Sputnik Аԥсны
前往频道在 Telegram
Ажәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
显示更多569
订阅者
无数据24 小时
+17 天
+1030 天
帖子存档
Аӡәы дҭахеит, 13-ҩык аахақәа роуит Ростов-Донтәи иҟаз амшцәгьа иахҟьаны иҳәеит ақалақь ахада Александр Скриабин.
Иацы ақалақь аҟны аԥшатлакәи ақәаршҩи ыҟан. Амҩадуқәа аӡы рыҵалеит, аԥша ахыбқәа хнашәеит, аҵлақәа каҳаит, ауааԥсыра рыхәҭак ӡыда, фымцалашарада иаанхеит. Алада Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ибжьысуа адәыӷбақәа аанкылоуп.
Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа ирыцҵоуп.
Repost from Ахьыуардын
Ашәҟәыҩҩцәа ражәа хьыршәыгәқәа 📚
"Абаҳчаҿы арасамахә катката, аҩнаҭаҿы — аԥҳәызба еихышәашәа".
Владимир Басариа"Аҳҭны-мца ҭбаазаргьы уарԥхом, лаӷырӡуп, аԥацха-мца маҷзаргьы иԥхоуп, иразуп".
Баграт Шьынқәба"Аԥсуа иаҳаҭыр уахыкәласыр аҵкыс душьыр еиӷьишьоит".
Иван Ҭарба"Аԥсуаа знызаҵәык ауп ауаҩы ииухьоу ацәгьара анианарыжьуа — данԥслак!.."
Алықьса Џьниа🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 133 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Курсктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Смоленсктәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион,
Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Амшын еиқәа ақәыԥшылараҿы.
Аҳәызба ахьӡ ахьуԥыло аԥсуа жәаԥҟақәоуп шрацәамгьы, аҵакы ҵаула рымоуп. Иаагозар: "Аҳәызба бзиеиԥш, аҭыԥҳа бзиагьы дшәарҭоуп, дуцәыргоит", "Аҳәызба ахьыҟаз ацә ргон", "Ҳәызба уаара кәац нырҵәагоуп".
Хықәкыла иуҳәозар, аҳәызба "аԥҳәыс уси", "ахаҵа уси" ҳәа еилых ҟамҵакәа, иахьурхалакгьы имаҭәахәуп.
"Аҳәызба уцәыӡызшәа ԥхыӡ иубазар": аҳәызба аритуалқәеи аԥхыӡқәеи рҿы — шәаԥхьарц ишәыдаагалоит.
#social
Апроект "Жәлар рсцена — Лабҿаба" аҩбатәи аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит ԥхынгәы 24 рзы Аҟәа.
Уи аихшьаалақәа рыла, аҩбатәи атур ахь аноминациа "арҳәагақәа" аҿы ԥшьҩык алахәылацәа алкаан, "апоезиеи астендапи" — хҩык, "ашәаҳәара" — 14-ҩык.
Аицлабра цәыббрамзанӡа имҩаԥыслоит, афинал аконцерт ду ала ихыркәшахоит.
🖇 Апроект" Жәлар рсцена — Лабҿаба" нарыгӡоит Аԥсны ахадеи акультура аминистрреи, иара убас акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада Ифонди апродиусертә центр "Интеграциеи" адгыларала.
Урыстәылатәи Акино афонд ацхыраарала Аԥсны ақыҭақәа рҿы акинозалқәа раартра азгәаҭоуп.
Акинематографиа азҵаарақәа рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Аинар Лабахәуа иажәақәа рыла, акинозалқәа шәагаала ақалақьқәа рҿы иҟоу аасҭа еиҵахоит.
"Ашықәс анҵәамҭазы ҳколлегацәа ҳзаауеит, дареи ҳареи ақыҭақәа ҳрылсуеит, уи еиҳа иахьеиӷьу, еиҳа аҭаххара ахьыҟало, еиҳа ауаа ахьынхо алҳкаауеит", — иҳәеит иара.
Урыстәылатәи Акино афонди, иара убас Аԥсни Урыстәылеи ркультура аминистррақәеи рыцхыраарала ареспубликаҿы аус руеит ҧшь-кинотеатрк — Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, Мачара.
2027 шықәсазы Аҧсны ақалақьқәа рҟны акинозал ҿыцқәа раартра ргәы иҭоуп.
Аԥсны адәахьтәи акультуреи аспорти аҿиара уажәоуп ианалаго иҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Идрис Кара-Осман-оӷлы.
"Аԥсны даара абаҩхатәра злоу аҿар рацәоуп. Аскеитбординг, апаркур — абарҭ зегьы зҽазыҟаҵара зылшо ыҟоуп Аԥсны, аха амҽхак амаӡам. Уи адагьы, доусы ирышьашәало атехникатә база рхианы иҟаӡам Аԥсны. Асовет мчра аныҟаз адәахьтәи спорт аҟны абаҩхатәра змаз алыркаауан, анаҩс аклассикатә спорт иаларгалон", — иҳәеит иара.
Кара-Осман-оӷлы иажәақәа рыла, адәахьтәи акультуреи аспорти Аԥсны арҿиаразы агәаҳәара зауа зегьы Аҳәынҭспортеилакы адгылара рынаҭоит.
🖇 Аԥсны адәахьтәи акультуреи аспорти рхаҭарнакцәа жәларбжьаратәи аицлабра-премиа "КАРДО" рхы аладырхәыр рылшоит. Аицлабра мҩаԥгахоит 13 хырхарҭа рыла, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: аскеитбординг, апаркур, воркаут, адиџьеинг, ареп, аграффити, бреик-данс уҳәа егьырҭгьы. Аицлабра аиҿкааҩ-аплатформа: "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла".
Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.
#social
2027 шықәсазы Аҧсны ақалақьқәа рҟны
акинозал ҿыцқәа раартра ргәы иҭоуп.
Урҭ аатуеит Пицунда, Афон ҿыц, Агәыӡера, Очамчыра, Гал. Абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит акинематографиа азҵаарақәа рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Аинар Лабахәуа.
Иара иажәақәа рыла, иаарту акинозалқәа ирҭаахьеит 12 нызқьҩык. Урыстәылатәи Акино афонди, иара убас Аԥсни Урыстәылеи ркультура аминистррақәеи рыцхыраарала ареспубликаҿы аус руеит ҧшь-кинотеатрк — Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, Мачара.
"Арҭ акинозалқәа русура ҳҿар, ҳасасцәа, ҳреспублика ауааԥсыра рыԥсшьара хкы арҭбаара алдыршоит", — азгәеиҭеит Лабахәуа.
Аԥснытәи аҽааӡаҩ Иури Хагәышь иҽы Аԥсны Инцитатус Краснодартәи аҳамҭа ду Дерби аҟны аиааира агеит.
Иара 2 минуҭки 34,8 секунди рыла аԥхьа иааит 2400 метра иҟаз аиԥхныҩлараҿы хышықәса зхыҵуа англыз шьацқьа злоу аҽыҩқәа рыбжьара.
Абри атәы аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Ааҩык ҭахеит, урҭ рахьтә ҩыџьа ахәыҷқәа Запорожиатәи аобласт аҿы иҟоу аԥсшьарҭа УкрА ажәылара иахҟьаны.
Даҽа 14-ҩык ахәрақәа роуит, урҭ рахьтә хҩык хәыҷқәоуп.
Урыстәыла Аусеилыргаратә еилакы атеракт азы ашьаус хацнаркит.
"Иԥсхьоу аӡәы ԥхыӡла дуҿасыр бзиоуп, имчра зегьы уара иуиҭоит" рҳәоит аԥсуаа.
Ахәлара аԥсахуеит ашара, еҵәак анкыдло, еҵәак кашәоит - ус ишьақәгылеит аԥсҭазаара ахаҭа "аира иацааиуеит аԥсра".
Аԥсра ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи рҿы ишаарԥшу шәаԥхьарц ҟалоит Sputnik асаит аҟны.
#social
2026 шықәса фымз рыҩнуҵҟа аԥсыҭбарақәа зцыз амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара еиҵахеит ҵыԥхтәи арбагақәа ирҿырԥшны, абри атәы иҳәеит Аҧсны ААР аштаб аиҳабы Денис Ҭаниа.
Амашәырқәа ирыхҟьаны сынтәа иҭахеит 17-ҩык, 2025 шықәсазы-20-ҩык. Ааха зауз рхыԥхьаӡара 72 инаркны 68 рҟынӡа еиҵахеит.
"Амҩатә машәырқәа рыхкқәа рыбжьара раԥхьа игылоуп амашьынақәа рааихара, урҭ 22 хҭыс ыҟоуп. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп аԥынгыла аахара", — азгәеиҭеит Ҭаниа.
Иара иазгәеиҭеит аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны ишаарԥшу 28 155 амҩатә ԥҟарақәа реилагара. Амашәырқәа зыхҟьо амзызқәа — амашьына арццакреи арныҟәцаҩцәа рымҩа ианыҵны егьи ацәаҳәа рнылареи роуп.
Денис Ҭаниа еиҭеиҳәеит ашықәс азбжазы Аԥсны амашьынақәа рхыԥхьаӡара 4 738 цыра рыла ишеизҳаз. Зынӡа ареспубликаҿы ашәҟәы иҭагалоуп 84 349 атранспорттә хархәагақәа.
240 млн мааҭ инареиҳаны Урыстәыла атранспорт аминистрра хышықәса рыҩнуҵҟа Аҟәантәи Шәачаҟа амшынтә мҩангарақәа рзы асубсидиа ҳасабала инанашьҭуеит.
Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура аминистр Андреи Никитини атәыла ахада Бадра Гәынбеи реиԥылара аихшьаалақәа рыла.
"Шәачеи Аҟәеи рыбжьара амшынтә пассаџьыртә еимадара шьақәыргылоуп, имҩасуеит 120м Акомета "Павел Попович". Иааиуа хышықәса рыҩнуҵаҟа амҩангаразы иҟоу ахәԥсақәа реиқәырхаразы есышықәса 80,8 млн мааҭ рҟынӡа асубсидиа рыҭара азгәаҭоуп", — аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Аус адырулоит автобустә маршрут ҿыцқәа ҩба — Черқьесски Шәачеи рҟынтәи, иара убас Аԥсни ЛЖәР-и ДЖәР-и рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа амаршрутқәа быжьба бжьоуп.
Атранспорт аминистрра ишаанацҳауа ала, алҵшәа аман "Иаку абилеҭ" асистема. Ҵыԥх уи рхы иадырхәеит 5 нызқьҩык инареиҳаны.
🖇 Аӷба "Акосмонавт Павел Попович" аԥышәаратә реис мҩаԥысит нанҳәамза 6 2025 шықәсазы. "Комета" 32 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааит.
Сынтәа "Комета" Шәачантәи Аҟәаҟа иааит лаҵара 15 рзы. Есымчыбжьа – аҩашеи ахәашеи рзы иазгәаҭоуп ареисқәа ҩба рымҩаԥгара.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 328 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Кировтәи, Курсктәи, Липецктәи, Нижегородтәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Самаратәи, Саратовтәи, Тулатәи, Улиановтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион,
Краснодартәи атәылаҿацә, Чувашиа, Ареспублика Марии Ел, Башкортосҭан, Калмыкиа, Ҟрым, Азовтәи амшын ақәыԥшылара рҿы.
⚡Аԥсны лашарада иаанхеит.
ЕгрыГЕС аусура аиҧҟьара
иахҟьеит ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.
Афымцамч аиура аиҭашьақәыргыларазы ауурақәа цоит.
Ахыжәлақәа ираԥхьагылақәоу иреиуоуп алаҳарҩа.
Аԥсуаа асас данырзааилак ихәы дырмазеиаанӡа, аишәа иқәдыргылон ажьаӷь уаткеи ахыжәлақәеи.
Ахыжәлақәа ҳәа иԥхьаӡоуп: аџьынџьыхәа, аҵәарҩа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа, араса, акакан, ахьа уҳәа. Алаҳарҩа — хәыҷи дуи зегьы бзиа еицырбо ахыжәлақәа ирхыԥхьаӡалоуп, иахьагьы уи знапы алаку рацәаҩуп.
Алаҳа ацәа аахырҵәрааны, иаарҟәыцны еиладыршуеит, акыр ианыжәпахалак, иааиҵыхны аӷәы цқьа инықәҭәаны, амра ицәҵаны инарҳәы-аарҳәуа идырҩоит. Анаҩс аӷәы иаақәхны, еиларҳәны ирҵәахуеит.
Иара убас, алаҳа иалхны ашәыреиларш ҟарҵоит. Аилыршреи арҩареи рыдагьы алаҳа ааӡәӡәаны ишеибгоу, ацәа шамоу ма ирыцқьаны иуфар ҟалоит.
#social
Аԥсны Ауаажәларратә палата абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьаӡа акәны Ауаажәларратә палата "Ҳаҭыр зқәу алахәыла" ҳәа ахьӡ азы аԥҟара шьақәнарӷәӷәеит.
Апалата ҳаҭыр зқәу раԥхьатәи алахәылацәас иалхуп Наҭелла Акаба, Сократ Џьынџьал, Лиудмила Лолуа.
Аҿыцлагала инақәыршәаны, ахьӡ ранашьахоит Апалата уаанӡатәи алахәылацәа активла, акраамҭатәи русуразы ҳәа аанацҳаит ОП апресс-маҵзура.
АП ҳаҭыр зқәу алахәыла абжьгаратә зин иманы Апалата аилатәарақәеи аусбарҭақәа русуреи ихы рылаирхәыр илшоит.
Алиас Аҩӡба аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ҿыцс дҟаҵоуп.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Уаанӡа ари амаҵура дахагылан Лев Кәыҵниа, уи Урыстәыла арегион ҿыцқәа — ДЖӘР, ЛЖӘР, Запорожиатәии Херсонтәии аобластқәа аус рыцуразы Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда инапынҵақәа наигӡалоит.
Лев Кәыҵниа аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Бадра Гәынба аусԥҟа инапы аҵаиҩит инашьҭыз арзаҳал шьаҭас иҟаҵаны.
Лев Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәа — ДЖәР, ЛЖәР, Запорожиатәии Херсонтәии аобластқәа аус рыцуразы Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда инапынҵақәа наигӡалоит.
