ҷкәына ҵәрышкәак; иџьыбақәа ааирҳәын, ахәа нҭырҩрны инаимҵеиԥсеит. Ахәшҭаара зегьы ҽҳәиԥссааит уи иахьак. Даалаганы имаӷрақәа ҵеиркәакәеит. Иҵеиркәакәеит иеиқәа ашьапқәагьы. Инапсыргәыҵақәагьы имахәарқәагьы даара бзиа ахәа рхьишьит, ишьахәарқәагьы ахәа иаиргеит, иқәымҵәрааларц. Нас ашьаҟа дааҵагылеит.
Ҽыуаҩык дҽырба-ҽырбо дҭаланы дшааиуаз, дааԥшызар, уи ахәыҷы дибеит, дагьааҭгылеит. Иҩашьомызт иара дшитәыз уи ахәыҷы. Иҽы ахы дааханы, иԥаҵахы дацҳауа дааԥшуан ахаҵа.
Ахәыҷы дхало, дхало, иаԥхьа иақәызкхьаз зегь реиҳа дыхәнеит. Абар акалаҷкәыр аҟынӡа днаӡарц егьигмызт. Даҽа шәымҭак. Уигьы днахьыҵәрааны дналбааҟьеит. Убасҟан аҽыуаҩ икьарахә имаҟа иаавҵиԥаан, аҵықь ааҭиргеит. Ихымҭа аҷапырхәа неиҩнаҵәан, акалаҷкәыр кәкәаӡа инҭалеит. Иахьынкаҳаз иҭышәшәаны иаакаԥсеит аџьынџьыхәа, ашьақар-камфеҭ, аҳалуа, араса.
Ахәыҷкәагьы реицлабра аархашҭын, игәырӷьаҵәа ахаамыхаақәа рыҟәшәара иалагеит.
📖 Ауаргьи́а - маховая сажень (устар. народная линейная мера)
Асахьаныҟәа: афорум "Лыхны" аҟынтә
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 132 |
| 3 | Аҟәеи Черқьесски еимаздо амҩа, иахьагьы ахсаалақәа рҿы "Военно-Сухумская дорога" ҳәа иарбоу, аԥсышәала Ар рымҩа, ма зны-зынла Ачаландармҩа ҳәа иашьҭан. Жәытәнатә аахыс абра иҭысны ицон ачаландарқәа, мрагылареи мраҭашәареи ирыбжьаз ахәаахәҭцәа. Аԥсны иалсуаз абырфынҩма ду амахәҭақәа иреиуан аригьы, Кәыдры аиҩхаала, Дал-Ҵабал иҭгаз. Аха иазгәаҭатәу, амҩа ылызгаз атәым ныҟәацәа ракәӡам, ара иахыз аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп.
Нхыҵҟа узго ашьхахыҵырҭақәа зегьы рҟынӡа неигас иҟоу наџьнатә аахыс идыру аԥсуаа рышьхацамҩақәа роуп. Ашәарыцацәеи ахьшьцәеи шәышықәсала рхы иадырхәоз, ацҳақәа ахьхырҵоз. Уи моу, аԥсуаа мҩақәҵацәас ианыҟаз убарын, ацарҭақәа, аҿысырҭақәа ддырбон, аӡыхьқәа ахьыҵыҵуа, аԥсшьарҭақәеи аҳәырҭақәеи ахьыҟоу уҳәа. Уи ада амҩа даара иуадаҩхон, иагьшәарҭан. Ашәарҭа ыҟан абрагьцәеи амҩакцәеи рганахьалагьы. Абарҭқәа акгьы ԥырхагас ирмоуразы, ачаландарқәа машәырда Аԥсны иалсырц амҩақьыра ршәон. Аԥсны аҳра ҟалаанӡагьы, аԥсилааи абазгааи раҳцәа аӷәӷәақәа ианрааз, амҩасцәа амҩақьыра рымырхуан, иааргәамԥхаргьы ирмышьҭыр ҟалон.
Шьхаца́н (абаз. Рахәҭца́н) иаԥскымҭоуп уажәы. Аԥсны иҟоу ашьхацамҩақәа шәкыла иуԥхьаӡар ауеит, шамахамзар қыҭацыԥхьаӡа дара рышьхақәа, дара рымҩахәасҭақәа рымоуп. Урҭ зегьы ада-ссақәа реиԥш лассы-лассы еимадоуп. Иреиҳаӡоу амҩақәа цон аӡиас дуқәа ирымариашаны: Кәыдры, Бзыԥ, нас Мӡымҭа шыҟоу.
"Бахә ианиаз иоуп бахә зныҳәаз"
Нхыҵ узлацо акаҵәарақәа руак Ахьы́хәдаара ахьӡуп (Гәдоуҭа араион, Риҵатәи амилаҭ парк иаҵанакуеит), уи ус хьӡыс иаиуит иахьыманшәалоу азы. Ари ажәа азеиԥш ҵакы амангьы иаҳԥылоит ашьханыҟәацәа рныҳәаԥхьыӡ иаланы. Хьымца азқәаҿы "Ахықәҵара" захьӡу аҵангәара ыҟазаап, убраҟа рҟәых (ахы, ашьанҵа, ацәымса) нҭаршәны ицон: "Иараби, ари зхьыхәдаараху, улыԥха-угәԥха ҳаҭ!" ҳәа иныҳәа-ныԥхьаны (В. Кәарҷиа "Аԥсны атопонимика").
Аԥсуаа рныхатәарҭақәа, аԥшьаҭыԥқәа реиҳараӡак ашьхоуп измадоу. Ари машәырны иҟамлаӡеит. Шьхатәыла шынеибакәу ицқьаҭыԥуп, араҟа уажәагьы ухәыцрагьы цқьазароуп. Ашәира, агәаара ҟалаӡом. Ашәарыцацәеи ахьшьцәеи арҭ аԥҟарақәа еиларгомызт, усҟан ихиом ҳәа ԥхьаӡан, иахьагьы ашьха аҵас иқәныҟәоит. Мҩакы ианықәло иныҳәоит, ианеиқәшәалак иныҳәоит, ианеиԥырҵуа иныҳәоит, ԥыхьашәа роур иныҳәоит, машәырк иақәшәар иныҳәоит, рхәы рнапы анадыркуа иныҳәоит, иныҳәоит уаха ицәарц ианышьҭало, ашьыжь ианыҩагыло, ианшьхыло-ианшьхыҵуа... Аԥсуа абжьааԥнытәи ицәажәарагьы ныҳәароуп ҳәа иҟоу ажәаԥҟа зегь раасҭа ашьха даныҟоу ианаалоит, ара зынӡа аныҳәаԥхьыӡ ицуп иааицрымшәо.
Асахьаҿы: Кәыдры аиҩхаа, Ар рымҩа
▫️Птышь – Аԥсны ҳәаара азызуа ашьхақәа ируакуп, Ерцахә иатәуп (Гәылрыԥшь араион); ари аҭыԥхьӡ ажәытә аԥсуа-абаза жәла иахылҿиааит Птышь//Абтышь (Абтышьаа), дара арахәааӡаҩцәан.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 172 |
| 4 | Ацачамза ианаалоит ари ажәабжь:
АҲКӘАЖӘ
Дыҟан аҳкәажәк. Аҳкәажә дтәаны дӡахуан, лааигәа лтәы дтәан. Аҳкәажә лыӡахра дааҟәыҵын, – Тәы! – лҳәазаап.
– Аау! – иҳәеит.
– Уцаны аца сзаага! – лҳәан, атәы дцаны хҭарԥа ҿык азна аца лзааигеит.
Аҳкәажә аца лфуа-илфуа, лызхара анылфа, нас лыӡахыга агәыр аԥышә аларкьакьаны акакала афара далагеит.
– Тәы! – лҳәан, даалырԥшит.
– Аау! – иҳәеит.
– Шәара шәахь аҳкәажәцәа аца шԥарфуа?
– Аҳкәажә, ҳара ҳҟны аҳкәажәцәа рызхара рфаанӡа абас еидыҳәҳәаланы бара беиԥш ирфоит,рызхара анырфалак, гәыр ԥынҵала аца афара иалагоит, – иҳәеит.
– Уара иухьӡуи, тәы? – лҳәазаап.
– Ааԥнынӡа-ца сыхьӡуп, – иҳәеит. – Саҳкәажә, бара ибыхьӡузеи?
– Ааԥнынӡа-хәажь сыхьӡуп, – лҳәеит.
▫️ Хәажь – усыхәлагәан усфоит ҳәа аанагоит; ааԥнынӡа-ца – ааԥнынӡа сцоит (схы сақәиҭхоит)
Машьика Арсҭааԥҳа илҳәамҭаны ианҵоуп 1984 шықәсазы, Хәаԥ. Ианиҵеит Мирод Гәажәба, ашәҟәы "Хәырбыц иӡыхь" аҟынтә.
▫️Рашәара́мза, Цуны́ҳәамз, Кәы́ркәа хәҷы, Ацача́н🍒 — ҳазҭоу амза ахьӡқәа роуп; абаза бызшәала ирҳәоит Лашван (Рашәан), мамзаргьы Ашуарахвыц (Ашоура хәыҷ) ☀️
▫️ Хҭарԥа ҿык азна аца — хԥаҟа кьыла ҟанаҵоит; ахҭарԥа рҟәынҳәаланы ашәыр аларҭаауан.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 175 |
| 5 | Аԥсны ауааԥсыра ахшара рацәа иашьҭоуп, уи — гәахәароуп лҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы еиҳабы Асҭанда Ҳашԥҳа, имҩаԥылгаз áзҵаараҭҵаара ахҳәаа аҭо.
Аҵарауаҩ "Аԥсны ауааԥсыра рыхшарауратә шьақәгылақәа" атемала ажәахә лыманы Екатеринбург имҩаԥысуаз Уралтәи адемографиатә форум аҟны дықәгылеит.
"Милаҭла еилых ҟамҵакәа, сзазҵааз зықьҩык инареиҳаны Аҧсны ауааҧсыра ахшарарацәа ахьырҭаху гәахәароуп", — лҳәеит Ҳашҧҳа.
Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы еиҳабы имҩаԥылгаз áзҵаараҭҵаара илнарбаз алкаақәа ртәы дазааҭгылеит.
#social | 225 |
| 6 | Аԥсны аҭоурых азы акыр зҳәо Лыхнытәи ақәгылара сынтәа аԥхын 160 шықәса ахыҵуеит. Уи аиҿкааҩцәа хадақәас иԥхьаӡаз аӡәырҩы, ауаа ирбо-ираҳауа, иааргәыдҵан иршьит, аӡәырҩгьы аҭакра-аҭыжьра, ахгара иақәдыршәеит. Иргәаҟны, етапла Сибраҟа иахыргоз жәаҩыла иҟан.
Убас, ҭаацәала иахыргаз рхыԥхьаӡара далан 100-шықәса зхыҵуаз аԥсуа хаҵа Кьагәа Кәыџба. Иара апрапоршьик ичын иман, 1849 шықәсазы Аԥсны аҳ Ҳамыҭбеи Чачба дицны аурыс ҳәынҭқар Николиа I дизцахьан. Усҟан дсас дахьны, ихаҵкы камыршәуа дрыдыркылеит, аха уажәы, ақәгылара дахьалахәыз азы, Ставропольтәи абахҭаҿы дҭакын. Иҭаацәагьы иара уа ҩныжәк иҩнарҵеит, аполициа рхылаԥшуан. Раб абырг дырбарц, рҽыԥсахуа аӡәаӡәала ицҭаркуан иҷкәынцәа ԥшьҩык. Арԥыскгьы дрыԥхеит ахьҭа ааилалан, зегь чмазцәаны иахьыҩназ, унхартә иахьыҟамыз ақьаԥҭажә аҿы. Ас ианақәшәа, аҳәара ҟарҵеит абахҭа иахьазааигәоу џьара даҽа ҭыԥк рзылырхырц.
Уи абахҭа усҟан Ахан ҳәа иашьҭан (тюремный замок), Ставрополь хаҳәла ичаԥаз раԥхьаӡатәи ахыбрақәа иреиуоуп. 1867 шықәса алагамҭазы иара убра иҭакын даҽа 13-ҩык ахгара зқәырҵаз аԥсуаа — Лыхнытәи ақәгылара аԥхьагылацәа. Ҵабалаа рхаҭарнак, уигьы ачын ду змаз, Шьрын Маршьан дназлаз; Лыхнашҭа аҭәаҵла дықәтәаны Кониар иеихсуаз Ҟаинагә Кәабахьиа иҩызцәеи иареи; убас иҵегь аамсҭацәеи анхацәа цқьақәеи (Тыгә Маан, Мырзаҟан Лакырба, Гәаҭеи Ладариа, Мамсыри Маџьыџьи Оҭырбақәа, Кәабзач Ҵыӷьтыр-иԥа, Гыд Дбар уҳәа егьырҭ).
Кәыџ Кьагәа дышҭакыз иаҳаит аԥсуаа Ҭырқәтәылаҟа иахыргараны ишыҟоу ажәабжь бааԥсы. Цәгьала хьаас иҟаиҵеит абырг, иара игәаҟрақәа ихашҭны, абри иашаҵәҟьоума ҳәа дҵаауан абаандаҩцәа знапы ианыз рҟны. Иашазар, ианбыкәу сыжәлар рыхҵәара ҿҳәарас иазыԥҵәоу ҳәа агәжәажәара данаҟәымҵӡа, алԥсаа иоуз ҳасаб азуны, иқәрадугьы иахәаԥшны дрыцҳаршьан, азин ҟарҵеит "иҭаацәагьы иаргьы рыԥсадгьыл Аԥсныҟа" ихынҳәырц.
Лыхнытәи ахҭысқәа рыхҟьа-ԥҟьақәа рымшала Урыстәыла аҩадахьы иахыргаз дреиуан иара убас 15 шықәса зхыҵуаз арԥыс Кьамшьышь Қапба. Уи дзыхдырҟьаз маӡала абџьар ахьиҵәахыз ауп. (Усҟан мҳаџьырра имцаз зегьы иҭҟьоз рабџьар рхыхын, аҟамаҵәҟьа аныҟәгара ҟаломызт). Жәиԥшь шықәса атәым жәҩан аҵаҟа ианихига, Аԥсныҟа аара азин иоуит.
1867 шықәсазы Аԥсны иқәҵит 20-нызқьҩык инарзынаԥшуа ажәлар, убасҟан ауп Дали Ҵабали зынӡа ианҭацәы.
Ахыҵхырҭа: Аԥсны аҭоурых (Бӷажәба, Лакоба) 1993, ад. 187-188
#аҭоурых
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 403 |
| 7 | АӠЫ АМЧ УОУААИТ!
Дындык-иԥа Ҭасқәала аԥсхыхра даҿуп, уажәы-ушьҭан ҳәа идтәалоуп. Илақәа аахитцԥхьаӡа – "Ах, сара рыцҳа! Абыржәы Мҩаԥа аӡыхь ҵәыцак зыԥсоузеи. Ҵәыцак азна аӡыхь ыжәны сыԥсыр, џьаннаҭ сца иаҩызамзи", – иҳәон. Мҩаԥа аӡыхь Дауы ашьапаҿы џьара иҵҵуеит. Аԥхын ихьшәашәаӡа илеиуеит, аӡын иҭабуеит. Ҭасқәала шьха ныҟәаҩын. Ашьха данцалоз ари аӡыхь ижәлон. Уажәы ӡынроуп, аӡыхь абаҟоу, аха Ҭасқәала деилаҳаит. Аха уаҳа умԥсит, аӡыхь аазгуада.
Ус, Ҭасқәала дшыҟоу назбап ҳәа Мамсыр дааит.
– Ушбаҟоу Ҭасқәала? – ҳәа днаихагылан, аха ачымазаҩ ииҳәац акәын ииҳәоз.
– Мҩаԥа аӡыхь, ҿамҩак иадамхаргьы, снахәаны сыԥсыр, – иҳәан, аҭӡамцахь иҿы рханы диеит.
– Ааит иҷкәынцәа, алақәа шәықәчхәрааит, шәаб Мҩаԥа аӡыхь шиҳәауа дшәырԥсуама!? – иҳәеит. Ҭасқәала ихы наиқәикын – Ҭасқәала, акы уацәымшәан. Адәаҿы шә-усык еихыларгьы, уаҵәы ашьыжь Мҩаԥа аӡыхь сыманы ара сыҟоуп, – иҳәан дандәылҵит.
Ашьыжь лбаа арха алаӷырӡ еиԥш ицқьаӡа иҵҵуа Ҟыгәа иӡыхь аҿы днеин, ԥҳалк азна ааитан, Мҩаԥа аӡыхь узаазгеит, хәарҭас Анцәа иуиҭааит иҳәан, дааҩнашылеит. Ҭасқәала рыцҳа ҵәыцак аҟарагьы дааҵашьшьы аӡыхь ижәит. Уи ашьҭахь акры аамҭагьы Ҭасқәала иԥсы ҭан.
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҳәамҭақәа рҟынтә. Автор, аиқәыршәаҩ Владимир Аҩӡба
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 256 |
| 8 | Ԥсабарала абаҩхатәра ду злаз апоет-сатирик Жана Ачба ахьӡыртәрақәеи алаф ашәақәеи рыдагьы иԥхьарца ырӷызуа лассы-ласс ауазашәақәа иҳәон. Лымкаалагьы амҳаџьырра иҭанарцәыз адгьылқәа ахьҿаҳахаз гәнигон, аҭыԥхьыӡқәа иашаны ианырымҳәоз игәы иалан.
Абри ашәа асаӡқәа рџьынџь гәлымҵәах иазкуп:
ИЗАҲАУАДА СЫБЖЬЫ?
Аҳ итәарҭа Гьачрыԥшь,
Алма игәашә-ду Цандрыԥшь, —
Рыхьӡ ршьозаап, ирҳәаӡом,
Сгәыла-сызла уи рбаӡом.
Аинрал иԥшь хәхәа нархаԥеит,
Ашҭа, агәара ҿаҳахеит.
Сыздыԥшыло уаҩ дахым,
Ԥшәымак ишьҭа уа ианым.
Принцк даҭаан Гагрыԥшь,
Инацәа нӡааикылеит амшын.
Дгылоуп абахә иҽаԥшьы,
Ашәахәа раз ихәда ихшьы.
Ихаԥыруеит аҵыс иаҵәа ахӡы,
Амахә иахьанҳалоуп аԥшӡы.
Ашьха, аҿаҩа еиқәышьшьы,
Изаҳауада, мшәан, сыбжьы?
Араҟа зыӡбахә ҳәоу апринц Ольденбургтәи Гагрыԥшь еиҭеиҳаз абаҳчеи илаиҵаз аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи роуп. "Амахә иахьанҳалоуп аԥшӡы" ҳәа дызҿу амаамынқәа ракәын. XIX ашәышықәса анҵәамҭа — XX-тәи алагамҭа.
Асахьаҿы: Гагра
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 271 |
| 9 | Адгьыл иамоу абеиарақәа ирхылҿиааз аҭыԥхьыӡқәа
🏔 Аԥсны ашьхараҿ даара ирацәоуп аԥсабаратә мал — аиха, аҭса, абҩа, араӡны ахьамырхуаз аҭыԥқәа. Ашәышықәсақәа раԥхьа игәарҭахьаз, реиҳа измымҵәоз аирҭақәа рыӡбахә цеит дара рыхьӡқәа рылагьы:
• Башкаԥса́ра (абҩа);
• Ҳабҩы́; Ҳабҩы́қә (абҩа);
• Хьы́мца (аҭса, ашьанҵа) — Аҟәа араион;
• Ӡы́шра (араӡны) — Ԥсҳәы азааигәара иҟоу ашьха хьыҵәцара, амра анақәԥхо ицырцыруеит;
• Ахы́ҵыхра ("Скала пуль" в Гумистинском ущелье) — Гәымсҭа аӡиас арыӷьарахьтәи аган, Гәымрыԥшь ашьха ашьапахьы, нхыҵи-аахыҵи еицырдыруаз ҭыԥын; арантә аҭса (аԥсҭа) ыҵхны иргон. Асаӡқәагьы аҳчыԥсаагьы Гәымсҭаҟа иаауан уи азы.
• Хыԥсы́; Хыԥсҭа́ (аҭса),
• Аиха́ зло́у а́хра — Аҟәа араион.
📖
Абҩа́ — медь,
Аҭса́, аԥсҭа́, ахы́ (араҟа) — свинец
Ахыҵхырҭа: Валери Кәарҷиа "Аԥсны атопонимика"
Асахьаҿы: Гәымԥсы, Каман
#атопонимика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 307 |
| 10 | БА БКӘАШОН…
Ба бкәашон, быччаԥшь ацыԥхьқәа рҿыпуа,
Сыхдырра сцәыӡын, бӡара инакәшеит иӡыҭуа.
Ах, ашьабсҭа, абна инылашәкәаз бара,
Изыбҭахузеи, изыбгәаӷьызеи сыгә саргара.
Агәеисыбжь ссируп
бшьапқәа зқәыхәмаруа адашьма,
Убас насыԥ хәыҷык бамеигӡан са сызгьы ма.
Ихәымгасшьоит бӡара иакәҵәиашо анапқәа,
Ба бзы еисуа наҟ иҭысхуеит зегь рыгәқәа!
Сара с-Гамлетуп, исыблакьлароуп аӡә ишьа,
Баҳԥырҵ ахацәа, ба маалықьҵас быԥхашьа.
Абри са исшьамуп,
абраҟа исылгааит аӡәы инапқәа —
Адашьма агәеисыбжь,
иаԥхьан изқәыхәмаруаз бшьапқәа!..
✍️ Анатоли Лагәлаа
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 297 |
| 11 | Аԥсуа фырхаҵа Смыр Гәдиса ажәлар ирзеиԥшу аусқәа рҿы изықәгәыӷуаз, зыгәра ганы раԥхьа идыргылоз хаҵа ӷәӷәан. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы — XX-тәи алагамҭазы афольклоргьы аҭоурыхгьы зыхьӡ аҳәаз, иҟаҵәҟьаз хаҭароуп. Аха иара уи адагьы дшәарыцаҩ дуун. "Зашҭа шәарах шьахәарла ихкааз, урҭ рвакьыцла ишышыз" ҳәа ззырҳәоз дреиуан. Ашәарыцара ианакәзаалак ҳаҭыр ақәын, ажәлар ашәагьы изырҳәеит иналукааша шәарыцаҩк иаҳасабала.
Смыр Гәдиса иашәа
Аԥслаҳә мҩас абӷа ԥиҵәон,
Аҵыс мҩас абла ҭихуан,
Шәарах маҟа ахы иҭаиршәуан,
Уаа, раида, Гәдиса-ахаҵа!
Хра-цыԥхьаӡа зеиргь ашәа ақәыз,
Каҵәара-цыԥхьаӡа зшәақь мцабзыз,
Ԥсҭа-цыԥхьаӡа зуахәа еиҿажьыз,
Уаа, раида, Гәдиса-ахаҵа!
Ҟасҭеи Арсҭаа иҟынтә ианҵоуп; Баграт Шьынқәба "Ахьырҵәаҵәа".
Гәдиса иҭахашьагьы хаҵаҵас имҩаԥигеит. Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы иеиԥш ахра цаӷь-цаӷь данаанахәа, уажәшьҭа дышҭахоз аниба, ибаҩ мыӡырц, дышлеиуаз аҽыгәҳәа илабашьа аирсит. Убри ала акәзаап дызларԥшаазгьы! Ибаҩ ҭыргеит, иԥсы амырхит. Ари ажәабжь ааигоит Никәала Ҳашыг ишәҟәы "Аԥсуара ашьаҭақәа" аҿы.
📖
Ауа́хәа; аҭа́мҳа, ашәарыцаҩ иа́ха — абнаҿы ашәарах жьы ахькнарҳауа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 326 |
| 12 | ...Аҵыс маҷны изшаз убас ажәҩа ӷәӷәаны иаиҭеит, ԥшь-шьапык зиҭаз ираԥысуа. Ҳара ҳмаҷны ҳазшаз ҳанасыԥ убас ирдуит, ҳаӷа иагьа ддузаргьы ҳаифарцы иҿы еихирԥхьаргьы, иҿы ҳҭамӡо. Абри алада-аҩада иааиуа, ицо убас срыхәаԥшуеит: актиорцәа асценаҿы илеи-ҩеиуа реиԥш. Убарҭ арольқәа ирымоу ирылганы рыҩныҟа ианбацо ҳәа сыԥшуп... Ус акәымкәа, еиҳау еиҵоу еибафо иҟалар, ҳаиҳа зылшо хаԥыцла еибакып, ҳара хгара ҳауп... Аԥсны насыԥла аӡәы иҿы иҭаӡаӡом... Умшәан Аԥсны!..
✍️ Николаи Патеиԥа истатиа
"Згәы мцаз мышкы ибеит" аҟынтә,
(аменшевикцәа раамҭазы ииҩыз)
Асахьаныҟәа: Abkhazia
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 281 |
| 13 | Аԥсуара аныҟәгара
Ҳаибашьра аан ауп. Аҷандара ақыҭан ашьхарԥы аҵаҟа инхоз анхаҩ нага иҩнаҭа иатәыз аҷкәынцәа аҩыџьагьы рани раби ааныжьны еибашьра ицеит. Абар уажәшьҭа мызкы ҵуеит аҷкәынцәа рхабар ҟамлацызт. Аибашьра ашыкьымҭа иҭагылоуп, аха ашьхарԥы аҵаҟа есымшагьы ажәабжь уаҳауам, иҭахаз, ихәу, аиааира ахьгоу, аиҵахара ахьыҟоу... аибашьра цоит... ауаа ҭахоит.
Ус ашҭа иааҭалоит машьына хәыҷык. Ан лыбла ҭхаха иааиз амашьынахь дшыԥшуаз, уи иааҭыҵит лыҷкәын аиҳабы, нас даҽа хҩык иҩызцәа. Урҭ ааит ӡык рықәырҭәарц, рҽааиҭаркырц, шәыр-қәырк, фатәы-жәтәык роургьы иргашт.
Ани аби гәырӷьаран ирымаз. Аӡқәа рыздыршит аибашьцәа рҽыркәабарц, абысҭа рзыруит ԥхак рҿарҵарц. Ицон аилыхара, зегьы акака ирҿын, иааизгьы аҩны иҟазгьы... Арҭ уажәшьҭа амҩа иқәлартә аҟара русқәа ааргахьан, даҽа машьынакгьы агәашә иаалагылт — араҟа дааҭыҵит аҷкәын еиҵбы. Иааишьагьы дыззаазгьы зегьы аиҳабы иаашьа излеиԥшымыз акгьы ыҟамызт, ари ԥшьҩык ицын умҳәозар.
Ан дануп, ан дуаҩуп, аҳәса агәыԥшқара ԥсабарала ирзааигәоуп. Ан лыҷкәынцәа аҩыџьагьы анеидылбала, шәааи лҳәан, уадак иныҩнагаланы дрыҳәоит:
— Арӡынба излеиҳәаз ала, аҩнаҭаҿы аӡәы ида ахьыҟам аҷкәынцәа еибашьра ишәмышьҭын иҳәеит. Азин ыҟоуп аӡәы шәаагылар. Сара сзеиԥшроу жәбоит, шәаб дажәит, акы ааҳахьыр анышә ҳамаздо... аӡәы шәаҳхагыламкәа... ҳагәнаҳауп, аӡәы шәаагыл, — лҳәеит длаӷырӡышо.
— Уара Канбеи, илҳәо уаҳауеит... иҟаҳҵои? — иҳәеит аиҳабы, аиҵбы ишҟа даахьаԥшын.
— Уара узҿу уаҿыз, шәарҭмаҟқәагьы акы нҭашәҵа-ааҭашәҵа, уи илҳәо сара избап, — иҳәан, уи аус ихахьы иго даацәажәеит аиҵбы.
— Сан, ҳара ҳааицәажәан, ибҳәаз ҳазхәыцит, ибзиангьы беилаҳкааит, аха иаҳзымыӡбыз уск ҟалеит, убри азы сбызҵаауеит. Ҳауа аибашьра ибышьҭуада, ҳауа аҩны иаангылода? — иҳәеит.
Лыла ҭраа диҿаԥшуан ан лыҷкәын, илҳәо лҿамшәо, нас лхы аамылхын ус лҳәеит.
— Шәан дшәыкәыхшоуп, саргьы шәеилыскааит ибзианы. Сара ахшыҩца шәсырԥхашьазар ҟалап сыҷкәынцәа. Нан, шәҩызцәа рҿы шәхы шәмырԥхашьан, хьымӡӷы анцәа ишәимыргааит. Иауазар, аиааира шәыманы шәгьежьааит, ҳара шәаҳтәызар шәаап. Шәҩызцәагьы шәаргьы анцәа дышәхылаԥшааит, Аԥсны еиқәшәырхо амч шәоуааит! Шәца, нан, шәца. Сара аҭакәажә шәзырԥхашьо акы сҳәазар саҭашәымҵан, шәан соуми... — лҳәан, лԥыраҳәала лылабжышқәа аалрыцқьан, лыҷкәынцәа амҩа рзаалыртит абџьармца ахьыҭҟьоз ахь.
✍🏻 Шьурбеи Царгәыш ишәҟәы "Ааӡара ажәлартәра" аҟынтә
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 396 |
| 14 | Иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы иахьа 65 шықәса ихыҵуан апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа. Аԥсҭазаара знаалоз, згәы аартыз, иччаԥшь хаа иҿықәыҳәҳә, ажәа сахьаркқәа еимхәыцҵас еихаԥсо, макьана иқәраныҳәақәа дырԥылозар акәымзи, аха алахьынҵа мыжда уаҩ дзахыԥом.
Мышк ииз мышкызны дыхәжәауеит,
Мҩак дануп.
Жәлар рус-ԥшьа ахәымпал еиԥш дархәауеит,
Уи разҟуп…
Анатоли Лагәлаа 40 шықәса инареиҳаны, аԥсуа классикатә литература атрадициа бзиақәа еихаҳауа, ажурнал "Алашара" амаҵ азиуан, урҭ рахьтә 20 шықәса инацны — редактор хадас. Иахьа иара дыргәаладыршәоит акыршықәса раахыс аус ицызуаз иколлегацәа, иара убас аредакторра ҿыц знапы ианҵоу, гәыӷра шәкы здаҳҳәало апоет, ажурналист Аинар Ҷыҭанаа. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит аматериал>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 342 |
| 15 | Иахьа, Хына Цқьа аныҳәазы, даҳгәалаҳаршәоит ажәлар рымаҵ аураҿы акыр аџьабаа збахьаз аԥшьаҩы, арккаҩы, арҵаҩы Дырмит Маан. Диижьҭеи сынтәа 160 шықәса ҵуеит (1866 - 1946).
Дырмит Маан диит Бедиа ақыҭан, аԥсуа аамысҭа Маан Ҭлаԥс иҭаацәараҿы. Ақыҭан аухәаматә школ дҭан, анаҩс иҵара иациҵеит Аҟәа Ашьхарыуаа рышкол аҿы, далгеит Қәҭешьтәи арҵаҩратә семинариа. Даара ибзианы, иҵаулаҵәҟьаны аԥсшәа идыруан, уи инаваргыланы аурысшәа, ақырҭшәа, агыршәа. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы иааиҵагылаз, ҵарадыррала иӷәӷәаз раԥхьаӡатәи аԥсуа интеллигенциа дырхаҭарнакын. Аиҭагаратә комиссиа далан, уа лыҵшәала аус иуит. Усҟан еиҭагаз аухәаматә текстқәа шьаҭас иҟаҵаны, 1907 шықәсазы аԥсышәала анцәаиҳәара мҩаԥысит Лыхны, нас Мықә.
Дырмит Маан аԥсуаа рахьтә раԥхьаӡа акәны аԥшьаҩы еиҳабы (протоиерей) ҳәа ахьӡ иҽаԥсеитәит. Баӷәлачынс дыҟан (ҩба-хԥа уахәама дырхылаԥшуан). Аҳаҭыртә дыргақәеи аҳамҭақәеи рацәаны ианашьан. Аухәаматә маҵура анахысгьы, имч-илша адиҵон ажәлар рҵарадырреи аԥсуа шәҟәҩыра аҿиареи. Очамчыратәи ашкол аҿы 26 шықәса иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсшәа дирҵон. 1897 шықәсазы Аҷандара ақыҭан ашкол аартра иара иаԥшьгарала иҟалеит. Аԥсны ахы-аҵыхәа дырдыруан, ахьӡ-аԥша иман. Асовет мчра анааигьы адин дацәхьамҵит, арҵаҩра дацәхьамҵит.
Дырмит Гәлиеи иареи ианҿаз аахыс еибадыруан, пату еиқәырҵон, аиҭагараҿы аус еицырухьан. Зны абас иҳәеит Гәлиа изы иара:
"Уи даара ҳаҭыр иқәҵалатәуп, уи еснагь аԥсуара дадгылоит, аатәы шьаҟаны даҵагылоуп, аԥсуа шәҟәҩыра шьаҭамырӡганы иҟаиҵоит. Иаԥсуара камыжьуа, иԥырхагоу рыҟәҟәо даауеит", — ҳәа.
Абарҭ ажәақәа иара иахь иурхаргьы ауеит. Инысымҩаҿы иԥышьклаҳәуаз шыҟазгьы, акгьы дамырбрит, ииаша дацәхьамҵит.
Дырмит Маан агазеҭ "Аԥсны" дазҿлымҳан, игәцаракны даԥхьон, акьыԥхь ианылоз азы игәаанагарақәа иҳәон, астатиақәа иҩуан. Лымкаала дацклаԥшуан аԥсуа бызшәа ацқьара, ажәа артәашьақәа реинаалара, аҳәынҭқарраҿы ахархәара арҭбаара. "Ахақәиҭра иҳауз ишахәҭоу ҳхы иаҳзамырхәеит" ҳәа игәы иалан аусшәҟәеимадара аԥсшәахь иахьызмиасыз азы. Аха усгьы игәы каижьуамызт, агәра игон "ҳажәла дыргас иҳамоу ҳбызшәа" аҵыхәтәа шмыӡуа, уи иаҵагылоу ыҟанаҵ. Абызшәа аганахьала ииҩуаз истатиақәа аашьҭхны урыԥхьар, иахьагьы рҵакы рцәымӡӡеит, убасҟак ахара аԥшра рыҵоуп. Иҩуан иара убас аброшиурақәа ахазҩыдара (агәабзиара) иазкны, аҵарадырра шхәарҭоу, амцхаҵаракәа шнырхагам иазкны. Ихазы иҳәон "арлашаҩ" ҳәа.
Асовет аамҭазы ԥшьамаҵуҩык иаҳасабала ихьӡ усҟак иӡыргамызт. Аха 1999 шықәсазы уи иҵаҩцәа иреиуаз Хәыхәт Бӷажәба еидкыланы иҭижьит Дырмит Маан истатиқәа реизга шәҟәы аԥхьажәеи аҵыхәтәажәеи хатәраны иацҵаны, аԥсуа доуҳатә культураҿы иааникылоз аҭыԥ арбаны.
▫️Асахьа аԥштәы ахаҵоуп иԥсабаратәым аинтеллект ахархәарала. Иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит уи азы Аб Давид (Сарсаниа).
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 833 |
| 16 | Даҽа мышкы иачҳар, аԥхынтәи асы акәымхоз ҳашьхақәа ирықәнаԥсаз имбатәбараха...
Мамӡышьха иахьа. Асхәыҷы ❄️
Агәырӷьа ԥштәы ахуп. Абзиара иатәхааит!
Авидео: асоциалтә ҳақәа рҟынтә
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 306 |
| 17 | Иахьатәи Кындыӷ Ҿыц уаанӡа Аупа́ра ҳәа иашьҭан. Аџь дуқәа ауапақәа ршәушәа еихашьшьы амшын иаԥынчыланы, агаҿа ықәырҭәаа игылан. Убри зегьы Чачаа иртәын, уалакьысыр ҟалозма, ирыхьчон. Аупара аханы, иахьа Шәқәырча ҳәа иахьашьҭоу, аӡыхь ҟаимаҭ аман. Чачаа рӡыхь ҳәа иашьҭан. Ажәытәан уа Чачаа раҳҭны ыҟан, аԥсҳа убрагьы тәарҭас иман рҳәоит. Аабыкьанӡагьы убра инханы иубон ажәытә ҳҭны абаа ԥҽыхақәа. Урҭ аҳҭны иаҵанакуан, уажәы абаа ԥҽыхақәа, акы заҵәык ада, аԥслымӡ ахьыҵырхыз иҟалаз аӡҭатәа иагеит.
✍🏻 Заур Быҭәба ишәҟәы "Чаҵә Чагә ихҭысқәа" аҟынтә
Асахьаҿы: иблахкыгоу Шәқәырча аӡиа, (c) Sputnik; 1960-тәи ашықәсқәа раан адгьыл ахьҭыжааз аҭыԥан иҟалеит.
🔍Уарча, Ҵарча, Сауча, Цыхча, Шәқәырча, Шәача — аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа -ча ҳәа ихыркәшоу
#атопонимика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 344 |
| 18 | "Сара сахьымӡеит, аха ҳабацәа ирҳәо исаҳахьоу... Қьалашь ацқьа ҳәа дырдыруан. Қьалашь ихьӡ фырҭынны акәын ишықәгьежьуаз Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа. Иара аԥашьагьы дықәицеит, аԥадишьаҳ изааиҭииз асарақь хылԥагь амца ацраҵаны иблит. Аԥсны зегь еидикылеит усҟан Қьалашь. Егры дырны, Рыхә абаа игеит, шаԥсыӷааи бырзықьааи инадыркны, зегьы иҭарчеи иаҵагыло иҟаиҵеит. "Қьалашь иныс" рҳәар акәын Дал-Ҵабалагьы, Аибӷагьы, Аҳчыԥсагьы, Цәжьаагьы. Ажәытә ҳабацәа ишырҳәоз еиԥш иӷәӷәахеит Аԥсны Қьалашь ихаан. Саб Беслан рыцҳагьы хара иԥшуаз уаҩын, уи Қьалашь дивамсит, дидгылеит, Қьалашь иус дуқәа рҟны диарӷьажәҩахеит, ар драԥгыланы дныҟәеит. Ус еиԥш ихәыцуа дҳамазҭгьы, ҳажәлар абас ирыламӡыргьы ҟалон. Қьалашьи саб Гьач Беслани рхаан Шәачеи Егри рыбжьара еизеиԥшны аԥсуа и-Аиргь ашәа ықәыҩуан, нас аҷкәынцәа инармыгӡеит, акәымзар", – дхәыцуан Гьач Рашьыҭ, илахь еиқәышьшьы.
✍️ Даур Занҭариа иажәабжь "Хылҵысаа раҳ" аҟынтә
📖
Асарақь хылԥа - султанский тюрбан (чалма)
Асахьа: Баҭал Џьапуа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 413 |
| 19 | 📚 Даур Занҭариа ихьӡ зху алитературатә премиа аԥҵахоит!
Иахьа, ашәҟәыҩҩы имширазы, Аҟәа ирылаҳәан ари ажәабжь, иара убас иӡырган ирҿиареи иԥсҭазаареи ирызку ашәҟә ҿыц, Максим Гуреев авторс дызмоу (ЖЗЛ асериа иатәу).
Аиԥылара иалахәын бзиа дызбо аԥхьаҩцәа, гәыблыла дызгәалашәо иҩызцәа, ибзианы дыздыруаз ҳаамҭазтәи аурыс шәҟәыҩҩцәа, Аԥсны аиҳабыра. Аԥшәмацәа рахьтәгьы, асасцәа рахьтәгьы иқәгылоз зегьы ажәа ҟәандақәа рҳәеит. Аҵыхәтәан дцәажәеит акыршықәса раахыс ашәҟәыҩҩы ихьӡ бираҟҵас ишьҭыхны иаазго, иҭынха змырӡуа, Кәыдры зырмақаруа Амтҟьал ауп ҳәа, шьарда аус рхыҵхырҭаҿы игылоу, ихьӡ зху ацентр аиҳабы Циза Гәымԥҳа.
Даур Занҭариа анҭыҵ деицырдыруа дҟазҵаз урысшәала иаԥиҵаз ароман "Золотое колесо" ауп. Уи аамышьҭахь зхатәы епикатә дунеи зырҿиаз аклассикцәа дрываргыланы ихьӡ рҳәеит, ибаҩхатәра адунеитә ҩаӡараҟны иахцәажәоит, ус иагьыҟоуп. Уи аҟынтә ҳара ҳзы еиҳагьы игәадуроуп, иагьаԥсоуп аҳәара:
Даур Занҭариа иҟырҟы зырхәыхәыз аԥсшәоуп, аԥсуа сахьаркыратә хәыцра датәуп. Шәҟәыҩҩык иаҳасабала дшьақәгылеит аԥхьа ихатәы бызшәала, иԥсадгьыл аҿы. Ус анакәха, аԥсшәа иамоуп аԥеиԥш, иамоуп макьанагьы иамҳәац, аха иаҳәартә еиԥш алшара дуӡӡақәа.
Даур Занҭариа аԥсышәала иаԥҵоу ипрозаҿы иалкаау аҭыԥ ааныркылоит аҭоурыхтә ажәабжьоуқәа "Чу Иақәыԥ иуахҭа", "Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз". Аԥхьара-аиҭаԥхьара зықәнагоу литературоуп арҭ аҩымҭақәа; рбызшәа, рҵакы, реиҭаҳәашьа аформа, агәеибафара ирыҵоу уҳәа зегь рыла ухырхуеит. Агаҿа инаркны шьха нхыҵынӡа ҳауаажәлар еилшәарада ианынхозтәи аамҭақәа аазырԥшуа автортә ҩымҭақәа усҟакгьы ирацәаны иҳамаӡам. Абри аганахьалагьы арҭи егьырҭ иажәабжьқәеи аинтерес ду рыҵоуп. Иҭоурыхтә прозагьы ифантастикатә прозагьы инымҵәаӡо епикатә беиароуп.
Даур Занҭариа иаамҭа даласын, аха даара ижәлар рнысымҩа дазҿлымҳан, иара убас афольклор, амифологиа, археологиа, атопонимика, аҵасқәа, ақьабзқәа... Уи зегь итекстқәа ирнымԥшыр ауамызт. Алитератураҿы ицәырҵра культуратә хҭыс дууп. Иԥхьара анаҩсгьы иҭҵаара аҭахуп доуҳатә мазарак аҳасабала.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 468 |
| 20 | Аҵх бзиан. Амза кыдын,
Аԥсата еиԥш аӡаӡа ҳәон.
Аҩны сдәылҵны ашҭа сықәын,
Ачамгәырбжьы џьара игон…
Сыбла еиҵыхны, схы сҩаха
Ажәҩан ашҟа са сыԥшуан.
Аԥша иасуаз схахәы инахон,
Хҳәа ишамҳәара исзаҳәауан.
"Ҷырры-ҷырры!" ҳәа игәыҟаҵаган
Арашәыгақәа шәаҳәон.
Аӡыркәиқәа анаҟа-араҟа
Ицәырҟьацәырасуа илашон…
Абарҭқәа зегь са сдырхәыцуан,
Ихьухьууа сгәы ҟарҵон.
Гәалашәарақәак сызцәырҵуан,
Урҭ схәыҷрашҟа ицон, ицон…
✍️ Витали Амаршьан
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 311 |
Endi mavjud! Telegram Tadqiqoti 2025 — yilning asosiy insaytlari 
