Ахьыуардын
Открыть в Telegram
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Больше1 240
Подписчики
-224 часа
+27 дней
+430 дней
Загрузка данных...
Похожие каналы
Облако тегов
Нет данных
Возникли проблемы? Пожалуйста, обновите страницу или обратитесь к нашему support-менеджеру .
Входящие и исходящие упоминания
---
---
---
---
---
---
Привлечение подписчиков
сентябрь '26
сентябрь '260
в 1 каналах
август '26
+11
в 3 каналах
Get PRO
июль '26
+7
в 2 каналах
Get PRO
июнь '26
+6
в 2 каналах
Get PRO
май '26
+17
в 4 каналах
Get PRO
апрель '26
+13
в 3 каналах
Get PRO
март '26
+18
в 1 каналах
Get PRO
февраль '26
+28
в 4 каналах
Get PRO
январь '26
+28
в 2 каналах
Get PRO
декабрь '25
+27
в 2 каналах
Get PRO
ноябрь '25
+25
в 1 каналах
Get PRO
октябрь '25
+35
в 2 каналах
Get PRO
сентябрь '25
+24
в 3 каналах
Get PRO
август '25
+15
в 3 каналах
Get PRO
июль '25
+13
в 1 каналах
Get PRO
июнь '25
+19
в 2 каналах
Get PRO
май '25
+20
в 4 каналах
Get PRO
апрель '25
+40
в 5 каналах
Get PRO
март '25
+41
в 2 каналах
Get PRO
февраль '25
+37
в 1 каналах
Get PRO
январь '25
+54
в 2 каналах
Get PRO
декабрь '24
+27
в 2 каналах
Get PRO
ноябрь '24
+28
в 1 каналах
Get PRO
октябрь '24
+27
в 2 каналах
Get PRO
сентябрь '24
+26
в 1 каналах
Get PRO
август '24
+15
в 2 каналах
Get PRO
июль '24
+26
в 5 каналах
Get PRO
июнь '24
+34
в 2 каналах
Get PRO
май '24
+26
в 2 каналах
Get PRO
апрель '24
+21
в 1 каналах
Get PRO
март '24
+21
в 0 каналах
Get PRO
февраль '24
+80
в 0 каналах
Get PRO
январь '24
+32
в 1 каналах
Get PRO
декабрь '23
+18
в 1 каналах
Get PRO
ноябрь '23
+472
в 2 каналах
Get PRO
октябрь '23
+283
в 3 каналах
Get PRO
сентябрь '23
+31
в 0 каналах
Get PRO
август '23
+18
в 0 каналах
Get PRO
июль '23
+16
в 0 каналах
Get PRO
июнь '23
+42
в 0 каналах
Get PRO
май '23
+20
в 0 каналах
Get PRO
апрель '23
+34
в 0 каналах
Get PRO
март '23
+56
в 0 каналах
Get PRO
февраль '23
+526
в 0 каналах
| Дата | Привлечение подписчиков | Упоминания | Каналы | |
| 01 сентября | 0 |
Посты канала
Адыррақәа зегьы иреиҳауп ахатәы бызшәа адырра. Ҳаӷацәа ирзымхәаҽыз, ӡи-мцеи ирзымгаз ҳаԥсшәа ԥшӡа аԥышәара дуӡӡа иахысхьан:
Ари ҟалеит 1944 шықәса сентиабр аказы, Кәтол, Чаарқыҭ аҳаблан. Макьанагь аибашьра цон... Актәи акласс аҿы ауп сара аԥсышәала аҵара сахьахьӡаз. Аҩбатәи акласс ахь ииасыз ахәыҷқәа акласстә уада ҳанааҩнала, ҵыԥх актәи акласс аҿы аҵара ҳзырҵоз арҵаҩы ԥшӡа Қсениа Сиҭ-иԥҳа Агрԥҳа дныҩнаххын, ҿаалҭит: "Акыр иаԥсоу ахәыҷқәа! Шәгәы иалымсын, сшәыкәыхшоуп. Иахьарнахыс аԥсышәала аҵара иаҟәыхуп. Шәгәы иалсхьоу ак ҟасҵазар, саҭашәымҵан", – лҳәан, еидара дук даҵазшәа, ашьшьыҳәа, лылабжышқәа ԥхьаҳәо ауада дындәылҵит. Ҳара иҟалаз ҳзеилымкааит... Аԥсшәа ԥеиԥш амаӡам ҳәа иага ҟазарала иҳарҳәозаргьы, ҳахшыҩ дырҿыцырц иалагозаргьы, ҳара иҳаман ҳанацәа ргәыԥҳәыхш иадкылан иҳаҳахьаз ҳбызшәа агәыбылра, ҳхы-ҳгәы ирҭагьежьуа иҭан урҭ иҳарҭоз аԥхара. Уи зыбзоуроу ҳара ҳхала ҳакәӡамызт, уи зыбзоураз ԥсабарала, жәҩанла иҳаҭәашьаз доуҳатә мчын. Дырмит ду ихәыҷтәы жәеинраалақәа "Илыԥхьаӡеит", "Ахәыҷқәа рашәа", "Акәты каркарра", "Аҵыси аҳәыҳәи" ирыԥхьаз, зхаҿы иаанхаз, Иуа Коӷониа ипоемақәа рбызшәеи реиҿартәышьеи ихырхыз, Ӡаӡ Дарсалиа, Иван Папасқьыр, Қьаазым Агәмаа рҩымҭақәа ирылхыз асахьақәа иреиԥхыӡуаз аҷкәын ма дԥыруазар акәын, ма ажәеинраалақәа рыҩра далагар акәын. Аха аԥырра ауаҩы итәӡамызт, саргьы исылшаӡомызт. Убри аҟынтә ажәеинраалақәа рыҩра салагеит.Терент Ҷаниа игәалашәарақәа, Алхас Чхамалиеи иареи реиҿцәажәара аҟынтә #аҭоурых 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
| 2 | 📚Аҵара иазку ажәаԥҟақәа 10
▫️Аҵара жәра ақәӡам.
▫️Аҵара иуцәымӡуа малуп.
▫️Аҵара лашароуп, аҵарадара лашьцароуп.
▫️Амшынгьы ҳәаак амоуп, аҵароуп ҳәаа змам.
▫️Аҵара еиҳабра-еиҵыбра амаӡам.
▫️Аҵара Ерцахә иқәзаргьы умаашьакәа уцала.
▫️Аҵара сасуп, ахшыҩ аԥшәымоуп.
▫️Адунеи амра иарԥшӡоит, ауаҩы — аҵара.
▫️Аԥхьара ззымдыруа длашәуп.
▫️Ашәҟәҩыра знымаало бызшәа ыҟаӡам.
Ҽаанбзиала, аҵарашықәс ҿыц ззалагаз зегьы! Аҵарамш шәҵааит, аеҵәа кыдышәԥааит! 💫
#ажәаԥҟақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 89 |
| 3 | Абаӷь ԥагьа 🐐
Шьхалбаан акәын. Ахьча иԥсаса аҩныҟа рхы анирха, еижәыланы идәықәлеит.
Аԥсаса ирылан уаҳа царҭа змамыз баӷь дук. Атәыҩақәа хьаша-ԥаша иахагылаз ирыҵаҽырбо, зқьаф ҭазза иҟаз рахәын иара. Абаӷь аԥаҵа џарџаруа, агәышԥы ргыланы, арахә раԥхьа илеиуан, ахашәа хы амбаӡо, аҽырԥагьаны. Аккарахь шыҟаз ианынҭала, аԥсаса еигәыдҵо, ирықәбаџуа, иаԥцаны аҿыланахеит.
Ашәарыцаҩ дшааиуаз абаӷьи иареи ааиҿаҳаит, аха ашәарыцаҩ абаӷь ахымҩаԥгашьазы игәы намӡазт, ус дазҵааит:
— Уара, изтәыда абри аԥсаса иуаԥцаны иаауцо?
— Ыы, изтәыда захьӡузеи, — иааџьанашьеит абаӷь, — сара истәуп, уаҳа изтәыда!..
— Ибзиами уара иутәызаргьы! — ашәарыцаҩ уаҳа алаҿымҭкәа имҩахь дцеит.
Уи ашықәсан аӡынра цәгьахеит, ахьча ирахә анапы шрыгхаз рныԥшит, иӷархеит. Абаӷь акәын, атәыҩақәа аҭынханы, иахьтәоу изымгыло, аарла аԥсы ӷыҵнагеит.
Ааԥынра анааи, ахьча "рреит" иҳәан, ирахә драԥызан, ашьха дкыдлеит. Аха аҩадара ианыҩаҿала, абаӷь ԥагьа ашьамхы аҵӡааӡеит, ҭымра-ҭымра иааҭгыланы аԥсы еиҭакуа, икәаҳа-чаҳауа иҩеиуан.
Атәыҩа дуқәа хаххала, ахы ақәыжьны аккара аҟынӡа иҩеихьан еиԥш ашәарыцаҩ дааԥылахт. Абаӷь ацәеи-абаҩи еикәыршаны, аихада ауац ахьтатала ианиба иааџьеишьан, ашәарыцаҩ ҽамыршьагала ус ҿааиҭит:
— Уара, изтәыда абри аԥсаса иухибаҳәан ицаз?
— Иалыздыраауазеи, ууеиԥсхьа-суеиԥсхьа!.. — аҳәеит абаӷь игәамҵ-хамҵуа, имида-гәидаха арахә ирышьҭаланы иахьҩеиуаз.
Ҷыҷыкәа Џьонуа, 1960
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 124 |
| 4 | Шьхалбаануп. Уажәааны ашьамаҟа рахәи аԥсасеи рхәы еилыбзаауа, ацәа цқьа рханы, рымч, рқьаф ҭаҵаны, итәҩасуа, аԥсҭақәа ирҭаланы ақыҭақәа рахь илбаауа иалагоит. Ашьха илбааз арахә ԥсылоуп, уа иахьгәарырхуа аԥхынҳәырҭақәа рҿы рыфатә меигӡарахда ирымоуп. Ус иҟоу адгьылқәа рзы ирҳәоит:
- Ашьхаҳәы́рҭа
- Ашьхача́рҭа
- Ашьхача́шәра
(горные пастбища)
◽️Ари шәазхәыцхьоума:
"Адгьыл чашә" (плодородная земля//почва) аҵакы ишиашаҵәҟьоу ачашә иаҳфо иадҳәалаӡам, ичашәуп иаанаго узырчо (узааӡо, круҿазҵо) ҳәоуп. Уи аҟынтә адгьыл ақәаарыхрагьы ианаалоит (ичашәуп - ибарақьаҭуп - иҟәымшәышәуп - аҽаҩра бзиа ҭугоит); арҳәырҭа бзиагьы ианаалоит (ичашәуп - арахә рзы афатә ду ҭажьуп).
🌽🍀 🐄
#асинонимқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 154 |
| 5 | 🏔️ УА, РАРИРА
Уа, рарира сгәаҵа иҭыҩуеит
Нарҭаа рашәа — аԥсҭаҵага!
Раида-рашьа Аԥсны иахыҩуеит,
Аԥсадгьыл амчра, ахәрарӷьага!
Сыбла хызтыз ари ашәоуп,
Раида-рашьа — сҟырҟы иҭыҩыз!
Уа, рарира сыԥсы ацшоуп,
Аџыр иаҵхуп аӡы исдыржәыз!
Уа, ари ашәоуп ҳадгьыл ҿызхыз,
Аԥсны ԥшӡа гәашьас иамоу.
"Шәнеибац, шәнеибац" раԥхьа ҿызҭыз,
Ахаҵа ихаҵа — згәы аҵәымӷ алоу!
Ахақәиҭраз абџьар шьҭызхыз,
Зшьа надшылаз ахра-ҿҟьара!
Жәлар ирхаҳаз аԥҭа рхызхыз,
Аԥсуа ҵеира — аб иԥхара!
Уа, рарира — ашәа азысҳәоит,
Ршьа мҟьашьырцаз аԥсуаа ӷьеҩқәа.
Анцәа дуӡӡа схыхәа сиҳәоит,
Ҳадгьыл иагмыз Нарҭаа дуқәа!
Раида-рашьа игәышьҭыхгоуп,
Гимнс иамоуп Аԥсынтәыла.
Аӷа изыҳәан иԥсҭыхгоуп
Уа, рарира зхыҩуа атәыла!
Хыбгара ақәым жәлар рылшара
Аҳәа еилышьраҿ рымч анеиԥшьу!
Еиқәызҳәало аамҭа еикәшара,
Гәыла-ԥсыла урҭ анеиԥшьу!
Усҟан иӡуам ҳашәа, ҳажәа,
Даҳхылаԥшуп Саҭанеи Гәашьа!
Игоит Нарҭаа дуқәа рашәа:
"Уа, рарира, раида, рашьа!"
✍🏻 Рушьни Џьапуа, 1994
🤩 Шәадныҳәалазааит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 248 |
| 6 | Нанҳәамза агәы еиҩнашеит, аҭырас аканӡара афыҩҷыда ахукаауеит, ус анакәха ахьшькра аамҭагьы ааины иҟоуп ԥшӡала. Аԥсуаа ахьшькцәа ес-уажәааны иныҳәаноуп ахьшькырҭа ақьалахь ишынҭыҵуаз. Ажәытәӡатәи ари ашәарыцара хкы абиԥарала иаазго лхаа ахьшькцәа рныҳәара мҩаԥысит аабыкьаӡа. Аҭыԥ цқьаҿы ԥшь-шьапык зҵоу шьны, агәы-агәаҵәа кны, Ажәеиԥшьаа илԥха иаҳәеит. Шәахәаԥшырц ишәыдаагалоит аиқәшәара иалахәыз аҵарауаҩ Давид Дасаниа ифильм ацыԥҵәаха. Инеиҵыху анҵамҭа шәахәаԥшырц шәылшоит абра>> Иԥшӡоуп, ихаауп ҳқьабзқәа!
Аԥсуаҭҵаараҿы ахьшькра атема инҭырҳәцааны аус адиулеит абызшәадырҩы-алексиколог Анатоли Хьециа. Уи иусумҭа ишьақәнарӷәӷәоит а́хьшькра // а́хьшьшәара, а́хьшьбжьара ажәытәӡа аахыс аԥсуаа рнапаҿы ишааргахьаз, иагәылоуп ҵҩа змам аетнографиатә, абызшәатә материал. Асахьаркыратә литератураҿы ахьшькра иахҳәаау ажәабжь ссирқәа ҳзынижьит ашәҟәыҩҩы Анатоли Возба.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 252 |
| 7 | 🧩 Ажәахырҿиаара
"Ахәылԥази" "ахәылбыҽхеи" рышьагәыҭ акоуп — а́хәылԥа (вечер). Ари ахьыӡҟатә шьагәыҭ ианацла ашьҭынгылақәа, иҳауит ацынгылақәа: (ианба?) ахәылԥ азы → ахәылԥаз; (ианба?) ахәылԥаҽха → ахәылбыҽха. Иаҿшәырԥш "иажәымҭаҽха", "ааӡарыҽха".
Ажәаҳәахәҭала ицынгалақәоуп аҩбагь, аха "ахәылԥаз" иахьатәи аԥсшәаҿы ахьыӡҟа афункциагьы нанагӡоит: (иарбан?) алитературатә хәылԥазы; (иарбан?) агәалашәаратә хәылԥазы; (иарбан?) аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз.
Уи моу, иаҳҳәар ауеит ахәылԥазтәи // ахәылбыҽхатәи ҳәа "вечерний" азыҳәан. Уаанӡа ари аҵакы аарԥшразы ашьагәыҭ мацарагьы азхон, уи "шыцқьоу" иаҳԥылоит еилоу ажәақәа рҿы: хәылԥыеҵәа; хәылԥшәаԥшь; хәылԥҵыс. Иахьа иаҳҳәозар "аушьҭымҭацәа рыхәылԥа" ҳәа — уигьы гхаӡам, зегьы рзы еилкаауп.
Ажәа "ахәылԥа" ахаҭа урцәажәар ауеит ахәлара иаԥгылоу ҳәа (досл.: "перед ночью"). "Ашарԥы" — ашара иаԥгылоу.
📌 Алкаа: "ахәылԥаз" — ахьыӡҟара зылшо цынгылоуп, ҩ-цәак ахарԥоуп. Иҟахуп ацынгылара зылшо ахьыӡҟақәагьы, иаҳҳәап "ашьыжь":
Ашьыжь – амш иахҷаҭуп (иарбан?)
Иууа барақьаҭуп,
Ашьыжь заа игылаз (ианба?)
Убри иоуп бга зԥылаз!
Мушьни Лашәриа
Ашьыжь ҳҿыхеит (ианба?)
Ашьыжь наскьаҳгеит (иарбан?)
#ажәахырҿиаара
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 209 |
| 8 | Ԥақәашьтәи ҳаԥхьаҩ Фредик Ҭаниа иааишьҭит даара узызҿлымҳахаша аҭыхымҭа. Абарҭ ижәбо ахаҳәқәа инхара иацәыхарамкәа ишьҭоуп. Дара иреиԥшны даҽа ҩба ыҟоуп игәыла идгьыл аҟынгьы. Арҭ ахаҳәқәа рхәыҷаахыс ирдыруеит. Шаҟа ҵуеи ишьҭоуижьҭеи, изакә аамҭақәоузеи изхаану, насгьы изызкыҵәҟьаз — макьана ишьақәыргылатәу зҵаарақәоуп. Аха иҭҵаатәу ԥшаахқәоуп, ҳәарада. Аԥхьа иара уа иахьыҟоу еиҭамгакәа. Џьарак еизааигәаны иахьырԥыхьашәазгьы џьашьатәуп.
Автор игәаанагара иашоуп ҳәа ҳазхәыцуеит, ахаҳә агәаҩара ахьамоу ахәыӡ ҭаԥсаны ирлаҳәон, ирлагон. Ажәытәӡа, (еихагыло анапыла-алуқәа ҟалаанӡа), арыц ахьҭарҟәаҟәоз абас еиԥш иҟаз аҳаҟьақәа ракәын. Уи азы иалырхуазгьы хаҳәжәла ҷыдан, даара иӷәӷәан.
Атәы здыруа шәыҟазар, аҳәара ҳамоуп ари анҵамҭа ақәҿышәҭырц, ахҳәаа ҟашәҵарц. Ҳгәыӷуеит аетнографцәа азҿлымҳахап ҳәа.
#аҭоурых
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 257 |
| 9 | Акәадыреибыҭаҩ иашәа
Акьахь абалышь ианысымҵеи,
Еинаалт, абырсааҭк ахҭнысымҵеи.
О-ҳо-ҳаира! О-ҳо-ҳаира!
Аԥдын амгәырха акымзаауеи,
Ахаҵа ӷьеҩ имцахә еиқәымзаауеи.
О-ҳо-ҳаира! О-ҳо-ҳаира!
Акылҵәарагь иадымхалароуп,
Ашькылқәагьы адырҳәалароуп.
О-ҳо-ҳаира! О-ҳо-ҳаира!
Аԥхьахә знапы ианшәалауа,
Аҽҟазагьы дзырманшәалауа.
О-ҳо-ҳаира! О-ҳо-ҳаира!
Аҽгәараҟамч еиҩырҿа икымзаауеи,
Иԥшьмгәырха еибаркымзаауеи.
О-ҳо-ҳаира! О-ҳо-ҳаира!
Аԥсуа кәадыр ҵыхәҵадхарым,
Иамырԥшӡауеи, сагьадхалом.
О-ҳо-ҳаира! О-ҳо-ҳаира!
Ҽоуԥҵаршә ҟаԥшьык наҵарҵап,
Изқәырҵогьы ныҳәаԥхьыӡк нацырҵап.
О-ҳо-ҳаира! О-ҳо-ҳаира!
О-ҳо-ҳаира! О-ҳо-ҳаира!
✍🏻 Вахтанг Аԥҳазоу ипоема "Аҽышьашьана алԥха" аҟынтә
Аҽымаҭәа иадҳәалоу алексика шаҟа ибеиоу аабоит, ирацәоуп асинонимқәагьы:
📖
• Аԥды́н, мамзаргьы аҽхьынҳәа́лага, аҽхьынҵа́(га) - торока́;
• Акьа́хь, мамзаргьы акәады́рбаҩ - арчак;
• Абалы́шь, мамзаргьы акәады́́рхчы - седёлка;
• Аҽуа́пҵаршә, мамзаргьы аҽыгәҵа́ршә - потник;
• Амгәырха́; аԥшьмгәырха́; ахышьмгәырхха́ - подпруги;
• Ашԥырхха́ - нагрудник;
• Аҵыхәҵа́д - подхвостник
Асахьаҿы: аԥсуа кәадырқәа, С. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҟынтә
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 264 |
| 10 | Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иахьаԥсыуааз мацаразы ишьыз рсиақәа Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭмузеи аҟны икыдҵахоит, анаҩс рфотосахьақәа реидкылара иалагоит, абри азы адырра ҟалҵеит амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
"Аҭоурыхқәа реидкылара ҳаҿуп, уи Владислав Арӡынба иоуп иҳаҵазҳәазгьы. Иҭахаз аибашьцәа рсиа анеиқәшәыршәалакгьы, иахьаԥсыуааз мацаразы ишьыз рсиақәа еидкылатәуп иҳәон. Уи акырынтә салагахьан, аха даара иуадаҩуп урҭ реизгара. Архивқәа рҿы сцаны агазеҭқәа рҿы сыԥшааит, мышқәак раԥхьа исԥыхьашәеит Делба Заур ашәҟәы ианиҵахьаз асиақәа", — лҳәеит лара.
Аибашьра иаанырԥшыз афырхаҵара иацуп инымҵәаӡо ахьаа, убри ахьаа еизгазар — изызҳауа абиԥарақәа рзы кыр аҵанакуеит ҳәа агәаанагара лымоуп амузеи аиҳабы.
🖇 Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭмузеи аҟны иаартуп афотоцәыргақәҵа "Ажәлар рҭоурых —ажәлар иргәалашәароуп". Ацәыргақәҵа аус аулоит цәыббра 17 рҟынӡа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik аҟны.
#social | 288 |
| 11 | 🤩🗡"Уажәшьҭарнахыс ҳара зегь ҳаԥсыуаауп. Иаԥсыуам дыҟам ҳа ҳабжьара".
Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз рҭоуба аҟынтә
🚩 "Ҳаԥсадгьыл ҿаҳхаанӡа ҳаибашьуеит. Иаҭаххар, ҳаԥсы ақәаҳҵоит, иаҭаххар напхыцла анышә ҳжуеит, иаҭаху зегь ҟаҳҵоит ҳаԥсадгьыл азы. Аԥсадгьыл анҭыҵ инхо рҟынтә иахьа зыԥсадгьыл азы акгьы ҟазымҵо ҳара даҳҭәӡам. Счерқьесуп зҳәо зегьы, Кавказтәыла рынамыс ауп, зынамыси зыхьымӡӷи иазхәыцуа зегьы рыԥсадгьыл иацхраароуп. Адунеи иахьабалаак рыԥсадгьыл азы иеибашьыроуп.
Ҳара ҳзы ма аиааира, ма аԥсра!
Ма аиааира, ма аԥсра!
Ма аиааира, ма аԥсра!"
Баҳадыр Абаӷба, Аԥсны Афырхаҵа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 469 |
| 12 | Нанҳәамза аиҩшамҭа, 1992 шықәса. Ашьеи аиашьеи… Еигәыцхәу арҭ ажәақәа ирымчу адунеи иабеит, шықәсык инацны Аԥсны агәы иҭаҵәыуо, ахлымӡаах ианҭагылаз аамҭазы.
Аибашьра аналага аҽныҵәҟьа зыԥшрак ҟамҵакәа арахь еихеит шәҩыла зшьа зыԥхьоз ҳашьцәа. Аиҳараҩӡак кавказаа ракәын, иара убас аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Аха иҳашьамызгьы, иара ус аҿыхақәа "иҟоу ҳбоит, зегь рыла ҳашәҩызоуп" ҳәа иҳавагылақәаз ҟалеит. Агәаԥхара роуит, аҭаххара. Адунеи аҿы аибакапанра зыла иааиуа аиаша азықәԥаҩцәа.
Зегь ааидкыланы 2300-ҩык инареиҳан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. Рхыԥхьаӡара аасҭагьы еиҳан ргәамч, рдоуҳатә ԥсымчхара. Аус ду аҿы иуцхраауа даныҟала, еиҳагьы угәы уҵасуеит, еиҳагьы улнаршоит. Ақырҭуа дазыԥшӡамызт Кавказ ашьхарыуаа абас ҭаҷкәымкны еилаҵәап ҳәа... Дара ирыдгылоз, ижьышуаз-ишьашуаз аҟарлышқәа иреиԥшын. Ҳара иҳадгылоз фырхацәа иашақәан. Ауаҩра зцым ахаҵара фырхаҵароуп ҳәа ирыԥхьаӡаӡомызт аԥсуаа наџьнатә аахысгьы, аҩбагь еицызар акәын ианынаӡаз, ианаԥсыуараз. Иагьеицын.
Хашҭра рықәымзааит Аԥсны зхы ақәызҵаз аибашьцәа зегьы! Ҳтәыла ԥшӡа даргьы ирыԥсадгьылхеит иаԥсыуаамкәа иҭахаз. Агәабзиара рымазааит иҟоу аветеранцәа, ргәымшәара ҿырԥшыгоуп, иааӡагоуп, имҩақәҵагоуп! Рыхьӡ-рыԥша ҳаракӡа наунагӡа ианҵоуп ахаҵара ӡырганы абиԥарақәа ирымаздоз, ажәлар ргәырҩа хнаҽыртә абжьы хаа зхоу Аԥсуа ԥхьарца, Аԥсуа ҭоурых.
Аиааира аагараҿы хатәгәаԥхарауаа рлагала иазкуп абри аматериал>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 331 |
| 13 | Аԥсуа иажәа, аԥсуа иашәа,
Хаҵала аԥсра,
Ан-Аԥсадгьыл, адгьыл хьшәашәа,
Аха – ҳхәышҭаара.
Икәеицеиуа ажәҩан ԥхозар,
Уи еҵәала иҭәуп.
Аԥсуара...
Акны иаҳҳәозар,
Хаҵароуп изтәу.
✍️ Терент Ҷаниа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 217 |
| 14 | 🏔️"Ҳаӡбахә ахы иҩанагоит".
Ахаҵара иазку ажәаԥҟақәа:
• Агәыӷәӷәара ахацәа рахь уаргылоит.
• Агәаӷьра ашьха аҵкыс иааиуеит, ахаҵара амшын ируеит.
• Ахаҵара зхылҵыз Нарҭаа роуп, ашәаргәындара – ҩысҭаа цырҟьоуп.
• Ауаҩра зцым ахаҵара патудоуп.
• Аԥсрагьы ахаҵара аҭахуп.
• Мышкы ииуа мышкы дыԥсуеит, ахаҵа – ихьӡ азоуп Анцәа дзиша!
• Ахаҵара азыҳәоуп ахаҵа дзиуа.
• Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа.
• Ахьӡи ахьымӡӷи рзоуп ауаҩы адәы дзықәу.
• Аԥсуа иԥсырҭа иламыс ауп.
📌 Иҟәазны иалкаау ажәаԥҟақәа хәба адыгаа ирҳәо "Псэм ипэ напэ" (Честь дороже жизни) иашьашәалоит ҵакыла.
#ажәаԥҟақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 301 |
| 15 | АИБАШЬРААНТӘИ АГАРАШӘА
Аҭабиа аҩныҵҟа ҭылашьцароуп,
Ицәаакыроуп, илашом...
Дук мырҵыкәа аҵх шароуп,
Аха ишом, ишом, ишом!..
Иҟам, cымаалықь, ҳаҩнабжа –
Угара ахьгылаз: шьышь-наани...
Аха иҟагәышьоуп ҳҭабиа,
Ҩныс иҳамоу уахи-ҽни!
Џьаҳанымуп ҳакәша-мыкәша,
Иҵаԥырҟоит ҳдац абра.
Аха инҳажьуам ҳа ҳаҩнабжа,
Аха инҳажьуам ҳхәышҭаара!..
Адәы уқәымхарц уеиҭымха
Иаҿагылоуп уашьцәа ахы.
Уаб иашьа дыршьит иацуха,
Аха иргеит Ануаа рхәы!
Уаб ахымца даҿагылоуп,
Имахәҿа урӷәӷәоит уара!
Уцәом, уцәом, уцәа ҟьалоуп,
Уцәа дәықәуп еибашьра!..
Иҟам, сымаалықь, ҳаҩнабжа –
Угара ахьгылаз: шьышь-наани...
Аха иҟагәышьоуп ҳҭабиа –
Ҩныс иҳамоу уахи-ҽни!
Мушьни Лашәриа, 1993
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 369 |
| 16 | ✨ Нанҳәамза аҵхқәа аеҵәақәа рыхәаԥшразы ишоуп. Иаҳамбо аӡәы напы барақьаҭла иаарыжәпаӡаны ахьы-жәла иҟьазшәоуп жәҩан агәы ишыҵаԥсоу дара.
Уажәааны зегьы иреиӷьуп ашьха уҟазар, уа ажәҩан уазааигәоуп, аҵхгьы иаҳа иҵәцоуп. Аеҵә рыбла ҭацырцырқәа узылбааԥшуеит, иулацәҟәоит, рыкәеицеира уадрыԥхьалоит. Алашьцара иалԥхаауа, аҵх ԥарда рҽылаҳәан, аарла-аарла ишеибархәыҭхәыҭуа уаҳауазшәагьы уааҟалоит, ҳабдуцәа ираҳауаз "аеҵә бызшәала".
Ашьха бзиоуп. Аха абри асахьа иаабац аҩны абарҵаҟынтә иҭыхуп, агаҿа. Убла иамбо, зынӡа иссоу алашара кәицқәа акамера иабоит, икеикеиуа иҭнагоит. Иссируп иара атәала ҳаргьы ҳаамҭа...
Ҳала рыдхалоит аеҵәақәа. Ҳадунеи иахаану акрыҟазар, аамҭа иалхәхәа иаауа дара рылашара ауп...
Сынтәа, нанҳәа 12 рзы, ссиршәа ихәыцуп уҳәартә астрономиатә цәырҵрақәа ԥыҭк еиқәшәоит. Апланетақәа реицбара, аеҵәлеира 🌠, Асар рымҩа ҭӷәыхаа 🌌, амратыҩкра уҳәа. Ажәҩан цқьазар, ԥыҭк ҳбақәар ахәҭоуп. Апланетақәа ҩашьаӡом, иаҳа иааҟәазны, иҭааӡа иԥхақәо дара роуп. Иџьуџьуа илацәҟәуа, икәеицеиуа — еҵәақәоуп. Ҳазыԥшуп ашана ҵхы.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 388 |
| 17 | Асахьаҭыхҩы Александр Шервашиӡе-Чачба иԥсҭазаареи иҟазареи иадҳәалоу аматериалқәа ыҟоуп, аха ихьӡ зху амузеи аҟны, дара Чачбақәа рхылҵшьҭра зегьы рҟазара аарԥшра алыршахар — даара иарбеиоит ҳәа лыԥхьаӡоит Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
"Александр Шервашиӡе-Чачба иааикәыршаны иҟаз иҭынхацәа зегьы: Георги Шервашиӡе иоума, Мери Шервашиӡе лоума, уи лаҳәшьа Ҭамара лоума, Англиа инхоз раб иашьа иԥҳа лоума. Дара Чачбақәа рнапы злакыз ахырхарҭақәа убриаҟара ирацәоуп, дара рбеиара, Аԥсны аҭоурых азы ирылшаз зегьы аарԥшра — кырӡа аҵанакуеит", — азгәалҭеит лара.
🖇 Александр Шервашиӡе-Чачба — раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ, аграфик, асценограф, аҟазараҭҵааҩ, акритик.
Аҟаза ихьӡ зху амузеи аартхоит Пушкин имҩаҿы игылоу анџьныр Даль иҩны аҿы. Амузеи аусура аларгара азгәаҭоуп 2027 шықәса анҵәамҭазы. Аҟәа ақалақь ахадара аргылара аҿаԥшылареи ахыбра ҿыц ақәҵарреи рзы аусурақәа зегьы рымҩаԥгара ахахьы иагеит. Уи адагьы, Аԥсны иаԥҵоуп раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Александр Шервашиӡе-Чачба ифонд.
2024 шықәса алагамҭазы Амилаҭтә сахьатә галереиа аҵәахырҭаҿы иҟалаз абылраан Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа 200 рҟынӡа алаблит.
Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳаи арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳаи реицәажәара инарҭбааны — авидеонҵамҭаҿы.
#social | 212 |
| 18 | Ажәа амч амоуп...
🟠Алакә еиҭаҳәаны иаалгаз дырныҳәон аԥсуаа абасеиԥш:
• Алакә уақәлахааит!
• Алакә анарха уоуааит!
• Алакә ашәа́ анарха алакә шаны адунеи иқәызҵаз иуаҭәеишьааит!
🟠Иара иакәзаргьы, илакә хиркәшон изыӡырҩуаз ирызку ныҳәаԥхьыӡла, иаҳҳәап:
• Ҩ-ӡиаск ҭахаа ишыцәоу жәбаанӡа Анцәа дышәхымыццакааит!
• Ахьы масар нарсны хьы-шәахәацла ихасшшаанӡа Анцәа шәимшьааит!
• Ага сцаны, лыхәҭала аӡы ааганы, гәырԥынҵала абысҭа уны, иаакныхны крышәҿасҵаанӡа, Анцәа шәимшьааит!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 277 |
| 19 | Ашьыжь игылаз иҽан ҽаба аҵеикит.
Иаабац ажәаԥҟақәа излареиԥшым ыҟоуп — иара иагәылоуп афразеологизм. "Ҽан ҽаба аҵеикит" аԥсуа-абаза бызшәақәа рҿы иаанагоит "дманшәалахеит, иусқәа хиеит, ԥыла иԥылт" (ацәажәаратә стиль иатәуп). Уи аҟынтә ари ажәаԥҟа ишиашоу еиҭаргаӡом, ҵакыла мацара, аурысшәаҿы иашьашәалоит "Кто рано встает, тому Бог дает".
Ажәаԥҟа иамоуп авариант: Ашаразы игылаз иҽы ҵеикит, шьыбжьон игылаз иарба(ӷь) ҵеикит. Ихьшәоу аус аԥгала шырацәам уанаҳәоит.
Адыга бызшәаҿы иаҳԥылоит иазааигәақәоу:
• Заанаҵ игылаз аҽҵыс ҳамҭас ирҭеит.
• Анасыԥ аныршо ашьыжь ауп.
Аԥсуаа ирҳәоит иара убас "Ашьыжь аныҳәаҩ дгәарлоит" ҳәа.
#ажәаԥҟақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 382 |
| 20 | "Мшыбзиа!" – аҳәашьа уақәшәар,
"Бзиа убааит!" – ҳәа аҭак аауеит.
Ахымҩаԥгашьа бзиа узақәшәар,
Умҩа уаԥхьаҟа иаатуеит.
Ажәа ҟәанда абызшәа еилнахуам,
Иаламысуп ауаҩра.
Бзанҵ ахы ахьуам, бзанҵ агәы ахьуам,
Ихааӡа аԥсшәа аҳәара.
Ихааӡа иҟоу ажәа анаалоит
Ауаҩытәыҩса ихы-иҿаҟны.
Ихааӡа иҟоу ажәа анхалоит
Ауаҩытәыҩса игәаҟны.
"Мшыбзиа!" – аҳәашьа уақәшәар,
"Бзиа убааит!" – ҳәа аҭак аауеит,
Ахымҩаԥгашьа бзиа узақәшәар,
Умҩа уаԥхьаҟа иаатуеит.
✍🏻 Алықьса Џьонуа
Мшыбзиа аҳәашьа уақәымшәар, абас акы уақәшәаргь ҟалоит👇
Арԥыс бзиан Шугьан, аха уи данцәажәоз есқьынагьы иажәа иалан "ыҟами". Ҽнак зны дышнеиуаз дааиԥылеит аҭакәажә Кәакәала. Шугьан уи даниба, дналеихырхәан аԥсшәа налеиҳәеит: "Ди, мшыбзиа, ыҟами?" "Иҟами, иҟами, нан", – лҳәан, наҟ днаиаҩсит Кәакәала.
Анатоли Аџьынџьал
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа | 422 |
