uk
Feedback
Sputnik Аԥсны

Sputnik Аԥсны

Відкрити в Telegram

Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал

Показати більше
591
Підписники
+224 години
+37 днів
+1930 днів
Архів дописів
Гагра иҟоу ахәбатәи аиланхарҭа Кемпинг дырԥшӡоит, иара убас аӡыҭгагатә станциақәа, арыцқьаратә ргыларақәа, аихшаратә еиқәҳәала дуқәа, аҳаблақәа, ма аиланхарҭақәа рҟынӡа аӡы мҩанызго аӡымҩангага хада ԥсаххоит. Гагра араион аиҳабыра ргәы иҭоуп ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара, аҵакыра ариаҵәара, амҩа акаҭран ақәҵара. Акоммуникациақәа — 400 инаркны 110 рҟынӡа еиуеиԥшым агәҭаӡара змоу аӡымҩангага хада ацәаҳәақәа рыԥсахразы аусура мҩаԥыргахьеит. "Анхарҭатә усбарҭа аусзуҩцәа аҩнеихагылақәа рҿы аусурақәа мҩаԥыргахьеит, аҩнаҵаҟақәа рҟны аӡы ҭарбоуп, афымцамҩангагақәеи, аӡымҩангагеи, аӡыҭгагақәеи, аӡцрыҵцарҭақәеи рыԥсахразы аусурақәа жәпакы мҩаԥгоуп. Арҭ аусурақәа рынагӡаразы араионтә биуџьет аҟынтәи ирзоужьуп — 40 млн мааҭ рҟынӡа", — иҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.

Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩбеи самаратәи аделегациа алахәылацәеи агуманитартә усхк аҟны русеицура атәы иалацәажәеит. "2025-2026 шықәсқәа рзы ауснагӡатәқәа рацәаны имҩаԥаҳгеит. Агәраганы сыҟоуп, ҳаԥхьаҟа еиҳау аусқәа шьҭоуп ҳәа", — азгәеиҭеит иара. Самара ақалақь ахадара акультуреи аҿартә политикеи Рдепартамент аиҳабы Татиана Шпаковскаиа илҳәеит агуманитартә усеицура аусхк ишаҵанакуа акультуреи, аҵареи, аспорти. Лара лажәақәа рыла, абҵарамзазы дара ргәы иҭоуп шықәсык аҩнуҵҟа ахырхарҭақәа зегьы рыла аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара. Шпаковскаиа иазгәалҭеит Самаратәи аделегациа ду ишалоу арҵаҩцәа, урҭ Аҟәа аус руеижьҭеи ҩымш шҵуа. "Дара Аҟәа ақалақь ашколқәа хԥа аус рыдырулоит. Асахьаркыратә ҵара асистема арҵаҩцәа нагақәа уажәы аҟаза-иклассқәа мҩаԥыргоит. Уаха акамертә концерт ссир мҩаԥгахоит", — лҳәеит Шпаковскаиа. Лара илҳәеит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы Самара ишлыдылкылоз Аԥснытәи арҵаҩцәа рделегациа, урҭ рколлегацәа русура апрактика еилыркаауан. Шпаковскаиа илҳәеит ареспубликаҿы аусуратә ԥышәа адырразы, абҵарамзазы Аԥсныҟа иаарц ргәы ишҭоу атеатр аусзуҩцәа. Аусеицура аҩбатәи ахәҭа азкхоит акультуратә ҭынха ахыбрақәа реиқәырхара азҵаарақәа. Ахәҭакахьала самаратәи аҟазауаа Урыстәыла иналукааша ауаа рыхьӡқәа ирыдҳәалоу иуникалтәу ауаажәларратә ҵакырақәа раԥҵаразы апроектқәа ддырбоит.

Гагра ахы иақәиҭтәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи мызки бжаки ааҵуаны — жьҭаара 2-6 рзы. Жьҭаара 2 рзы излагаз Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәылара ахықәкқәа рынагӡаразы ҳаибашьцәа хьаҵрак ҟамҵақәа аӷа гәышԥыла иҿагылон. Гагра араион ахақәиҭтәразы операциа акодтә хьӡы "Аԥшатлакә" ҳәа иаман. Араион аӷа имацәаз иҭакын 48 мшы. Арҭ ажәыларақәа ирылахәыз аибашьцәа ргәалашәарақәа реиҭаҳәара уамак ишырҭахымгьы, Sputnik Аԥсны ажурналистцәа аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҭоурыхқәа реидкылара рҽазыршәоит. Гагра ахақәиҭтәра иалахәыз гәыԥҩык аибашьцәа ргәалашәарақәа шәрыԥхьыр ҟалоит абри азхьарԥш ала. #social

Аԥсны даанкылоуп аԥсылманра арадикалтә формақәеи атерроризм иаартны ирылаирҵәоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Таџьикистан атәылауаҩ Хәыршед Оиматов. Иара 2026 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура дааннакылеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аус ацурала. 36 шықәса зхыҵуа Оиматов атеррористтә гәыԥқәа дрыдҳәалазар алшон, уи аинтернет аҿы аекстремистра аларҵәара инапы алакын. 2019 шықәса раахыс Аԥсны дынхон. Урыстәыла АШӘМ аҳәаахьчаратә усбарҭахь дрырҭеит аҩ-тәылак рыбжьара аусеицуразы аус зуа аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны.

Гәдоуҭатәи ашколқәа ахәыԥха аиҿкааразы ишазхиоу гәарҭеит. Урыстәылеи Аԥсни рҟны Аҵара аминистррақәа еицырзеиԥшу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ашколқәа — аҩнымаҭәеи ачысмаҭәеи, афатә аҟаҵаразы амаругақәа, аԥечкақәа, архьшәашәагақәа ахьыҟоу акрыфарҭақәа рыла еиқәыршәоуп. Апрограмма аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа ирзырхоуп, 66 школ рҿы инагӡаны инагӡахоит. 🖇 Уаанӡа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҳәеит Аԥсны аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколтә крыфарҭақәа рҿы ахәы ԥханы аҟаҵараз Урыстәыла ахада ирезервтә фонд аԥара шазоунажьуа. Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 245 млн мааҭ. Апрограмма алыршахоит Урыстәыла аԥаразоужьралеи, Аԥсны абиуџьет аҟынтәи ацхыраареи рыла.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи III Жәларбжьаратәи реицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иацҵоуп жьҭаара 11 рҟынӡа. "Ҳара иаадыруеит аицлабра аҽазыҟаҵараз аамҭа шаҭаху, убри азы аҽазыҟаҵара иахьымӡац зегьы рхы аладырхәырц азы алшара рымазар ҳҭахын", — азгәалҭеит Гьерзмааԥҳа. Иалахәхар рылшоит амузыкатә ҵара змоу артистцәеи амузыкатә ҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәеи. 20 шықәса инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа адунеи иарбан тәылазаалак ахаҭарнакцәеи, иарбан бжьызаалакьы зхоу зегьы азыҳәақәа аларҵар ҟалоит. Аицлабра мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд ацхыраарала.

Гал ӡыда иаанхоит жьҭаара 3 шьыжьынӡа. Речхә ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Абри атәы аанацҳауеит Гал араион ахадара ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа.

Афедерациа хеилак Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса азы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы аԥкаанҵа шьақәнырӷәӷәеит. Аусшәҟәы иазгәанаҭоит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа урыстәылатәи Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса асистемаҿы аԥгаԥсеи Урыстәылатәи амедицинатә еиҿкаарақәа рҿы амедицинатә цхыраара рыҭареи рызҵаараҿы русеицура. Аԥкаанҵа анапы аҵеиҩын Москва 2026 шықәса хәажәкыра 16 рзы.

Урыстәылатәи аспортсмен, еилаԥсоу аиқәԥаразы ԥшьынтә адунеи ачемпион, аиқәԥаратә самбо азы жәынтә Урыстәыла ачемпион Фиодор Емелианенко Аԥсны самбо азы жәларбжьаратәи атурнир ааиртуеит. Аицлабрақәа хацыркхоит жьҭаара 4 рзы. Емелианенко алахәылацәа абжьгарақәа риҭоит. Ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы аспортсменцәа ҿарацәа рԥылара мҩаԥгахоит. Ақәԥаҩ аспорт аҿы дызнысыз имҩа далацәажәоит, азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит, инапынҵа -сессиа мҩаԥигоит.

Бадра Гәынба аррамаҵурахьы анаԥхьаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. 2026 шықәса жьҭаарамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31 рҟынӡа арратә маҵзурахьы инарыԥхьоит 18-27 шықәса зхыҵуа, арезерв иаҵанамкуа атәылауаа. Зыррамаҵзура аҿҳәара нҵәаз аррамаҵзурауаа рхы иақәиҭыртәуеит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва агастрольқәа мҩаԥнагоит жьҭаара 7-11 рзы. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны х-қәгыларак мҩаԥгахоит: ◽️ Жьҭаара 8 асааҭ 16:00 — Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа асахьаҭыхратә Академиаҿы хаҭалатәи ицәыргақәҵа аартра аҽалархәра. ◽️ Жьҭаара 9 асааҭ 19: 00 — Москватәи аконсерваториа Рахманинов изал аҿы аконцерт ду (Нодар Ҷанба авиолончель азы Исоната адунеитә премиера). ◽️Жьҭаара 10 асааҭ 16:00 — ВДНХ апавильон "Ҟазахсҭан" азал "Атриум" аҿы аконцерт ду. Агастрольқәа Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала имҩаԥгахоит, уи Урыстәылеи Аԥсни рмузыкантцәа рыбжьара шықәсырацәалатәи арҿиаратә еинырра иацнаҵоит.

Оренбург ауааԥсыра Аԥсны ишьыз Амина Бикбова аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргеит. Ацеремониа мҩаԥысит Сулеимани иџьаамаҿы ҳәа аанацҳауеит ТАСС. 🖇 26 шықәса зхыҵуаз урыстәылауаҩ Амина Бикбова Гагра араион аҿы дышьны дырбеит. Агәызҩара ззыҟоу Едгар Абыхәба иҿахәы аниҿырхуаз ацәгьара иара ишыҟаиҵаз иҳәеит. Уаанӡа, 2021 шықәсазы иара ахара идҵан урыстәылауаҩ лцәа ԥиҽит, дирҳәит, лгәабзиара ааха ӷәӷәа аиҭеит ҳәа, уи азы 9 шықәса иқәҵан. Уажәы Абыхәба 12 шықәса рҟынӡа абахҭа дҭаркыр алшоит.

Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала иҭадырхеит аибашьыгатә хәҭа змоу зныктәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 646, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. #social

"Ашәарыцага шәақьла Гагра ҭаирцәуан": аибашьҩы Адамыр Хагәышь иҭоурых. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра мызкы шагыз, 20 шықәса з
"Ашәарыцага шәақьла Гагра ҭаирцәуан": аибашьҩы Адамыр Хагәышь иҭоурых. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра мызкы шагыз, 20 шықәса зхыҵуаз Бзыԥҭатәи арԥыс Адамыр Анатоли-иԥа Хагәышь арра маҵура ихганы аҩныҟа дааит. Иара иқәыԥшра игәазхара далаԥшаанӡа, хаҵаҵас иԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Аветеран Адамыр Хагәышь игәалашәарақәа ажурналист Саида Жьиԥҳа илыцеиҩишеит. Аԥхьараз ишәыдаҳгалоит Sputnik Аԥсны аматериал. #social

Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит. Нанҳәа 15 1992 шықәсазы Аԥ
Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит. Нанҳәа 15 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны Ԥоҭынтә Гаграҟа мшынла идәықәлеит аӷацәа рдесант. Асааҭ 13:00 рзеиԥш дара Цандрыԥшь иӡхыҵит. Аԥсуа хацәа гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара рырҭарц рҽазыршәеит рнапаҿы иҟаз бџьарқәак рыла, аха рымчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Аӷацәа Гагра рнапахьы иааргеит. Аибашьра ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Гагра араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан. Афото © афотоальбом "Аиааира" #social

Урыстәыла Донбасс иаанхаз ахәҭа акырӡа заа ахы иақәиҭнатәуеит, шықәсыки бжаки-ҩышықәсеи рышьҭахь, Украинеи ИА-и рҿы ишырыԥхьаӡо аасҭа ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин. Киев анапаҵаҟа иаанхоит ДЖәР аҵакыра 11%. "Абри аҵакыра ҽыҭ акәӡам аус злоу, ауаа роуп аус злоу. Иҟалаз уи ауп, аинышәаразы акәымкәа, акраамҭатәи аҭынчразы, акраамҭатәи аҭоурыхтә перспективазы аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵароуп", — ҳәа ациҵеит Урыстәыла ахада, "Валдаи" апленартә еилатәараҿы дықәгыло.

Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара апроект аԥызҵоз архитекторцәа рыгәҭакы уажәнатә иубарҭоуп ҳәа азгәеиҭеит ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавски. "Уажәы иубарҭоуп акомплекс ду згәы иҭазкыз архитекторцәеи ақалақьргылаҩцәеи рыгәҭакы ацәаара. Алашара аганахьалагьы, ақалақьргыларатәи архитектуратәи ӡбамҭақәа рганахьалагьы — ари ҳаамҭа иақәшәоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Журавски иазгәеиҭеит ирҿыцу аԥшаҳәа ареспубликахь иаауа атуристцәа шаднаԥхьало, атрадициақәа, аԥсабара, акультура еиӷьны реилкаара ишацхраауа. #social

Урыстәыла амакроекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин. Жәларбжьаратәи адискуссиатә клуб "Валдаи" XXIII есышықәсатәи аилатәара апленартә сессиаҿы аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа ирыбзоураны аинфлиациа акыр ишеиҵахаз. Урыстәыла аҳәынҭқарратә аҩнуҵҟатә хашәалахәы (аред. ВВП) 17% роуп иҟоу, иааиуа ашықәс азы абиуџьет адефицит планла 1% илаҟәуеит ҳәа ациҵеит иара.

Урыстәыла амакроекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин. Жәларбжьаратәи адискуссиатә клуб "Валдаи" XXIII есышықәсатәи аилатәара апленартә сессиаҿы аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа ирыбзоураны аинфлиациа акыр ишеиҵахаз. Урыстәыла аҳәынҭқарратә аҩнуҵҟатә хашәалахәы (аред. ВВП) 17% роуп иҟоу, иааиуа ашықәс азы абиуџьет адефицит планла 1% илаҟәуеит ҳәа ациҵеит иара.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны АҩАР ахада Роберт Кьиут ажәахә ҟаиҵеит Москва, Урыстәыла АҩАР еиҿнакааз аекстремизм аларҵәара аҿагыларазы жәларбжьаратәи аконференциаҟны. Аусмҩаԥгатә есышықәса имҩаԥысуеит, еизнагоит ИАР атәылақәа, Азиа, Африка рҟынтәи ахаҭарнакцәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аструктурақәеи русзуҩцәа, апрофильтә усбарҭақәа рекспертцәа ҳәа рҳәеит Аԥсны АҩАР аҿы. "Сгәаанагарала Аԥсны Аҳәынҭқарразы акырӡа аҵанакуеит аекстремизми, атерроризми, иахьа ԥхьаҟа ицо жәларбжьаратәи ацәгьоуреи рҿагыларазы апроектқәа назыгӡо егьырҭ атәылақәеи дареи рԥышәа реимдара", — ҳәа азгәеиҭеит Кьиут. #social