cookie

Utilizamos cookies para mejorar tu experiencia de navegación. Al hacer clic en "Aceptar todo", aceptas el uso de cookies.

avatar

Ахьыуардын

Ахьыуардын - Sputnik Аԥсны апроект ҷыда, абраҟа аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи, аҟазареи ирызку анҵамҭақәа ҳкьыԥхьлоит. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла, аӡәы дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит. Ахьы хәыҷуп аха шәкы ицоит.

Mostrar más
Tayikistán2 346El idioma no está especificadoPolítica19 089
Publicaciones publicitarias
1 182
Suscriptores
-124 horas
+27 días
+1830 días

Carga de datos en curso...

Tasa de crecimiento de suscriptores

Carga de datos en curso...

Аҭоурых аҿы иҟамлац арбан XIX ашәышықәса аҽеиҩшамҭа, Кавказ ауразоуроу еибашьроуп, аурыс ир рнапхгара ирыӡбоит Аԥсны иахьаҵанакуа амшынныҟәара аанкылазарц, Ҭырқәтәылантә, Ҟрымынтә аџьыка, аихаӡа, абџьар аазгоз аӷбақәа ара изкыдымгыло рымҩа кызарц. Ажәлар аџьыкаҵәҟьа рымҵәар, ҳнапаҿы ишԥамааири ҳәа ихәыцзаап. Уи моу, 1852 шықәсазы иҭыҵит адҵа, агаҿа ауааԥсыра ақәабқәа дшәыраахәар азин ыҟам ҳәа ахьаҳәоз.
Дабы лишить их возможности получать соль из морской воды.
Ҳаҭҵааны ҳрыман, иаҳдыруазар бзиоуп. Уи акы. Иҩбахаз, аԥсуааи азахәцәеи аабыкьанӡагьы аџьыкаршра атрадициа зынӡа ишырхамшҭцыз аршаҳаҭуеит ари ашәҟәы. Ҩаԥхьа ажәытәӡатәи аџьыкаршра иазыхынҳәит ас ианақәшәа. Убас, 1851 шықәсазы Геленџьик мацара (аԥс. Ԥагра) иқәынхоз ашьхарыуаа ақәаб дуқәа 130 аархәеит ҳәа ахьаныз анҵамҭа нхеит. Ахыҵхырҭа: Гьаргь Ӡиӡариа "Махаджирство и проблемы истории Абхазии XIX столетия",1982, ад. 46. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Mostrar todo...
👍 5 3
Photo unavailableShow in Telegram
Шәазхәыцхьоума, аԥсуаа "ихаам-ишшам" ҳәа ззырҳәо аҵаа згу афатә ауп. Аџьыка — ауаҩы иидырыз раԥхьаӡатәи архаага акәын. Иҵа́ауп иаанагон ихаауп (вкусно), абжьыуатәи адиалект аҿы ари ажәа еиҳагьы ҵакыла иҿиеит: ихаауп = излоуп. Аха иџьашьатәӡам, ус ҳара ҳҿы адагьы иахьыҟалахьоу ыҟоуп. Аурысшәаҿы, иаҳҳәап, ажәақәа "соленый" "сладкий" шьагәыҭк еицрыман, аҩбагьы анкьаӡа зны аџьыка иахылҿиааит (праиндоевропейский корень sal - соль), "солодкий" рҳәон аславинцәа азларазы, уигьы хаауп-тәа. Аха аџьыка анцәырҵуаз аамҭақәа рзы ауаҩы ашьақар зынӡа иҿахьы иааимгацызт, иааидкыланы афатә хкқәас иҟаз маҷын. Нас азлара агьама аниба, ахаара иазикхьаз ажәа уахь ииасит. Аԥсшәаҿы аџьыка иахҳәаау ажәаԥҟақәеи афразеологизмқәеи реиҳарак ажәытәӡахь ухьадырԥшуеит, ӷбала ианааргоз, ашыци ацхеи ианаҭнырԥсахлоз, акыргьы ирацәоуп дара. Уи аҟынтә ажәа ахаҭа аԥсышәа цқьоуп уҳәаратәы иҟоуп (аҭырқәшәаҿы иашоу азы "acı" (аџьы́) рҳәозаргьы). Џьыкала иааухәама? — абас узахӡыӡаауеи зегьы иреиҳау ахә ахыумшәаазҭгьы; Аԥсаҭеи аџьыкаци ҳəа дцəажəоит — иашала, қәнагала иажәа иҳәоит; • Аԥсаҭеи аџьыкеи реиԥш еинаалоит — арԥызбеи аԥҳәызбеи еизшоуп; • Аџьыка ршо џьышəшьома? — ауаа абашазы ианеизалак лафшақә ирарҳәо; Џьыкаагара дцеит — иԥсҭазаара далҵит; • Аџьыкаӡырӡ еиԥш иркит — акы иаднахалаӡеит; Абырг аџьыкац даҩызоуп — дыӷәӷәоуп, игәы бзиоуп; Уи иџьыкахə уаҩы ифом — уи аӡәгьы диҭахым, дуаҩы хәымгоуп, ичеиџьыка рфом; Ихы аџьыка ықәихит — аџьамыӷәа цәгьа ибеит. Ажәахырҿиааралагьы ибеиоуп: аџьы́ка (соль), аче́иџьыка (хлеб-соль), аџьыкаӡы́рӡ (рассол), аџьыкҵәа́ҵәа (соль, перетертая с чем-ниб.), аџьыкахы́ш (белоснежная соль), аџьыкахәы́ԥхь (молотая соль), аџьы́кац (крупинка соли), аџьыкаҟəа́л / аџьыкаԥа́л (кусковая соль), апырпылџьы́ка (букв.: "перечная соль"), ахәсхәаџьы́ка (аджика из пряных трав). Аҵыхәтәантәиқәа ҩба акыр еиҳа ихьшәоуп. • Ахәшә ахьыҵырхуагьы аџьыкац ыҵарыԥсоит — иахьанӡа иааз ари ажәаԥҟа ажәлар рмедицина иадҳәалоуп, ихәшәу аҵиаақәа ахьыҵырхуаз џьыкацк ҭадыршәуан, "Адгьыл Аҳкәажә быхә баҳҭеит" ҳәа. Избанзар хәыда-ԥсада ахәшәтәра амч амам ҳәа иԥхьаӡан, уи аџьыка цыра "ахәшәԥса ма ахьаҷаҷԥса" ахьӡын (шәахә. Светлана Наҷьҟьебиа лмонографиа). Афразеологиа аҿырԥштәқәа ааҳгеит Владимир Касланӡиа "Аԥсуа-аурыс жәар" аҟынтә. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Mostrar todo...
7👍 5
Photo unavailableShow in Telegram
Диоскуриа ҿиаанӡа иара аҭыԥан аиланхарҭа ду шыҟаз дыршаҳаҭуеит акыс ажәытәӡатәи аџьыкаршра ашьҭақәа. Археологцәа Аԥсны агаҿы иаадырԥшыз аџьыкаршыга маҭәахәқәа (текстильная керамика) ихьшәоу аџьаз шәышықәса иатәуп. Еиҳарак ирацәаны ирбеит Аҟәа, нас Ешыра, Очамчыра, Афон ҿыц. Ҳера ҟалаанӡа 3000-2600 шықәсқәа рзы, абырзенцәа ара ишьақәтәаанӡа, аҭыԥантәи ауааԥсыра нхон-инҵуан, мшынла иныҟәон, адгьыл иқәаарыхуан, арахә рааӡон, исуан-ихахон, ижьиуан, акыц рӡуан, аџьыкагьы дыршуан. Алшықәсанык ирызхаша аџьыка ҟарҵон аԥхынразы, аарҩарақәа раан, аԥхын мзаҩала ианиасуаз. "Аӡ иахшаз, мрала иааӡоу, зан дызбар иԥсуа" — аџьыка иазку ари ацуфара даара акрахыҵуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Амшынӡы рытҟәон, амра ақәшуа акыр иҭадырбон, нас акыц иаҳәа иҭаҭәаны амца аҵадыршуан. Уахгьы-ҽынгьы агәгәаҳәа еиқәын аганхацәа рымцақәа. Қәак леир риаҳәақәа злахырҩозгьы рыман, еихых-еиҵыхны ақьалақәа дыргылон, аха уи аџьыкаршцәа рџьабаа даҽа џьабаак ацнаҵон. Аџьыка зҭахыз иааны иргон нышьла, уардынла. Шьхала илбаауан егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы, агауаа рзы имаҭәахәыз акы иаҭныԥсахланы аџьыка рыхәҳауан. Анаҩс Диоскуриа ианасакьаҳәымҭаха, амшын-нырцәынтә аџьыкахыш аарго ианалага, аҭыԥантәи аџьыкаршра еиԥхьбеит. Убас егьырҭ анаплакқәеи анапҟазареи атәым нырра рыхҭыргеит. Аԥсуаа ажәытәан аџьыка шдыршуаз убла иаахгылартә, уԥынҵа иааҭасыртә дахцәажәеит Дмитри Быҭәба иҭоурыхтә роман "Амшмыхәла" аҟны. Ароман хазы шәҟәны иҭыҵит 2018 шықәсазы, ҳаҳҭнықалақь Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра иагьазикит автор. "Аҟәараҿы ишьҭаз адгьыл ҭаҳараҿ, амшын иаваҵаны иҟаҵаз ажрақәа дрыхәаԥшуа дахьнеиуаз иџьаишьон абас зларӡбазеи ҳәа. Ажрақәа зегьы еимаздоз хазы даҽа жра дук амшын иалырсын, устәиала амыжьӡы ҭаланы нас егьырҭ ажра ссақәа рахь инеиуан. Урҭ ажрақәа зегьы мыжьӡыла ианҭәлакь ашьҭахь амшын ахь икылсуаз ажра ду аҿышәҭ неимаԥсаны ианыршәҳалак, нас амыжьӡы шьҭахьҟа изымцо ажрақәа иаарҭахон. Ашоурақәа раан ихылҩа-ԥсылҩаны ианҭабалак ашьҭахь иҵаатәалоз аџьыкаӡырӡ ҭганы нышәаԥшьлыхла иҟаҵаз аиаҳәа ԥшьыркца хәыҷқәа ирнырҭәалон, нас ашьаҟақәа инарықәыргыланы амцақәа нарыҵаҵаны аџьыкаӡырӡ еиладыршуан, убас мацара амыжьӡы анааҵабалак аиаҳәақәа иаарыҵахон иҟәашӡа иҟаз аџьыкахыш". 🧂Асахьаҿы: ақәабқәа рыла (еиҳа ааскьатәи) аџььыкаршра апроцесс 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Mostrar todo...
👍 12 3
Photo unavailableShow in Telegram
Аханатә иҟан Аҟәа. Ахьӡгьы, аҭыԥгьы. Аханқәа гыламызт, аха ауаа нхон. Аԥсуаа ажәытәӡа ҳазхылҵыз ҳабдуцәа рабдуцәа. Аскифцәа раԥхьагьы аихаршы зкхьаз, аџыр арҭәашьеи аӡрыжәшьеи зҵахьаз аҭыԥантәи ауааԥсыра. Инықәырԥшны 2600 шықәса раԥхьа мшынла арахь иааӡеит ажәытә бырзен ныҟәацәа, ашьапгьы ркит ақалақь Диоскуриада. Ахьтәы уасцәа иашьҭаланы Колхида иаахьаз аишьцәа Диоскураа рыхьӡала. Урҭ ркульт акырӡа иӷәӷәан усҟан Милет. Амиф ишаҳәо ала, рныҟәараан аӷбақәа ԥыҭк еицын, аха иҿықәгылаз дара зықәтәаз "Арго" заҵәык ауп. (Арго – аԥсуа ажәа а́рга (плавсредство) иаҿирԥшуан абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа). Абас, еибашьрада абырзенцәеи агениохцәеи акыраамҭа еиванхон, еиҿцаауан, ихәаахәҭуан, иҿион, аԥара рчаԥон, аӷбақәа дыргылон. Аҩыратә хыҵхырҭақәа шаҳаҭуп Аҟәа усҟантәи аамҭақәа рзы 70 инаркны 300 милаҭ рхаҭанакцәа шеизнагоз. Хьӡи-ԥшеи аманы Диоскуриада ҳашықәсԥхьаӡара иҭалеит. Дук хара имгакәа аҭоурых адаҟьа ҿыцгьы аатит: аурымқәа раамҭа, аурым ҳәынҭқар Октавиан Август-Себастос ихьӡ иахаршалаз – Себастополис. Цхәым ахьӡ цәырҵуеит абжьарашәышықәсазы, ахыҵхырҭақәа рҟны — XI ашәышықәса инакрны. 1331 шықәсазтәи хсаалак аҿы иарбоуп "Sakhum" ҳәа, абраҟа ухаҿы иааиуеит аԥсуаа рҿы ахархәара змаз ахаҵа хьӡы Саӷәым. Иара убас Гәыма иуԥыло аҭыԥхьыӡқәа Лықым, Лыцәым; ақыҭа Уақәым уҳәа рынҵәамҭақәа реиԥшзаара. Ажәакала, иҟалоит, ҳаҳҭнықалақь Аҟәа-Сухум ҳәа иахьа иаху аҩ-хьӡыкгьы аԥсышәазар. Ишәҭыкакаҷлааит! 🌊🌇 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Mostrar todo...
👍 15 7
00:15
Video unavailableShow in Telegram
Амра аҵыхәтәантәи ашәахәақәа анхьаҵлак 🌅 • А́хәылбыҽха • А́хәымҽхан • Аилашәшәы́мҭа • Ааилахәла́мҭа • А́аилабыџра • Ацәылашьца́ра • Ахәылԥе́изара • А́хәылԥаз • Хәлаԥы́н #асинонимқәа Акыр ҳцәыбжьахама? 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Mostrar todo...
IMG_7028.MP45.29 MB
👍 18🔥 3
00:19
Video unavailableShow in Telegram
Амра хәмаруеит аӡ агәҭа, Шәахәа гәарҭак – ба быхәҭа. Шәахәа гәарҭак – са сыхәҭа, Амра хәмаруеит аӡ агәҭа. Уахь ҳанҭалап ҳаиманы, Бсырцәап амраҿ бнарианы, Амраҿ сбырцәап снарианы, Уахь ҳанҭалап ҳаиманы. Нас уи ҳацҭашәап ианцо, Ԥхыӡла ашәақәа бзаԥҵо, Ԥхыӡла ашәақәа сзаԥҵо, Нас уи ҳацҭашәап ианцо. Ашьыжь ҳацҿыхап еиҭа, Шәахәа гәарҭак – ба быхәҭа, Шәахәа гәарҭак – са сыхәҭа, Ашьыжь ҳацҿыхап еиҭа. Амра хәмаруеит аӡ агәҭа… Рушьбеи Смыр #алирика 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Mostrar todo...
IMG_8685.MOV14.24 MB
16👍 5🔥 5
Photo unavailableShow in Telegram
ЗЕГЬ РЕИҲА ИХЬАНҬОУ Гәыԥҩык ахьааидтәалаз еимаркит, адунеи аҿы зегь реиҳа ихьанҭоузеи ҳәа. "Адгьыл, амшын, амра, амза", – зегьы акака рҳәеит. Убри аамҭаз ҭаҳмадак дахьтәаз ҿааиҭит: "Зегьы раҵкыс, дад, амаӡа хьанҭоуп. Уи наунагӡа аӡәгьы изышьҭымхыцт". ✍🏻 Анатоли Аџьынџьал 🧩 А-ма-ӡа (тайна, секрет) иумы́рӡаз ауп (букв.: "неразглашенное"), ма амапкратә форма + ӡа "а́рӡара" аҟынтә. Арӡара ажәа ишнеиуаз "арзара" ахь ииасит, иахьа "исырзоит//исырзом" ҳҳәоит. Аха ус ҟалаанӡа иахылҿиаахьаз ажәақәа рҿы шыҟаз еиқәхеит, иаҳҳәап: "аԥсӡы́" (весть о смерти), "абзарӡы́" (публичная похвала). #ажәахырҿиаара 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Mostrar todo...
👍 18 3
00:13
Video unavailableShow in Telegram
"Ахьтәы гәыргәал хәыҷқәа араӡны саан ианԥсалоушәоуп шәырр-шәырр ҳәа арашәыгақәа рыбжьы улымҳа шаргәытәуа". (Анатоли Возба) Арашәы́га (цикада) — уажәааны ицәырҵуа, ҳаԥхынра зыда ухаҿы иузаамго маҵақәоуп, даҽак иаламҩашьо абжьду рхылҵуеит. Реиҳа ианшоуроу амшқәа раан, ашьыжь амра шыҩагылаз инаркны уаха аҵх иаарымнахаанӡа инеимда-ааимдо "ишәаҳәоит", иҷыжьҷыжьуеит, иҵырҵыруеит, иҵәааҵәаауеит. Рыбжьы рацәа улымҳа ҵнахаауама шуҳәо иаалырҟьаны иааҭгылоит, нас ҳамҭак ашьҭахь еиҭаналагахуеит. Арашәыгақәа акыр иҟәазуп, роура 7 сантиметрак инаӡоит. Рыбжьы зладырго аӷәаӷә ҷыдақәа рымгәацәа хәыҷы иаҵоуп. Акакан ашәра ианаҿу араҵлақәа ирықәтәангьы иҵырҵыруеит, абжьааԥны дара зынӡа улаԥш иҵашәом, ашәаԥыџьаԥ иалаӡуп. Арашәыга абжьыуатәи, бзыԥтәи адиалектқәа ирзеиԥшуп, (уаанӡа бзыԥаа ирҳәон "арасәы́га" ҳәа). Ажәар аҿы иаабоит хԥа-ԥшьба хьӡы змоу амаҵақәагьы, иаҳҳәап: 🦗 А́рҵу, ака́ԥа, акау́л, акатма́ҷ — кузнечик; Аҟəара́рҵу, ма аха́ҳəрҵу — кобылка; Аҽаҩра́рҵу — полевой сверчок; Аԥра́с, аӡахы́баа(ҩ), на́нҳәахӡы, на́нҳәа(хәы)мпыл, амаҭхса́, аӡҭа́с — стрекоза. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Mostrar todo...
IMG_7029.MP44.34 MB
👍 12 3
Зхаҵа ажәабжь ушьҭнахуа, зыхьӡ камшәо, ԥсра зқәым аҵеицәа гәымшәақәа рыла ибеиоуп Аԥсны, дара рыла иагьҿыхуп Аԥсны. Арҭ амшқәа рзы иаҳгәалаҳаршәоит аԥсыҭбара рацәа зцыз, аха инагӡаз, Аиааиразы иеиҭасымҭахаз Ԥхынгәымзатәи ажәылара. 1993 шықәса, ԥхынгәы 2 рзы ҵхла аԥсуаа рыҷкәынцәа Гәымсҭа ирны ҩаԥхьа Аҟәа ахақәиҭразы иеихеит. Иара уи ауха хышәҩык аибашьцәа Гәдоуҭантә шхәала абџьари аџьаԥҳани рыманы Тамшь иӡхыҵит. Хымш рцымхәарас мчыбжьык Очамчыреи Аҟәеи еимаздоз амҩаду ркын, аӷа иҽизмырӷәӷәарц. Амза 2-9 рыбжьара мрагыларахь хацәнамырхала ицоз аибашьра иалҵшәаны Лабра, Тамшь агәы, Ануаа-рхәы ҭарцәын. Мраҭашәарахь ҳархәҭақәа хаԥсыра баны, қәаршыҩҵас иааиуаз ахымца иаҿагыланы, ақәаршыҩ ахаҭагьы ицәгыланы иеибашьуан. Мышқәак рыла аԥсуаа рнапаҿы иааргеит Аҟәатәи ГЕС, Каман, Гәыма. Зынӡа аҩ-фронтк рҿы ԥхынгәымзазы иҭахеит 400-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны ахьчаҩцәа, (аӷа иҭаз ааха ҩынтә-хынтә еиҳан). Хашҭра рықәымзааит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз зегьы!
Ҳадгьыл иалашәҵеит шәшьа, Ҳажәҩан иалашәҵеит шәыԥсы, Дгьыли-жәҩаны ыҟанаҵ Иҟаларц Аԥсны!
Борис Гәыргәлиа • Тамшьтәи адесант иалахәыз ргәалашәарақәа шәрыԥхьар шәылшоит абра>> • Алада Ешыра идырны аԥсра иазцоз агәыԥ ирызку анҵамҭа — абра>> • Ԥхынгәымзатәи ажәылара ахроникеи аҵаки>> 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Mostrar todo...
Аибашьра алҵшәа зыӡбаз: 1993 шықәсазы Ииультәи аоперациа

Ииультәи ажәыларатә операциа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алҵшәа зыӡбаз акәхеит. Акымкәа иманшәаламхаз аоперациақәа рышьҭахь, аԥсуа архәҭақәа даҽазнык ижәылеит ақырҭқәа ирымпыҵархалаз адгьылқәа рхақәиҭтәразы.

🙏 4🤯 1
Photo unavailableShow in Telegram
Аԥсуааи ашәуааи еицаҳзеиԥшу ажәаԥҟақәак • Ауаҩытәыҩса дыбзоуп, аус ԥсуп. • Иуҳәаанӡа иҳасаб, иануҳәа инагӡа. • Ухәыцны уцәажәа, унаԥшы-ааԥшны утәа. • Мазара аҳроуп. • Аӡәы имазара уақәымгәыӷын. • Иумоу ҟәнумшьан. • Угәы иҭоу ухы-уҿы иаана́хәоит. • Уаӷа амҩа аниуҭа — умҩада-еимаадахоит. • Гәи-шьамхи ажәуам. • Асас асыс еиԥш дҟасоуп. (Асаси асыси) 📖 Аҟа́са — важный; смиренный, спокойный Иҵегь аинтерес зҵоу аҿырԥштәқәа ааигоит аҵарауаҩ Михаил Џьергьениа абри истатиаҿы>> #ажәаԥҟақәа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Mostrar todo...
👍 12 3
Elige un Plan Diferente

Tu plan actual sólo permite el análisis de 5 canales. Para obtener más, elige otro plan.